Ахәаԥшцәа ззыԥшу

Е.У. Бебиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбль "Шьаратын" 55 шықәса ахыҵит.

1970 шықәса апрель 9 рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа аҟны имҩаԥысит ансамбль раԥхьатәи аконцерт.
Ансамбль аԥҵан Аҟәатәи акультуратә ҵаралашаратә ҵараиурҭа аҟны. Иналукааша ахореограф, раԥхьатәи асахьаркыратә напхгаҩы, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат Едуард Бебиа ихьӡ иузаҟәымҭхауа иадҳәалоуп ансамбль аҭоурых.
Аханатә еиԥш, ансамбль инанагӡо, аԥсуа кәашарақәа реиԥш, Кавказ ажәларқәа рыкәашарақәа ахәаԥшцәа ирылаҵәахьеит.
55 шықәса раахыс ансамбль «Шьараҭын» аҟазара ддырбахьеит адунеи акыр атәылақәа рҟны. Аԥсуа милаҭтә ҟазараҿы алагалазы, аҳәаанырцә уи аларҵәаразы «Шьараҭын» 1978 шықәсазы аҳәынҭқарратә ансамбль акәны ишьақәгылеит.
1980 шықәса октиабр 7 рзы Ансамбль асахьаркыратә напхгаҩы, абалетмеистр хада Едуард Бебиа ианашьан «Аԥсны жәлар рартист» ҳәа ахьӡ, «Шьараҭын» акәашаҩцәа рахьтә раԥхьаӡа акәны «Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы иаԥсахеит: Вахтанг Возба, Иулиа Бартосевич, Валери Ҭаниа, Вадим Хьециа, Лиана Возба, Алексеи Тарнаа.
«Шьараҭын» жәларбжьаратәи афестивальқәа рҟны зныкымкәа аԥхьахәқәа агахьеит. Тунис имҩаԥысуаз афольклортә кәашара ажәеизатәи Адунеизегьтәи афестиваль аҟны аԥхьахәқәа руак ааннакылеит, Москва имҩаԥысуаз аҿари астудентцәеи аҩбатәи Адунеизегьтәи рфестиваль адиплом анашьан, Ҭырқәтәылатәи ақалақь Самсун Жәларбжьаратәи афестиваль аҟны ԥшьынтә актәи аҭыԥ ааннакылахьеит, 2010 шықәсазы акәзар, Алада Кореиа имҩаԥгаз афестиваль-конкурс аҟны актәи аҭыԥ иаԥсахеит. Абас ирацәоуп излахәхахьоу, насгьы аԥхьахәқәа ахьанаршьахьоу афестивальқәа.
«Шьараҭын» артистцәа аҳәаанырцә рҟазара ддырбахьеит: Индиа, Шри-Ланка, Тунис еиԥш, Венгриа, Швециа, Франциа, Норвегиа, Финлиандиа, Алжир, Марокко уҳәа егьырҭ атәылақәа рҟны.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан (1992-1993) «Шьараҭын» акәашацәа рыбзоурала еиҿкаахеит абаталион «Шьараҭын». Анаҩс уи иалалеит егьырҭ Аԥсадгьыл ахьчаҩцәагьы маҷҩымкәа. Абаталион аҟнытә Аԥсадгьыл ахьчараан фырхаҵарала иҭахаз аибашьцәа маҷҩым. Урҭ рахьтә Руслан Кәлаа, Аркади Чачхалиа, Даур Акаба Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы рыхҵоуп.
1995 шықәсазы Аԥсны Раԥхьатәи Ахада В.Г. Арӡынба Иусԥҟала «Шьараҭын» Леон иорден анашьан. Ансамбль ихьӡ ахҵоуп уи раԥхьатәи аԥҵаҩы Е. У. Бебиа.
Иахьа ансамбль напхгара аиҭоит Аԥсны жәлар рартист абалетмеистр хада Руслан Едуард-иԥа Бебиа.

В. Баалоу

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me