«Риҵа» алегендеи «Ахьча Чаҳмаҭи аҩсҭаа Қәабзачи» рӡыргара.
Арҭ афильмқәа дырбара раԥхьаӡа акәны ишымҩаԥысуазгьы азал иазкуамызт еизаз ахәаԥшцәа хәыҷқәа. Ари афильм аԥҵараҿы автор ацхыраара ирҭеит амобилтә еимадара «амобаили», аԥсадгьылахь ахынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилаки.
Афильмқәа рыхәаԥшра иалагаанӡа уи аԥҵаҩы Асҭамыр Кәыҵниа асценахь дцәырҵны бзиала шәаабеит ҳәа реиҳәеит ахәыҷқәа.
Нас ихацыркын аӡиа Риҵа иазку алегенда иалихыз афильм ала. Уи налыгӡон ашәаҳәаҩ Мадина Кәарацхьелиа.
Амультфильм абжьы ахарҵеит Аԥсуа драматә театр еицырдыруа актиорцәа: Кьасоу Ҳагба, аредактор Дырмит Габелиа, абжьы арежиссиор Џьамбул Жорданиа, Ахра Кәарҷиа.
Ари легендоуп, Аԥсны иҟалаз хҭысуп. Аҭыԥҳа Риҵа дзыниаз ахҭысқәа ирыдҳәалоуп. Иахьатәи аӡиа Риҵа, усҟан дәҳәыԥш ԥшӡаны ишьҭан, арахь ихалан рырахә дырҳәуан х-ҩык аишьцәа гәакьақәа, урҭ дрыман иаҳәшьа заҵәык – Риҵа зыхьӡыз. Лара аԥсабара дазааигәан, адоуҳа лыман. «Анцәа дышәхылаԥшааит сашьцәа» ҳәа иныҳәа-ныԥхьаны шәарыцара илышьҭыз лашьцәа хынҳәаанӡа илықәлеит ҩыџьа атәымуаа. Урҭ лҽырцәылыхьчарц азын аӡиас лҽалҭеит, х-ҩык лашьцәа ракәзар изылхьымӡеит, нас лшьа шырузгьы. Риҵа лылаӷырӡи аӡиаси еилаланы, абахә аныбга, аӡы хыш-хыҵәо иӡианы иҭатәеит, убри инаркны аӡиа лыхьӡ ахуп Риҵа. Х-ҩык лашьцәа ишьхақәаны иҩагылеит, еснагь раҳәшьа Риҵа лааигәа иҟазарц, дрыхьчарц азын.
Ахәаԥшцәа хәыҷқәа идырбан иара убас афильм «Ахьча Чаҳмаҭи Аҩсҭаа Қә́абзачи». Ари амультфильм жәеинраалала иҟоуп. Еицырдыруа ашәҟәыҩҩы Џьума Аҳәба ирҿиамҭа иалхны иаԥҵоуп.
Убасеиԥш еихышәшәо иҩуп, ахәыҷқәа игәныркыларатәы.
Асҭамыр Кәыҵниа имультикатә фырхацәа рцәамаҭәа аԥшшәы даара илахҿыхуп, иҵоурам афырхацәа ракәзаргьы иршәу убла хнакуеит. Убри иаҵанакуа рацәоуп ахәаԥшҩы хәыҷы аԥсуа мультик даднаԥхьаларцаз.
Автор арҭ аҩ-фильмк раԥҵаразы ҩышықәса ақәирӡит. Ҵабыргны уи иагьаныԥшит иара ифильмқәа. Ишырҳәо еиԥш, акы злоу ҩбагьы илоуп. Асҭамыр Кәыҵниа дшәаҳәаҩуп, дсахьаҭыхҩуп, дмультипликаторуп.
Афильмқәа рӡыргара ашьҭахь ашәаҳәаҩ Мадина Кәарацхьелиа ахәаԥшцәа ирзыналыгӡеит ашәа хаа.
Аиашазы, ари ааӡагоуп, иҿахәҳәагоуп, ҳхәыҷқәа рхатәы бызшәа агәыблра днаркуеит. Мышьҭабзиала, амиссиа бзиа зхахьы изгаз арҿиаҩы Асҭамыр Кәыҵниа. Иҵегьы ҳахәаԥшцәа хәыҷқәа зыргәырӷьаша аԥуҵаратәы алшара Анцәа иуиҭааит.
Наира Сабекиа