Ацеремониа иалахәын Аԥсны Ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба, Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Беслан Бигәаа, Аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Владимир Делба, Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аминистрцәа Реилазаара ахаҭарнакцәа, Апарламент адепутатцәа, аветеранцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа.
Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҿы еиҿкаан марттәи ажәылара иазкыз афотоцәыргақәҵа, иара убас уи аҭааҩцәа ҳамҭас ирыҭан Аԥсны Афырхаҵа Авҭандил Гарцкиа ишәҟәы – «Гәымсҭа нырцә» зыхьӡу.
Акциа иалахәыз Аҟәат́әи абаталион аибашьцәа рбаҟаҿы ашәҭқәа анышьҭарҵа ашьҭахь шьапыла. Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба ибаҟа аҟынӡа. Уаҟа ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭаҵаны, рымҩа иацырҵеит. Ешыраа аибашьраҿ иҭахаз рбаҟа ашҟа, нас агәыԥ «Ветерок» абаҟа аҿаԥхьа ашәҭқәа шьҭарҵеит.
Агәалашәаратә усҩмаԥгатә хацыркын минуҭктәи аҿымҭрала. Аибашьра аветеранцәа, марттәи ажәылара иалахәыз ықәгылон рѓәалашәарақәа рыла.
Агәалашәаратә акциа хыркәшо ашколхәыҷқәа ацәаҳәа иқәсит марттәи ажәылараҿ иҭахаз 222 рфотосахьақәа рыманы, иара убас аӡиас Гәымсҭа гәаларшәагак аҳасабала ашәҭ шьыҵәрақәа хырҵеит.
Март 15-16 рзтәи ажәылара Аџьынџьтәылатә еибашьра аан ицоз ажәыларақәа зегь реиҳа ишьаарҵәырахаз жәыларан.
Амшгьы ҳҵеицәа ааннакыларц аҭахызшәа аҽарцәгьеит, Гәымсҭа аӡиас акәзар, иҵааршәха ихышхыҵәо инеиуан. Гәымсҭа аладала «Асаркьа» ҳәа иахьашьҭаз аӡы ирит Аԥсны Афырхаҵа, еснагь зеибашьцәа раԥхьа игылаз Тариел Тапаӷәуа ибаталион. Убраҟа зықалақь ахақәиҭтәраз иҭахаз аибашьцәа х-ҩык: Борис Инаԥшьба, Руслан Лагәлаа, Едуард Касланӡиа ргәалашәараз Гәымсҭа ацҳа уахьнықәло иаартын амемориалтә ӷәы.
Март 14 азы уи аартрахь иааит Афырхацәа ирывагылан ирыцеибашьуаз рҩызцәа Борис Џьопуа, Асҭамыр Ҵабриа, рҭынхацәа, рыхшара.
Амитинг аартуа, аибашьра ахы инаркны зҩызцәа мышкгьы иаанзмыжьыз аибашьҩы Борис Џьопуа игәалаиршәеит ари аҵх хьанҭа, Гәымсҭа ианыруазтәи рыхҭысқәа. Ҳәара аҭахым, еибашьрацыхьаӡа иамоуп иара ахатәы ҷыдарақәа. Ажәылара шыҟалоз зарҳәахьаз ҳаӷагьы уа дырԥылеит. Зымчқәа еиҟарамыз ҳаҷкәынцәа ԥхьаҟа иццакуан, рхы зқ́әырҵоз рықалақь аҭарцәра иазгәаҟуан, аха ргәыхәтәы зымнаӡеит, рышьҭахьҟа иааираны иҟаз ахьырхьымӡаз азын. Азыҟаҵара маҷи, ачарҳәареи ирыхҟьаны ари ажәылара лҵшәадахеит, уи рхы ахҭнырҵеит 222-ҩык Аԥсны аҵеицәа.
Аԥхьа, агәыԥ «Ветерок» ирыцалаз Зураб Ҳашба ари ажәылара игәаларшәо иҳәеит: «Ҳара ҳгәыԥ аҟнытә 37-ҩык ыҟан – 11-ҩык ҭахеит, егьырҭ зегь хәын, аӡәы заҵәык Едик Шьанаа иԥсыбаҩ ырыргеит, иара 19 шықәса ракәын ихыҵуаз, ҳгәы иалоу егьырҭ рыԥсыбаҩ алаҳгартә иахьзыҟамлаз ауп», – азгәеиҭеит иара.
Апоет Анатоли Лагәлаа дазааҭгылеит Борис, Руслан, Едуард еизааигәаз, еишьцәаҵас еибаб́оз ракәын. Урҭ арҿиара́ҿгьы рҽаадырԥшхьан. Шьалуа Гыцба напхгара зиҭоз адраматә театр иалан. Аԥсны ахи-аҵыхәеи рҟазара рдырбахьан. Иара убас аус руан аргыларатә трест №1 аҿы. Зыԥсҭазаара зегь рыла иҿырԥшыгаз хҩык арԥарцәа Аԥсны ашәарҭара ианҭагылагьы, аибашьра актәи амшқәа инадыркны, рыжәҩахыр неидҵаны иҳақәлаз аӷа ишиҿагылаз. Даԥхьеит марттәи ахлымӡаах ашьҭахь иҭахаз Руслан Лагәлаа изкны ииҩыз ажәеинраала.
Аибашьҩы Едик Касланӡиа иԥҳа Асҭанда илҳәеит лаб игәалашәара еснагь ишлыцу. «Ари абаҟа – саб иҩызцәеи иареи ирызку, сара сзы акырӡа аҵанакуеит, урҭ ԥсраҽнынӡа ҳгәы иҭазаауеит, ҳрылаҽхәоит», – лҳәеит лара.
Аибашьра аветеран Вианор Агәхаа игәалаиршәеит арҭ дара рхатә гәаԥхарала ишцоз ажәылара. Даара игәыхь дуун рҭаацәа рзы рыԥсыбаҩ ахьырмоуз, аибашьра анеилга ашьҭахь, Ареспубликатә хәышәтәырҭа ашьҭахь ирыԥшааит рыԥсыжырҭа, уи ашьҭахь, дара ишрыхәҭаз ҳаҭырла анышә иамардеит ргәараҭақәа рҿы.
Ианҭаха ашьҭахь атәыла ахада иқәҵарала Руслан Лагәлааи, Борис Инаԥшьбеи, Едуард Касланӡиеи рыԥсадгьыл ахьчараз иаадырԥшыз, ахамеигӡареи агәымшәареи рзы иранашьан ахьӡ ҳаракы – Леон иорден.
Хашҭра рықәымзааит зыԥсҭазаара ҳахҭнызҵаз – Афырхацәа- ақәрахьымӡақәа.
Наира Сабекиа