Ацәыргақәҵа

Ааԥынреи аԥсҭазаареи

Хәажәкырамза 17 азы Гагра ақалақь Томас Кәакәасқьыр ихьӡ зху Акультуратә хан аҟны имҩаԥысит «Весна: пробуждение» ҳәа хьӡыс измаз, есышықәсатәи асахьацәыргақәҵа.

Уаҟа рхы аладырхәит ҿыц асахьаҭыхра напы азыркыз инадыркны асахьаҭыхҩцәа ҟазацәа рҿынӡа. Асахьаҭыхҩцәа араҟа иаадырԥшырц рылшон рҟазара.

Акультуратә хан аиҳабы Дмитри Ԥиԥиа иара убас уи ицхырааҩ, Акультуратә хан аусзуҩы Татиана Саноиан рыбзоурала есышықәса имҩаԥысуеит ари ацәыргақәҵа.

Ааԥынра – ари аизҳара, абзиабара, аҿиара, аиҭакрақәа, насгьы агәышьҭыҵра иаамҭоуп. Асахьаҭыхҩцәа рзы акәзар ари даҽакы ирцәаламҩашьо аамҭоуп. Дара ргәы шьҭнахуеит, насгьы рбаҩхатәра аарԥшразы агәаҳәара рызцәырҵуеит.

Сынтәа ари ацәыргақәҵа иаман даҽа ҷыдарак. Иалахәыз иреиуоуп асахьаҭыхҩцәа нагақәа: Анатоли Качалов, Зарифа Анқәаб, Ремзи Аиба, Татиана Саноиан, Наталиа Данилова, Полина Зинченко. Гагра ақалақь аҟны еиҿкаау астудиа ArtSpace аҵаҩцәа: Александра Апраскина, Дари Самусев, Мариа Жесткова, Милисса Пашиан, Александра Дбар, Мелани Дбар, Софа Ҵышәба, Адилиа Қапба, Георги Аҩӡба. Гәдоуҭа ақалақь   ArtSpace астудиа алахәылацәа: Милана Кәарцхьелиа, Вероника Ԥимԥиа, Валериа Агрба, Алина Черқьезиа, Марат Микаелиан.

Иара убас иалахәын Ремзи Аиба рҵаҩыс дызмоу Б. Багаҭелиа ихьӡ зху ахәыҷтәы ҟазаратә школ аҵаҩцәа: Софиа Халаджиан, Мирон Сымсым, Максим Кондратенко, Милена Абыџьба, Емилиа Чамиԥа, Имануил Чамиԥа, Самира Барцыц, Софиа Цколиа.

Арҵаҩы Светлана Лиубомирскаиа лааӡамҭацәа: Валериа Киселиова, Ксениа Киселиова, Кристина Серетиди, Ева Кобзарева, Софиа Ҭарба, Изабелла Хачикиан, Микаелла Хачатриан.

Насгьы Анна Барцыц, Милана Гьерзмаа, Нила Адлеиба, Алира Лапугова, Екатерина Киселиова, Иулиа Андрианова, Анна Ебжьноу, Мила Барцыц, Адриана Кәакәасқьыр.

Ацәыргақәҵа аартуа, Акультуратә хан аиҳабы Дмитри Ԥиԥиа иҭабуп ҳәа реиҳәеит имҩахыҵыз зегьы. Урҭ рхыԥхьаӡараҿ иҟан асахьаҭыхҩцәа, ашколхәыҷқәа, арҵаҩцәа, аҭаацәа, насгьы аинтерес змаз зегьы.

«Раԥхьаӡатәи ҳцәыргақәҵа мҩаԥысит ԥшьышықәса раԥхьа. Уи даара аинтерес зҵаз цәыргақәҵан, уинахыс ҳара ҳхазы алкаақәа ҟаҳҵеит, иагьыҳаӡбеит ари атрадициа бзиа ишацҵатәу иааиуа ашықәсқәа раангьы. Иахьа араҟа ицәыргоуп 50-ҩык асахьаҭыхҩцәа русумҭақәа , аҭыхымҭықәа шәкы инареиҳаны. Ҳара ҳақалақь азы уи еихьӡара дууп. Иҭабуп ҳәа расҳәоит адгылара ҳазҭо зегьы,» - иҳәеит Акультуратә хан аиҳабы Дмитри Ԥиԥиа.

Асахьацәыргақәҵа аиҿкааҩцәа руаӡәк Татиана Саноиан иазгәалҭеит: «Аԥхьатәи ашықәсқәа раан рхы аладырхәуазҭгьы асахьаҭыхҩцәа дуқәа заҵәык рымацара, уажәы ааԥхьара рыҭан ааигәа ари аус знапы алазкыз аҿарацәагьы. Асеиԥш иҟоу ацәыргақәҵа еиҿаҳкааит асахьаҭыхҩцәа қәыԥшцәа анаҩс аинтерес аарԥшны рус ахь еиҳа агәыблра рызцәырҵырц азы.»    

Еиуеиԥшым атематика зҵаз асахьақәа убла хыркуан. Урҭ ԥшшәы рацәала иҩычоу ааԥынтәи аԥсабара угәаладыршәоит.

Ацәыргақәҵаҟны уагәылазхало аԥсуа цәаҩа зыҟәну асахьақәа аалырԥшит аиҿкаҩцәа руаӡәк Татиана Саноиан. Лара лажәақәа рыла ари атематика иаҳагьы илзааигәоуп, избан акәзар лара акультуратә хан аҟны лусура иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп аԥсуа доуҳаи акультуреи.

«Сара сусура хымԥада ирыдҳәалоуп ҳақалақь аҿы имҩаԥысуа еиуеиԥшым акультуратә усмҩаԥгатәқәа: ансамбльқәа, акружокқәа, еиуеиԥшым асахьацәыргақәҵақәа уҳәа. Уи зегьы ԥышәаны иҟалеит арҭ аԥсуа цәа зыҟәну асахьақәа рҭыхразы,» - азгәалҭеит Татиана Саноиан.

Ацәыргақәҵаҿы иарбан сахьазаалак иаман ахатәы ҭоурых. Узгәылазхалоз аусумҭақәа иреиуоуп Аԥсни Ҟәбинеи асахьаҭыхҩцәа Реидгыла алахәыла, Гагра ақалақь аҟны Б. Багаҭелиа ихьӡ зху ахәыҷтәы ҟазаратә школ арҵаҩы, асахьаҭыхҩы, апоет Ремзи Зосҳан-иԥа Аиба иусумҭақәа. Иарбан сахьазаалак  ианыԥшуеит ааԥынра, абзиабара, аԥсабара.

«Аҿыханҵатә ҟазара ааԥынра иазкуп. Сара салахәуп Гагратәи аҟазаратә школ аҟынтәи. Иара убас раԥхьаӡакәны 8-ҩык сааӡамҭацәа рсахьақәа цәыргоуп ара. Иҭабуп ҳәа расҳәоит аиҿкааҩцәа зегьы. Ҳәарада, ахәыҷқәа рзы уи ҳәаа змам гәырӷьароуп. Дара рсахьақәа рҟны иаадырԥшуеит рцәаныррақәа зегьы,» - иҳәеит Ремзи.

Ахәылԥаз ахыркәшамҭаз, алахәылацәа зегьы иранашьан аҳаҭыртә шәҟәыбӷьыцқәа. Асахьацәыргақәҵа мҩаԥыслоит хәажәкырамза 31-нӡа.

 

 

 

Аманда Анталаа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me