Раԥхьатәи Ахада Иқәҵарала

Ашәахтәқәеи аизгақәеи Рминисттра аусзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәа иалагеит Аҟәа, 1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз рбаҟа амҵан ашәқәа рышьҭаҵарала.

Аминистрра аџьатә коллектив дрыдныҳәалеит аминистр инапынҵақәа назыгӡо Михаил Габелиа. Иҩызцәеи ашәахтә маҵзура аветеранцәеи рахь ихы нарханы, уи инаҵшьны иазгәеиҭеит ашәахтә усҳәарҭа аҳәынҭқарра акырӡа зҵазкуа аинститутқәа ируакны ишыҟоу.
–Абар 31 шықәса ҵит аҳәынҭқарра агәра ганы анапы ианнаҵаз ахыдҵақәа нанагӡоижьҭеи ашәахтә маҵзура. Есышықәса ашәахтәқәеи ашәатәқәеи рылхра иацлоит, ус анакәха, атәыла афинанстә ҭышәынтәалараҿы шәара шәлагаламҭагьы иазҳауеит. Ҳара ҳзы ҳаҭыр дууп ашәахтә маҵзура аинспекторцәеи аусзуҩцәеи рыхьӡ ҳаракы аныҟәгара, избанзар ҳара ҳус ҳҳәынҭқарра қәыԥш арҿиара ашҟа анырра ҟанаҵоит, – иазгәеиҭеит иара.
Анаҩсан аусҳәарҭа аусзуҩцәа акласстә чынқәа рыхҵан, ирыҭан аҳаҭыртә шәҟәқәа.
1994 шықәса апрель 14 азы Владислав Григори-иԥа Арӡынба инапы аҵаиҩит «Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәахтә маҵзуразы» Азакәан амч аҭаны алагалашьазы» Иреиҳаӡоу Асовет ақәҵара. Абри арыцхә Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәахтә маҵзура иамшны иҟоуп. Уи 2002 шықәса деабр азы Ахада Иусԥҟала ашәахтәқәеи аизгақәеи Рминистрра ҳәа еиҭакын.
«Аԥсны аныҳәатә, агәалашәаратә мшқәа рзы» 1995 шықәса ианвар 5 азы Азакәан инақәыршәаны, апрель 14 ԥхьаӡоуп ныҳәатә усура мшны – ашәахтә усбарҭақәа русзуҩ Имшны.
Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи Рминистрра шьақәгылоуп аминистрра аппарат хадеи араионқәа зегьы рҟны ашәахтә инспекциақәеи рыла. Аппарат хада есымшатәи аусура мҩаԥыргоит аусбарҭақәа 12. Иахьазы Аминистраҿы аус руеит 200-ҩык инареиҳаны. Урҭ рахьтә 53-ҩык Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иалахәқәаз роуп, 9-ҩык иранашьоуп аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me