Март 21 – апоезиа Адунеизегьтәи амш

 К.Ф. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҟәатәи аҳәынҭқарратә лицеи-интернат аҟны Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аԥшьгарала иазгәаҭан апоезиа Адунеизегьтәи амш.

Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ҳтәыла арҿиаҩцәеи алитература абзиабаҩцәеи зегьы адоуҳатә культураҿы акырӡа зҵазкуа амш – апоезиа аныҳәа рыдырныҳәалоит.

Адунеи аҟны есышықәса иазгәарҭо апоезиа Адунеизегьтәи амш раԥхьаӡа акәны ИУНЕСКО иаԥнаҵеит 1999 ш. ноиабр 15 рзы имҩаԥнагаз аконференциа хада аҟны. Уи хықәкыс иамоуп адунеи аҟны амилаҭтә литературақәа, насгьы апоезиа знапы алаку ахеидкылақәа рыдгылареи рӡыргареи.

Абарҭ апроцессқәа  ҳтәылагьы рылахәзарц азыӡбаны 2011 ш. рзы Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла иаԥшьнагеит Аҟәа, акультуратә центр «Абаза» аҟны апоезиа амш амҩаԥгара. Убри аахыс есышықәса иазгәанаҭоит. Апоетцәеи алитература абзиабаҩцәеи реиқәшәарақәа еиҿкаан: Р.Џь. Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониеи, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети,  Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Уарчатәи абжьаратәи ашколи  рҟны уҳәа акырџьара.

Абар, сынтәа ари аныҳәа азгәаҭаразы аԥсуа поетцәа мҩахыҵит К.Ф. Ӡиӡариа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә лицеи-интернат ашҟа, апоезиа бзиа избо аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи ирԥылеит.

Алицеи-интернат аиҳабы Лариса Қапба апоезиа аныҳәа аартуа ирҭааз асасцәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәауа, арҿиара аус аҟны еиҳау аихьӡарақәа рзеиӷьалшьеит. Анаҩс ажәа илҭоит Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аԥҳазоу.

«Раԥхьа иргыланы, зегьы апо­езиа Амш шәыдысныҳәалоит. Ашә­ҟәыҩҩцәа Реидгыла аԥшьгарала есышықәса иазгәаҳҭо апоезиа Адунеизегьтәи амш хықәкыс иамоу ҳаамҭазтәи ауаажәларра акультуратә ԥсҭазаараҿы амилаҭтә литература иааннакыло ароль  аарԥшреи аӡыргареи роуп. Ҳәарада, убри инаваргыланы Аԥсны  анҭыҵ, егьырҭ атәылақәа рырҿиаҩцәеи ҳареи ҳаимадарақәа рырҭбаара иазҳәоуп. Уи иалнаршоит аԥсуа литература инарҭбааны аларҵәара. Ҳусура ахырхарҭақәа ируакуп Аԥсны ашколхәыҷқәеи ҳареи ҳаимадара арӷәӷәара, избан акәзар, алитературахь раԥхьатәи зшьаҿақәа ҟазҵо ашкол иҭоу аҵаҩцәа роуп. Ҳара еснагь ҳҽазаҳшәоит урҭ рыҩнуҵҟа абаҩхатәра злоу ралԥшаара, амҩа иаша рықәҵара. Ақалақьқәеи араионқәеи рҟны имҩаԥааго алитературатә семинарқәа зызкугьы убри ауп. Аиубилеитә усмҩаԥгатәқәа, апоезиа ахәылԥазқәа, аконкурсқәа реиҿкаара, ашәҟәқәа рӡыргарақәа уҳәа ақәыԥшцәа алитература  абзиабареи ашәҟәы аԥхьареи рыланааӡоит, рдунеихәаԥшра арҭбаауеит. Ари аус уажәынахысгьы иацаҳҵоит», – иҳәеит уи иқәгылараан.  

Апоезиа аныҳәа аҟны иқәгылеит, ажәеинраалақәа ирыԥхьеит уи зҽалазырхәыз апоетцәа: Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа ахантәаҩы  Владимир Занҭариа, ажурнал «Аԥсны аҟазара» аредактор хада Геннади Аламиа, ажурнал «Алашара» аредактор хада – Анатоли Лагәлаа, аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы аҳәынҭқарратә усбарҭа аиҳабы Гәында Кәыҵниа, ажурнал «Амцабз» аредактор хада Гәында Сақаниа,  Дмитри Габалиа.

Аԥсуа поетцәа Дырмит Гәлиа, Владимир Анқәаб, Анатоли Лагәлаа ражәеинраалақәа ирыԥхьеит иара убас арҵаҩы Белла Ломиаԥҳа напхгара зылҭо алитературатә кружок иалоу алицеи-интернат аҵаҩцәа Баграт Базба, Лана Гамгиа, Баграт Џьынџьал, Анри Аҳәба.

Агәырӷьаратә ҭагылазаашьа аманы имҩаԥысыз апоезиа аныҳәа ахыркәшараан ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аҟнытә алицеи-интернат ҳамҭас иарҭеит Аԥсны жәлар рпоет Дырмит Иасыф-иԥа Гәлиа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Раԥхьатәи Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба рпортреҭқәа, иара убас аԥсуа поетцәеи апрозаикцәеи рышәҟәқәеи, агазеҭқәеи, ажурналқәеи.

Алахҿыхра зцыз ахәылԥаз иалахәыз саси-ԥшәымеи реиқәшәара агәҭахәыцра бзиақәа рзыннажьит.

В. Ажәанба

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me