«Амцабз» № 1

Иҭыжьуп Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла иатәу ахәыҷтәы журнал «Амцабз» 2025 шықәсазтәи актәи аномер.

Иаҩстәым агәахәара зцу ажәа­бжь – маҷк иадамзаргьы, ажурнал амҽхак иацҵоуп. Абас, шьаҿа-шьаҿала аҭыжьымҭа ахыԥша иазҳалашт. Уи ианыло аҩымҭақәеи урҭ ԥшшәыхкыла реиқәыршәашьеи аԥхьаҩцәа еиҳа рыблаҿ иааиуа, азҿлымҳарагьы аиуртә амҩа иануп.

«Аԥсуаа ашықәс ҿыц ишаԥыло» ахьӡуп аҭыжьымҭа злахацырку акьыԥхьымҭа. Ара иануп иара убас Альбина Анқәаб лажәеинраала «Ашықәсҿыцазтәи аҳамҭа». Уи ахшыҩҵак ханарҭәаауеит  анаҩсианылаз «Ашықәс аамҭақәа» зыхьӡу ажәабжь.

«Амцабз» еиднакыло ахәыҷқәа рдунеи иазааигәоу ажәеинраалақәа авторцәас  ирымоуп Рушьбеи Смыр, Белла Барцыцԥҳа, Владимир Занҭариа, Гәыли Зыхәба.«Аҷҟарапат» ахьӡылҵеит Заира Бараҭелиа ла­жәабжь кьаҿ. Рад­наԥхьалоит Амра Агрба лкьыԥхьымҭа «Ашьхыци ауарбажәи». «Ажәытәӡатәи ахәыҷтәы хәмаррақәа» рдунеи иагәылалырԥшуеит Диана Ахба.«Сбырлаш Аҟәа» зыхьӡу аессе аҟны акәзар, ицәыргоуп ажәытәи аҿатәи ирыцу аҳҭны-қалақь аԥшӡара.

Аҭыжьымҭа агәлаҵа «Аԥра» еиднакылоит ахәыҷқәа раԥҵамҭақәа.  Урҭ иреиуоуп Е.Ешба ихьӡ зху Аҟәатәи ахәбатәи абжьаратәи ашкол  аҵаҩцәа: Александра Ҟолбаиа, Мариа Адлеиба. Ара лҭыхымҭақәа цәыргоуп Аҟәатәи ахәыҷбаҳча «Алашара» ааӡамҭа Софиа Какалиа.

Ажурнал аԥшшәы змоу асахьақәа рыла еиқәиршәеит Сергеи Ҵәыџьба.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me