Урҭ иреиуазар акәхап, аџьабаа зымбац, имарианы зегь зыцааиуа, зыҩны, згәара мазеины иҟоу, зхәыҷқәа ырцәыцәны иааӡоу. Џьара иӷәӷәоу, ицәгьоу ус хьанҭарак иақәшәаргьы рҿыхшьа здыруа. Урҭ рҩызцәа аҿырԥштәқәа анкьагьы иҟан, иахьа уажәраанӡагь ана, ара ажәакала иахьабалак иубаратәы иҟоуп. Газеҭла, телефонла, ма ателерадиодырраҭарақәа рылагьы иануаҳауа ыҟоуп.
Иара уи адагьы, нас ажәлар ҳрылоуп, аусҳәарҭақәа, аколлективқәха рҿы аус ҳуеит, аӡәы иӡаргьы, ҽаӡәы илымҳа аҿы инеиуеит.
Сара сыззааиуа ахҭысқәа, даара сгәы сзырхьқәо ракәны схаҿы иаанхеит.
Қәрала уи аҟарагьы смаҷӡам шьҭа, 70 ш. снарҭысхьеит. Раԥхьаӡа акәны ателефон – уажә зегь рзын иблахкыгоу, имодоу – сыбла иабеит аибашьра ашьҭахь 95-96 шықәсқәа раан. Иара ахаҭа сымамызт, аха избон аҿар ишныҟәыргоз, рлымҳа иадҵаны ишцәажәоз, уи аинтерес саргьы исзаҵан хымԥада. Нас хәыҷы-хәыҷла аус ахьызуаз исоуаз ауалафахәы сааиҷаҳан, иаасхәартә еиԥш аҭагылазаашьа соуит. Уи «Nokia» ҳәа изышьҭаз акәын, аиапонеццәа рфирма иҭнажьыз, ихәыҷын, сара исызхон.
Актәи ахҭыс. Ҽнак зны амаршрутка ала аусура сышцоз, Аҳабла Ҿыц ахаҵәирҭаҿ дҭалеит ҷкәына наӡа-ааӡак. Ашьҭахь аҭыԥқәа рацәан, аха иара иалхны имазшәа, дааины сышьҭахь днатәеит. Сара усгьы, сусура убас иҟоуп, ес-минуҭ ауаа сзасуеит, дареи сареи аимадара ҳабжьоуп. Иасуаз ииҭахыз ааилыскаан, скуртка аџьыба инҭасыршәт.
Илаԥш иҵашәазар акәхап, дҳәар-ԥсаруа сџьыба дынҭалт. Иааҭиган данындәықәлоз снаимпыҵасын иааимысхит.Иоура ҩызӡа, илацәақәа ҟәыс-ҟәысуа, ииҳәо-ииуа дақәымшәо саԥхьа дгылан. «Соушәыжь, соушәыжь сҭыҵуеит» – иҳәахт. Дҭымҵыр дабацоз, саниқәцәҟьа иҟаиҵара изымдыруа даанхеит, итәазгьы неихәаԥшы-ааихәаԥшит. Аԥсра имоундаз зҳәақәазгьы ҟалеит. Ашьҭахь излеилыскааз ала, «Колос» ҳәа иахьашьҭоу аҭыԥ аҿы дынхоит, иан ида уаҩ длымаӡам, абас дӷьычуа-дқәычуа дгәароуп, рҳәеит. Ашьҭахьгьы дызбақәахьан, усҟан сгәы сҽанысҵон. Иара усгьы изанааҭ уи акәын, дауаҟәыҵхуаз. Аҳәа акакан зҿыҵаку уашьҭалар иузамхуама…
Уи ателефон 4-5-ҟа шықәса иныҟ́ызгон. Нас сашьа ԥсаҭалашеи сареи ҳамшира аан, ҳҩызцәа ашкол иҳацалгақәаз иааибыҳәаны иаҳзаархәеит еиԥшны иссирыз ателефонқәа. Уигьы акыр аамҭа исыман, сашьцылахьан, сусураҿы ицхыраагӡаны избон. Уажә аҿар ирку аҩыза еиуамызт, афункциақәа рацәаны иамамызт, аха сусқәа аланасыгӡалон.
Хәыҷы-хәыҷы аамҭа цацыԥхьаӡа, нас ауаҩы иҭахрақәа иаҳа-аҳа ирыцлоит. Укәша-мыкәша иҟоу, убла ианабалак узвымсуа, иҿыцу аинтерес зҵоу аформақәа рахь уианагозар акәхап. Убас иҟалеит ари ателефон аинтересгьы.
Ахәыҷқәа исарҳәеит: «Папа, икажь абри утелефон, ари уажәшьҭа иажәит, ҳара даҽак уаҳҭоит, иҷаԥшьӡа зегь сахьаркны изну». Хыхьгьы ҵаҟагьы уақәыӷәӷәар, ахарзаманқәа узырбо телефонк ааганы иаасдыркит. Аиаша шәҭахызар, егьи аҩбатәи иаҳа сгәы азыбылуан, избан акәзар ихәыҷын, сџьыба инҭасҵон, ма смаҟа иаадысҳәалон аҭра хәыҷы инҭаҵаны, аха арҭ ас анырҳәа, мап сзымкит. Ари иаҳа идууп, сџьыба иҭасҵар иалыԥшуан, амала афункциақәа рацәаны иахьамаз азын акыр исыхәошәагьы избеит. Хәыҷыкгьы алашьцылара сцәыуадаҩхеит, иара иахьагьы ишақәнаго исзымҵацт, аиаша уҳәар еиҳа еиӷьми.
Еиҭа хҭыск. Уи автобус аҿоуп иахьыҟалаз. Аџьармыкьахь саауан ааигәа-сигәа аус зурц азын. Сзанааҭ иаҵанакуеит асчиотчикқәа алашара зыԥхьаӡо ргәаҭара, урҭ апломб раархара, реибыҭара иаҭаху аусхкқәа. Хыхь исҳәон еиԥш, уажәы-уажәы ауаа анысзаслак, убри аҩыза аҭагылазаашьа уақәдыршәоит, уахьыҟоу узымдыруа. Зегьы рыгәшәа-мшәа аҟаҵара цәгьоуп. Убас иҟаз ԥҳәыс патисанк дышсацәажәоз, лнервқәа хацалан лызхара анылҳәа ашьҭахь, стелефон ишакәым сџьыба иҭасҵазар акәхап, сахьтәаз исызгәамҭаӡакәан иҭшәан уа иаанхеит. Сцеит аусура исымаз адрес ала, аха уаҳа умԥсит, лара аԥшәма лахь сасыр сҭахуп, сџьыба сынҭалазар, иабаҟоу стелефон, иубар иаахә, снеилыууаа сцеит, аха иҟасҵои? Аҷкәын еиҵбы иахь сасит. Абааԥсы, исыхьыз абригь-абригь ауп ҳәа. «Папа, умшәан, уи хара иҳашьҭуам, иҳаԥшаауеит» – иҳәан, сгәы ааирӷәӷәеит. Саазгоз автобус иақәтәоу ус харантәыла дыздыруан, ареис нагӡаны даанӡа сизыԥшит, аха «сара сахь акагьы мааит» иҳәеит. Наҟ снаиԥырҵит. Схы сгәырҩо, аџьармыкьа аԥхьа автобусқәа раанҿасырҭаҿ сышгылаз збаз ауаа сыздыруаз исазҵаақәазгьы ҟалеит иухьзеи-егьизеи ҳәа. Исыхьыз зрасымҳәозеи, имаӡазма, абас сеиԥхьыттара ауп изыхҟьаз сҳәеит. Шьоукгьы иааигәаны ирыдыркылеит, уи уԥшаауеит хымԥада ҳәа сгәы аадырӷәӷәеит.
Ԥыҭрак ашьҭахь аҷкәын дысзасит: «Утелефон аузбек ибан, инаган убра аџьармыкьа аԥхьа «Аквафон» ҳәа игылоу абудкаҿы инижьит, унеины ига». Алашә ииҭаху ҩ-блакы ҳәа саргьы сааигәырӷьан, амала сара уантәи џьара сцахьан, иадыркаанӡа сызнеиуазар ҳәа атакси аашьҭысхын ахыуҳәа иахьсарҳәаз аҭыԥ аҿы сааит. Сыхьӡ-сыжәла сылмырҳәакәан исылымҭеит уа аус зуаз аӡӷабгьы, аҟазшьа бзиа змаз аӡә лакәхарын, аҟәрышьгьы лыдызгалеит, аха илымгеит. Иара зыԥшааз иакәын пату зықәҵатәыз, аха уи егьаџьара дцахьан. Урҭ уаа ԥсылманқәоуп, аӡә итәы иашьҭаӡам сара сгәы изласанаҳәаз ала. Сзызхәыцуаз уи акәын: «Ӷьычҩык имԥыхьашәазҭгьы избозма».
Сажәабжьқәа хәыҷык игәырҿыӷьгақәазаргьы, макьана исымоуп сзыхцәажәаша иара абри ателефон ахьӡ ала. Ақалақь аҟны дыжәбахьоума ателефон зкым аӡәы. Дыԥҳәысума, дхаҵоума, дыҷкәыноума, дыӡӷабума, амашьына аԥсҟы рызнапык ала икны. Егьи рлымҳа иадҵаны ави-си ҳәа ақалақь агәҭа еилаҩ-еиласуа иалоуп. Абзиара сҳәааит, са стәқәагьы убра иналаҵаны, аӡә игәы инамырхьыртә азоуп изысҳәо. Аԥҟарақәа рацәаны иаҳдыруеит, аха инаҳагӡом ауп рыцҳарас иҟоу. Ари ателефон атема, ус машәыршақә ицәырсымгаӡеит, схаҭагьы уаанӡа исҳәон еиԥш, салашьцылаанӡа хырхарҭас иамаз сзеилкаауамызт. Убас акәхап адунеи иқәу ауаатәыҩса зегьы ишеилыркаауа. Аԥсҭазаараҟны зыда ԥсыхәа амамкәа хәарҭара зуа ак акәны иҟалеит. Уи аҭоурых ибзианы еилызкаауа, ахархәарагьы азызуа аспециалистцәа ыҟоуп ирацәаҩны. Аха ҳара ииашаны азнеишьа шҳамоу ауп хра злоу.
Ателефон арӡра уаҳа инымҵәеит сара сзы, аха уажә ишәыдызгало, уи зынӡаск даҽа темоуп, шәлымҳаҿ исызнагар сгәы сырҭынчуеит.
Аԥхын аԥсшьацәа рацәаны ианыҟаз ауп, аусура ҳәа сдәықәлеит, авторбус аанҿасырҭаҿ сааихьан. Еиҭа аҭалаха сахьымгӡакәа ателефон исзасит, автобус ашәқәа аҩбагьы аатит, аха иаҳа иахьмаҷыз ашьҭахьтәи ашә ала сынҭалеит. Уаҟа ауаа рацәаны еилагылан, еиҳарак аҿар ракәын. Ҳазхара ҳзымеицәажәаӡаќәа стелефон ссумка иҭасҵеит, аха азмеика сзамыркит. Ари гәазҭаз сааигәара дгылазаарын, амаршәа икын иааҭигеит. Сара ани сзацәажәоз иахь амҩа сықәлеит, уажәымзар-уажәа снеип, ацхыраара исҭап, алашара изыҟасҵап ҳәа. Аҭыԥ аҿы санааи сааҭгылан сиацәажәап, иарбан етажу дахьынхо еилыскаап ҳәа, ссумка аџьыба сынҭалазар иҟаӡам ателефон. Исгәалашәеит хыма-ԥсыма асумка ишҭасҵаз. Уахьгьы сеимдеит, анс сҳәеит, арс сҳәеит, аха… Иӡит, иҟаӡам ателафон.
Абыржәы акәҵәҟьоуп зынӡа ианысхабгаз сҳәан, еиҭа сгәырҩо схы кны адәаҟны сгылоуп иҟасҵара сзымдыруа.
Арахь ауаҩы лашарада дтәоуп, сара дысзыԥшуп. Анаџьалбеит, аҩны инсыжьрызу ҳәагьы саазхәыцит, уи аамҭазы ухы иҭамло иҟоузеи? Схынҳәны сааит аҩныҟа, араҟагьы иҟам. Сеиҭадәықә́леит сахьцо сзымдыруа. Избан акәзар, уа иҭаҩу сашәақәа, инагӡам ыҟоуп, урҭ рҭыԥ иқәҵаӡам, садресқәа, ауа-аҭынха, ажәакала аинформациа рацәаӡаны иҭоуп, смаҭацәа рфотоқәа, авидео, зегьы еидысхәыцлан зынӡаск сеилагар ҳәагьы сшәеит. Абраҟа акәхап ҳәа иахьысгәахәуаз ани алашара змамыз иҟны ашә сасын, ԥҳәыск иаалыртит. Еиқәылашьца ит́әан.
Абааԥсы, саҭашәымҵан, сзыниаз абригь-абригь ауп, стелефон автобус аҿы ирӷьычит сҳәан, сеилыркаан иаразнак «даваите позвоним вашим родственникам, сообшим о случившемся» лҳәеит. Иаалымысхын еиҭа сизасит аҷкәын, абыржәы ауп ианысхабгаӡа, усыцхраароуп сҳәеит. Иаргьы дгәамҵ-хамҵуа заҟантә иуцәыӡхьои, ишԥаузааури иҳәеит.
Аха сиҟәаҵуамызт, ииулакгьы џьара хырхарҭак аиҭар акәын. Зыҟны снеиз, алашара аҟаҵара азыҳәан даҽаӡә дырзысыԥшаан, снарԥырҵит.
Амҩан издыруаз аӡә даасықәшәан, аԥсшәа анеибаҳҳәа, уи аҩыза саргьы исыхьхьан иҳәеит шықәсқәак рышьҭахь. СГБ ҳәа иҟоу аорган ахь адырра руҭар иузырԥшаауеит, амала уааԥшыроуп шықәсыбжак иҳәеит. Ари исеиҳәаз ахәыҷы ианиасҳәа, папа уеилагама, иаҳагьы иԥхасҭаутәуеит, утелефон зынӡа ибжьадырӡуеит иҳәеит.
Ателефон аҩныҵҟа иамазаап, убри аҩыза асистема кодла иара ахьыҟоу аҭыԥ аҿы иуԥшааратәы. Дасуа, дасуа еиликааит ааигәа ишыҟаз. Аетажқәа дхало-дылбаауа ҩнык аҿы, ҳахьынхо иазааигәароуп иара, ашә даннадгыла абжьы иаҳа иӷәӷәаны агара иалагеит. Уажәшьҭа ииашаҵәҟьаны ателефон ахьыҟаз ашә днадгылт. Дасит, дасит, аха ашә аӡәгьы иааиртӡом. Агәылацәагьы дразҵааит, аха уи аҟара еиқәшәоу уаҩӡам, иеилкаарагьы цәгьоуп ҳәа иарҳәеит. Аха нас, агәыла бзиак дҳамоуп, еилҟьак иоуп, убри ила аусқәа ааҟаҳҵан, ателефон абригь-абригь аҭыԥ аҿы иҟоуп, шьыбжьышьҭахь апарк аҿы шәааи, ишәоуеит ҳәа адырра ирҭеит ахәыҷы.
Аамҭа иақәыршәан дахьнеиз, 4-ҩык роума аҷкәынцәа ршьамхы ихықәтәалан иштәаз днарыхҭыгәлеит. Ҳҿар усгьы уи ҟазшьа бааԥсны ирымоуп, ршьамхы ихықәтәалан ауп ишеицәажәо, аусқәа шеилдырго, ма ишырыӡбо. Ихьӡ ааиҳәан, абригь-абригь шәыуа дарбану ҳәа, сара соуп ҳәа аӡә́ даарылҵит. Аха дхахаӡа, ахәшә иннарҵәахьоу аӡә шиакәыз удырратә иҟан. Амала ианииҭоз ус иҳәазаап: «Уара уаб уаҳа еиӷьыз ателефон имԥыхьамшәаӡеи, ари телефонума» ҳәа. Аҷкәынгьы уаҳа илац́әажәара иҭахымхеит. Избан акәзар, уи аӷьычра ада акы ззымдыруа, аламыс зцәыӡхьоу аӡә иакәын.
Абас иҟалеит акырынтә исцәыӡхьо стелефон аԥшаара.
Илларион Гьерхьелиа́