Ари ацәыргақәҵа аиҿкаара азоуроуп Липецктәи ахәыҷтәы сахьаҭыхратә школ В. И. Сурков ихьӡ зхуи Аԥснытәи ахәыҷтәы ҟазаратә Ҩны «Аинари» ирыбжьоу русеицура.
Иазгәаҭатәуп, шықәсырацәалатәи русеицура иалагӡаны еиҿкаан еиуеиԥшым жәаҩа цәыргақәҵа, имҩаԥган аҟазара-классқәа, арт-пленерқәа.
Ари ацәырқәҵаҿы иӡырган еиуеиԥшым атематикақәа рыла иҭырхыз аҭыхымҭақәа. Мызкы аҩныҵҟа иаарту ацәыргақәҵа иаҭаан ирбарц рылшоит аҟазара абзиабаҩцәа зегьы.