Илахҿыхыз аиԥыларақәа

Ашколхәыҷқәа ихдыркәшеит Жәларбжьаратәи алагер «Артек» аҟны рыҟазаара. 101-ҩык ахәыҷқәа хаҭала еиуеиԥшым аицлабрақәеи аолимпиадақәеи рҟны аԥхьахәқәа згаз иаздырҳауан рԥышәеи, рдырреи.

Жәларбжьаратәи ахәыҷтәы це­нтр «Артек» еиҿкаан 1925 шықәсазы, Гурзуф аҳабла, Ҟрым аладатәи аԥшаҳәаҿы.
Гәдоуҭа араион ахәыҷқәа «Артек» аҟынтәи Аԥсныҟа ианыхынҳә ирԥылеит араион ахада Валери Аҩӡба, Гәдоуҭа араион аҵараҟәша аиҳабы Адамыр Ҳаразиа, ашколхәыҷқәа рҭаацәа.
«Исгәалашәоит, Асовет мчра аамҭақәа раан аӡәык-ҩыџьак уарла-шәарла ицон акәымзар, ас еиԥш азин ыҟамызт. Ари гәахәароуп. Зегь раԥхьа инаргыланы иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп Аԥсны аҵара Аминистрреи, Аԥсны анапхгареи иҟарҵаз ацхырааразы... Алахәылацәа ишәзеиӷьысшьоит шәаԥхьаҟа ақәҿиара дуқәа!»,– иҳәеит Гәдоуҭа араион ахада Валери Аҩӡба.
Алахәылацәа иазааҭгылеит ироуз аԥышәеи адырреи дара рзы ишымҩақәҵагоу.
«Аԥснынтәи ари апроект иалахәын: Гал, Очамчыра, Аҟәа, Гәдоуҭа, Гагра араионқәа рҟынтәи 101-ҩык ашколхәыҷқәа. Хаҭала Гәдоуҭа араион аҟынтәи – 17-ҩык ҳаҟан. Ҳара иҳауеит алшара абас еиԥш иҟоу аус ҳхы алаҳархәырц. Аусмҩаԥгатә ҳалахәын 21 мшы - хәажәкырамза 12 инаркны мшаԥымза 2 рҟынӡа, хымчыбжьа. Аԥсны Аҳәынҭқарра ахадара ацхыраара ҳарҭеит... Аиашазы, уахь ацарагьы мариамызт, раԥхьаӡа иргылан амедицина аганахьалагьы. Уахь амҩа ҳақәлаанӡа агәаҭара ҳахрыжьит. Аусмҩаԥгатә аԥсуаа ҳадагьы ирацәаҩын иалахәыз: ачеченцәа, даӷьсҭанаа, адыгаа, аҭаҭарцәа уҳәа.
Ҟрым алагерқәа 9 ыҟоуп. Аԥсуаа ҳҽеиҩаҳшеит алагерқәа рыла, урҭ рҟны аотриадқәа ыҟан. Ҳара ҳҽы 12 аотриад ыҟан.
Ашьыжь ҳаныҩагылоз инаркны аахәлаанӡа аграфик ҳаман, уи ҳақәныҟәон. Ашколқәа рахь ҳрышьҭуан, аекскурсиақәа рахьгьы ҳаргон. Иҟан амшқәа аспорттә еицлабрақәа анымҩаԥысуазгьы, уа зхы алазырхәыз аԥсуаа аԥхьагыларатә аҭыԥқәа ааныркылеит. Аспорт адагьы, ҽнак иалагӡаны алекциақәа "асомқәа" ҳәа изышьҭоу, иаҳзаԥхьон х-сааҭк. Уаҟа инарҭбааны ирзааҭгылеит абас еиԥш иҟоу амаҭәарқәа: агеографиа, абиологиа, аҭоурых, аурыс бызшәа, алгебра, агеометриа, ахимиа уҳәа убас. Хаҭала сара салахәын атеатртә аотриад, убри аҟнытә ҳара имҩаԥаагон ақәгыларақәа имаҷымкәан. Урҭ рҟынтәи сара схаҿы иаанхаз «Саманта Смит» ахьӡуп. Ари ақәгылара ашьҭахь, аиашазы, асценахь ацәырҵраан исыцыз ашәара сааннажьит. Ажәакала иуҳәозар, даараӡа ацәанырра бзиақәа сзааннажьит ари аныҟәара» ҳәа азгәеиҭеит «Артек» алахәыла, Дәрыԥшьтәи абжьаратә школ 9-тәи акласс аҵаҩы Дамир Гәыгәынаа.
Аҵыхәтәан, ахәыҷқәа иаадырԥшыз рдырреи рҭакԥхықәреи рзы иранашьан еиуеиԥшым аҳа­мҭақәа, агәалашәаратә бӷьыцқәа, адипломқәа.

 

Саида Ҳаразиа 

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me