Хәажәкыр 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

«Аҧхыӡ ҿаасҭа збеит, ахәыҷқәа шҧаҟоу?»

Аҧсны аҭоурых аҟны аҭыҧ ҷыда аннакылоит ҳауаажәлар рнырҵәара иазынархаз Сталини Бериеи имҩаҧыргоз аполитика хьанҭа. Уи ашьҭақәа иахьагьы имҕьо хәраны ргәы иануп забдуцәеи забацәеи дырӡыз ауаа. 30-тәи ашықәсқәа ирыхәлабгаз, Бзыҧҭа аҳаблан ииз, иааӡаз Осман Жьыгәа-иҧа Кәакәасқьыр имаҭа Емма Золотинска-иҧҳа лаҕырӡылоуп иахьагьы лабду иӡбахә шылҳәо.

Осман Жьыгәа-иҧа Кәакәасқьыр ҧшьҩык аишьцәа дреиҳабын. 30-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы иара Бзыҧҭа ақыҭсовет дахагылан. Усҟантәи аамҭазы активла ашколқәа рыргылара далахәын. Аҽы, аҽыуардын, ауардын уҳәа змаз иуаажәлар ицырхрааны, аобиектқәа рыргыларатә маҭәахәқәа ааганы егьырҭ ақыҭақәа ирацлабны ари аус аҿы аҧхьагылара рыман.

«Сабду активла Асовет ҳәынҭқарра аҿиара дшацхраауазгьы, ауаа аколнхара ишаламло ҳәа дқәызшәа ахара идырҵеит. Уи зныз апротокол саҳәшьаҧа Дауҭ Хәытаба ила ҳнапаҿы ианааи саҧхьеит. Аҧхьаҟа шықәсы рацәала дызхдырҟьаз ҳаздыруамызт», – лҳәоит Осман имаҭа Емма Кәакәасқьырҧҳа.

Осман Жьыгәа-иҧа НКВД аусзуҩцәа аҩныҟа дшаауаз, ашҭа аҭалаха имҭақәа амҩан дааныркылазаап. «Сбыҳәоит, ахәыҷқәа ныжьны џьаргьы бымцан, изысхарам еилыркаар соурыжьуеит» ҳәа иҧшәмаҧҳәыс Анҭица Ҟаитанҧҳа ибжьы лықәыргара заҵәык дахьӡеит.

«Сабду аҩны дыҩнарымҵаӡеит, бџьарк имазар иҵәахыр ҳәа ишәаны. Дара икәшаны иахьынӡагылаз, руаӡәы аҧшаара далагеит, аха аҟама ада акгьы имбаӡеит, иара уигьы аҭаацәа ирымихит», – лажәабжь иацылҵоит Емма.

Осман данҭаркуаз аҽны, игәыла Қьаамын Барцыцгьы дыргазаап. Ашьыжь рыҳәса ажәқәа анҭырцоз, иҟалаз анеибырҳәоз, уи еилкаахеит. Дара зны Гагра, Абааҭатәи абахҭа иҭаркит, анаҩс Қарҭҟа идәықәырҵеит.

Осман Кәакәасқьыр хҩык аҳәса ааигахьан. Раҧхьатәи ҩыџьа иаамҭанымкәа рыдунеи рыҧсахит. Урҭ рҟынтә аӡәаӡәа ахшара иман, аҧеи аҧҳаи. Анаҩс динасыҧхеит Анҭица Ҟаитанҧҳа, дара 11-ҩык ахәыҷқәа рхылҵит. Осман данҭаркуаз лара аҵыхәтәантәи лысаби изы лцәалтәымкәа дыҟан.

1942 шықәсазы Карагандантәи Осман Жьыгәа-иҧа иҭаацәара аҵыхәтәантәи асалам шәҟәы рзааишьҭит. Раҧхьатәи ацәаҳәақәа «аҧхыӡ ҿаасҭа збеит, ахәыҷқәа шҧаҟоу?» ҳәа иалагон. Анҭица уи аҭак аныҟалҵоз, 21 шықәса зхыҵуаз рҧа еиҳабы аҵара ицызҵоз иҩыза иҟынтә аимҳәацәгьа ихьны идунеи шиҧсахыз, ааигәа анышә дшамалдаз иалымҳәаӡеит.

«Садбу раҧхьатәи иҳәса рҟнытә имаз аҧеи аҧҳаи санду лоуп изааӡаз. Дара ирхылҵыз 11-ҩык рахьтә ҧшьҩызаҵәык ақәрақәа нырҵит. Егьырҭ ишыхәыҷқәаз, ишқәыҧшыз еиуеиҧшым ачымазарақәеи амашәырқәеи ирыхҟьаны рыҧсҭазаара иалҵит. Абас лыхшара аӡәаӡәала анышә инахәлаҧсо, ашәы лшәымхӡакәа лыҧсҭазаара мҩасит. Ақәра ду нымҵкәа асаби дышлымаз лыҧсҭазаара ҿахҵәеит сабду раҧхьатәи иҧҳәыс лҟынтә имаз иҧҳагьы. Анҵыра зауз аҩбатәи иҧшәмаҧҳәыс лҟынтә ихылҵыз аҧа Давиди, санду лҟынтә иоуз сара саб Золотинскеи, иашьцәа Константини, Зосими, раҳәшьа Евдокиеи роуп», – илахьеиқәҵагоу лҭаацәаратә ҭоурых дазааҭгылоит амаҭа.

Анҭица Ҟаитанҧҳа илзынхаз лхәыҷқәа аколнхараҿы лара дрыцҳашьаны лхаҭыҧан аус руан. Анхамҩа аныҟәгареи ахәыҷқәа ршьапы рықәыргылареи рҿы лабхәындацәа лыцхраауан. «Рыҧсы сакәыхшоуп, дара ракәымзар схәыҷқәа сзааӡаӡомызт» ҳәа лмаҭацәа ирзеиҭалҳәон.

«Ҳанду ибзианы дысгәалашәоит. Лара убысҟак бзиа ҳалбон, ҳлеишәа анҳарцәгьоз ҳанацәа ҳрымпҟарцаз лыбҕа ҳақәлыртәон, «дара шәыркьыс, сара шәыскьыс акоуп» ҳәа раҳәаны, ирҧхашьаны иҳадылгон. Ҳанду Анҭица ақәра ду нылҵит, лыдунеи анылҧсахуаз 103 шықәса лхыҵуан. Уи иаҳзынлыжьыз аҧхарра иахьагьы ҳаибаркны ҳамоуп», – лҳәоит Емма Кәакәасқьырҧҳа.

Осман Жьыгәа-иҧа данҭаркуаз 65 шықәса ихыҵуан. Иара атәым дгьыл аҿы иҧсҭазаашьахаз еилкаам.


Саида Жьиҧҳа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me