Мшаҧы 26, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ҳԥеиԥш знапы иану

Ахәыҷы иааӡара, уи аҧсуаҵас ахымҩаҧгашьа илааӡара, ихатәы бызшәала аҷҷаҳәа дцәажәо, ижәлари иҧсадгьыли ргәыбылра, рыбзиабара иркра, зегь раҧхьа – аҩнаҭа, аҭаацәара рҟнытә ахы ыҵнахуеит. Аха уи еиҳа инарҵауланы, ихаҭәааны ахәыҷы иахьизнарго ахәыҷбаҳчеи ашколи рҿы ауп.

Хаҭала шьыжьы инаркны хәылбыҽханӡа ахәыҷы аамҭа ахьихиго ахәыҷбаҳчаҿы – ааӡаҩцәа уи иааӡараҿы, идырра аизырҳараҿы ирыбзоуроу рацәоуп.

Ааӡаҩ изанааҭ аҟны аҧышәа бзиа змоу, уи иахьа аҿар ирымадо, ааҧсарак зынмырҧшкәан, 30 шықәса инеиҧынкыланы ааӡаҩыс аус зуа Алла Атит-иҧҳа Ашәба аметодист изанааҭ ала иреиҳау аҵараиурҭаҿы лҵара шыхлыркәшазгьы, ҳаиҿцәажәара хацыркуа иазгәалҭеит лара лзы ааӡаҩ изанааҭ акыр шаҵанакуа, уимоу ихадоу аҭыҧ шааннакыло.

«Зегь раҧхьаӡа, ааӡаҩ еилых ҟамҵакәан ахәыҷқәа бзиа илбозароуп, рызнеишьа дақәшәозароуп. Еснагь ҿыцк рызнеигозароуп, урҭ рдыррақәа реизырҳареи ргәалаҟазаара ашьҭыхреи рзы ихы дацәымаашьозароуп, аусгьы адиулозароуп. Ахәмарраҿы – ахәыҷқәа ихы раҟараитәроуп, дрыцхәмарроуп, ашәа рҳәозар – ирыциҳәароуп, икәашозар – дрыцкәашароуп. Ажәакала, ахәыҷқәа рдунеи далахәзароуп. Зны-зынла, ахәыҷқәа сшыргәылахалоу гәазҭо сҩызцәа «Ахаан лусура лгәы ахшәаӡом» ҳәа алаф аҵаҵаны еиҭарҳәалоит. Аха, ааӡаҩ изанааҭ – сара исыҧсҭазаароуп, даҽакалагьы ҟалашьа сымам» – дҳацәажәон Алла Атит-иҧҳа.

Еиуеиҧшым аамҭақәа рзы, еиуеиҧшымыз ахәыҷбаҳчақәа рҿы аус шылуаз дазааҭгыло Алла Атит-иҧҳа ҳаиҿцәажәараан иазгәалҭеит 1979 шықәсазы, раҧхьаӡа акәны, иара уи ашықәсан иаадыртыз ахәыҷбаҳча «Алашара» аҟны аус шылуаз, анаҩс – ахәыҷбаҳча «Гәында» ахь дшиасыз. Аха ишдыру аиҧш, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аан ахәыҷбаҳча «Гәында» ҳаҕацәа ирыблит. Аҧышәа змоу ааӡаҩ лҭаацәаратә ҭагылазаашьа инамаданы аибашьра ҟалаанӡатәи аамҭазы инеиҧынкыланы аус луртә еиҧш аҭагылазаашьа лымамызт. Аибашьра ашьҭахь, уи ахәыҷбаҳча «Ажәҵыс» аҟны 9 шықәса аус лухьан еиҧш, аибашьра ҟалаанӡа акыр шықәса аус ахьылухьаз, лгәыбылра здыз ахәыҷбаҳча «Гәында» анеиҭашьақәдыргыла, дырҩегь уахь диасуеит 2013 шықәса азы. Уиижьҭеи ари ахәыҷбаҳчаҿы аус луеит.

«Аибашьра ашьҭахь Аҳабла ҿыц аҟны хәыҷбаҳча заҵәык акәын иҟаз. Уи «Ажәҵыс» захьӡу ахәыҷбаҳча ауп. Усҟан 2 шықәса зхыҵуаз инадыркны ахәыҷқәа рыдыркылон. Ахәыҷқәа рацәан, гәыҧк аҟны 58-ҩык ыҟан. Ҳәарада, 58-60-ҩык ахьыҟоу агәыҧ аҟны ахәыҷқәа ирзыҧҵәоу апрограмма инақәыршәаны дырра ҿыцк рыҭара, рызнагара уадаҩын, урҭ «машәырк» рмыхьырц азы рхылаҧшра аамҭа иахаршәаланы. Убри аҟнытә, ахәыҷбаҳча «Гәында» аиҭашьақәыргылара анеиҿкааха, даара сеигәырҕьеит. Исҭаххеит ахәыҷқәа ҿыцк рызнагаразы, дыррак рыҭаразы алшара ахьыҟоу, уаанӡа аус ахьызуаз ахәыҷбаҳчахь ҩаҧхьа ахынҳәра», – лҳәеит уи.

Арҵаратә процесс шеиҿкаау далацәажәо ааӡаҩ иҳалҳәеит, иара убас сынтәа «Адац» захьӡу абжьаратә гәыҧ шлымоу, урҭ 30-ҩык шыҟоу. Уи лажәақәа рыла, асааҭ 8 инаркны 9-нӡа ахәыҷқәа рыдкылара мҩаҧысуеит, уи ашьҭахь, ашьыжьтәи аҭаалым амҩаҧгарала ихацдыркуеит арҵаратә процесс.

Анаҩс – шьыжьхьафара, уи ашьҭахь 10-15 минуҭ ахәмарра иазыҧҵәоуп.

Ҳаиҿцәажәараан ааӡаҩ инаҵшьны иазгәалҭеит ахәыҷқәа ирхәмаруа еиҳарак ажәытә хәмаррақәа шракәу: «Ацгәи аҳәынаҧи», «Чабракаршә», «Аҧхьа инеиуа», «Адәыҕба» уҳәа убас егьырҭгьы.

«Есҽны азыҟаҵарақәа мҩаҧаагоит, хазы, аҧсихолог, алогопед уҳәа рыцхыраара зҭаху ахәыҷқәа ҷыдалатәи ацхыраара роуеит. Ахәыҷбаҳчақәа зегьы рҟны еиҧш, ҳара ҳҟынгьы иҟагәышьоуп абызшәа азымдырра апроблема. Иҳамоуп аҧсшәа хьысҳаны издыруа инарҷыданы, абызшәа зынӡа иззымдыруагьы. Ҳәарада, урҭ ахәыҷқәа хаҭа-хаҭала агәцаракреи ахылаҧшреи шрыгаҳмыжьуагьы, арҵаратә программа иахьӡартә еиҧш аиҿкаара залшом. Ега ус акәзаргьы, абызшәа ззымдыруагьы арҵаратә процесс ихы алаирхәыртә еиҧш аҭагылазаашьа иҭаразы, имҩаҧааго, идҳарҵо, ирзеиҭаҳҳәо жәабжьума, лакәума, зегьы асахьа рыцуп, сахьала ишьақәҳарҕәҕәоит. Ҳәарада, ахәыҷы изы агәынкылара еиҳа изымариоуп аинтересгьы изаҵоуп ажәа сахьала ианышьақәырҕәҕәо, ирацәоуп апрограмма аҟны иарбоу, ахәыҷқәа гәахәарыла инарыгӡо азыҟаҵарақәа: асахьаҭыхра, ақьаадтә конст, акәаҳара, ақәырҷабра, ажәаҳәа арҿиара, аматематика, асахьаркыратә литература уҳәа убас егьырҭгьы», – лҳәеит ааӡаҩ.

Ҳаиҿцәажәараан Алла Атит-иҧҳа иазгәалҭеит, ахәыҷбаҳчаҿы аус зуа ааӡаҩцәеи аметодистцәеи, уи аиҳабы Альдона Цкәуа раҧхьа днаргыланы, зегьы зус бзианы издыруа, ҭакҧхықәралагьы иазнеиуа шракәу, ҳаҭыреиқәҵаралагьы аус шеицыруа, еиҳаби-еиҵби еизҵаауа ишхеибарҭәаауа.

Алла Атит-иҧҳа гәыҧк аҟны аус лыцызуа ааӡаҩ ҿа Милана Қарчаа ҳаиҿцәажәараан иазгәалҭеит, Алла Атит-иҧҳа аус лыцура насыҧс ишылшьо. «Аҧышәа бзиа лымоуп, уи лҧышәа ҳамалдоит леиҵбацәа. Аус лыцура даара иманшәалоуп, хаҭала, сара сзы игьамоуп уи аус лыцура, исзеилымкаауа еснагь сеилыркаара лҽацәхьалкуам, дацәаашьом. Аиашазы, илҿуҵааша рацәоуп, сара сзы уи гәахәара дууп» – лҳәеит уи.

Акраамҭа ицоз ҳаиҿцәажәара хыркәшо Алла Атит-иҧҳа иазгәалҭеит, аибашьра ҟалаанӡеи уи ашьҭахьи ахәыҷбаҳчахь имҩахыҵуа ахәыҷқәеи урҭ рҭаацәеи злеиҧшым аҷыдарақәа шыҟоу. Излеиҧшыми ҳәа илаҳҭаз азҵаара аҭак ҟаҵо, иалҳәеит: «уаанӡа 30 шықәса раҧхьа ахәыҷқәа рҟазшьа, рхымҩаҧгашьа ҿырҧшыган даара, еиҳа аӡырҩрра рылан. Уажәгьы ҳәарада, ахәыҷ бзиақәа ҳамоуп, иӡырҩуагьы ыҟоуп, аха, уаанӡатәи иаҿырҧшны иаҳҳәозар, еиҳа иҿырҧшыган. Уажәы, иҟалап, аамҭагьы аҽеиҭанакзар, аинтернет ахархәара, анырра ҟанаҵозаргьы, иҟалап рдунеихәаҧшышьагьы аҽаҧсахзар. Аҭаацәа рганахьалагьы, уаанӡа еиҳа ачҳара аарҧшра аҭыҧ аман зегь рҿы, иаҳҳәап – хаҭала, ахәыҷбаҳчаҿы иаҧҵоу аҧҟарақәа рықәныҟәараҿы. Зегь реиҳагьы ихадоу ахәыҷы иахәҭоу ааӡареи адырреи иҭараҿы ааӡаҩ имала илшо маҷуп, иазхаӡом, уи аҿы ихымҧадатәиуп аҭаацәа рыцхыраара», – абас лажәа хлыркәшеит.

Аиашазы, ахәыҷы иааӡара зегь реиҳа аҭакҧхықәра зцу усуп, ирзеиҕьаҳшьап нас, зџьабаа рацәоу, аҧышәа змоу Алла Атит-иҧҳа Ашәба леиҧш ҭакҧхықәрала зус иазнеиуа ааӡаҩцәа имариам рзанааҭ аҟны иреиҳау ақәҿиарақәа.


Алиса Гәажә-ҧҳа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me