Ирызгылан иныҳаракны ахьатә кәасқьа ҭбаа ззырҳәоз, уадацыԥхьаӡа ауаџьаҟқәа рзаман, ес-ӡынра ихәажжаӡа еилатәон. Ишаԥу еиԥш, иларҟәны амаҵурҭа ҭбаа рзавагылан. Раԥсуа маҭәа пату рзақәын, иныҟәыргон ркәымжәы, ркаба, ахҭарԥа, аҟама, азиацк, ауапа…
Рҽи ркәадыри еиқәын, рышьхымза- гәара еикәыршан. Иаарыхуан, ирыман рхатәы уардын, рыцәаӷәацәқәа ҵакын. Рыԥсаса, ршьамаҟа ҵҩа рымамызт, ес-ӡынра ирыгмызт ажьҵаа, аҭубар.
Сан лыхш, лхьара, лырахә ацәашьы анырхылгоз, сыбла иаахгылт акамбашьқәа ртәыҩақәа рҿы иадҵаны, дрықәныҳәан иалыркуан. Чуан дук ала аилаџь луан раԥхьа иргылан, ашҭа цқьа иқәыргылан илныҳәон. Дызрылымҵуа акәти ашәишәи лааӡон. Аҳаҟьа иқәылхуаз апырпылџьыка, ҳашҭаацәара ҭбаазгьы ақалақь ахь инхоз, ҳгәакьақәа зегьы рыхәҭаа рзылшон. Аԥҳал ацәашьаршьла ахы џьгәаны, лыжьаӷь уатка кҿагылан лыкҿаҩраҿы. Ирзыкҿан аџьтәлых иаҳәа ду, ажь зҭархәоз, есышықәса иҭарҭәон аҩы цқьа – аҳардан иалхыз.
Ақәаҵа шәырхкыла еихашьшьын. Аҿаԥараҿы ирзыкҿагылан ажьырӡы зҭаз идуцәамыз ауалыр. Ажьи, абацәи, амандарина ацәеи ирылхыз, уи аӡы ацынхәрас иржәуан иҿацаӡа, иахырхуаз аҟара ахарҭәон. Ирзықәгылаз аканат уеидра адгьыл икылхәраа иҵыҵуаз аӡыхь аман иаауан. Уи даара иџьоушьартә еибыҭан, саб иашьа Дмитри иҟаҵамҭан.
Ақыҭа иақәын аҟанҷ аплан 100 кг, сан даӡәыкны 120 кг ааӡаны апаркь аҳәынҭқарра иалалҵон. Схәыҷразы слыццон аршәы афара, Очамчыра араишолк ахь ианылгоз. Илҩааны аколнхара машьына лзаарышьҭуан, саргьы сгәырӷьаҵәа, аԥша ахәхәаҳәа исҿасуа сақәгыланы сцон. Ажәакала, аӡәы ишьҭахь игыломызт сҭаацәа.
Ҳажәла рацәаӡаны иҟамзаргьы, сара сгәы рыладуун, иеиҵахоу ҳәа аӡәгьы шьҭрала дыҟамызт. Еиқәшәаз ԥсыуа нхаҩык иеиԥш инхон, ирымаз дара ирызхон. Сажәа сроуцәар сҭахым, сасдахьк даҭаар ақыҭаҿ, дымҩахыргон Кьамсыс иҩнаҭахьы. Уи иара дзеигәырӷьоз акәын – бзиала шәаабеит ҳәа игәашә ду аартра. Ҳаб иашьа ду Кәасҭа ихьыԥшыз рацәаҩын. Иара дышәҟәыҩҩын. Ҳаҩнаҭа дааӡахьан даныхәыҷыз инаркны. Сан лчеиџьыка заҟа изгьамаз игәы иҭымҵәо еснагь игәалаиршәон. Аԥсны иаҭаауаз асасцәа, аҵарауаа, ашәҟәыҩҩцәа дуқәа уҳәа ицны ҳаҩнду ашҟа имҩахыҵуан. Шәаҳәарыла, алаф еибыҳәарала аамҭа рхыргон. Иара ичамгәыр рзаирҳәон, даргьы ицдырӷызуан. Иара убас ҳаншьа ду Лев Қацәба, иҩызцәа, иԥызцәа иманы қьафура Кьамсыс иахь дымҩахыҵуан. Дара еснагь рабџьар рыцын, ус иҟан русура, аррамаҵура иахаҭарнакцәан. Рқьаф аныҟарҵалак, усгьы ҟалахьан, аҭуан иахьаҵахысуаз, акәасқьа иақәыз аҩны ахыб, акыц дырӷӷон, гәырӷьаран иҟаз еснагь.
Иван Ҭарба асасцәа Аԥсны ианиҭаауаз, пату рықәҵара ҳаҩныҟа, Ӷәадаҟа инеигон.
Ҳашҭа ганкы еицрыхәхәа аԥсаҵлақәа еиҭаҳан, урҭ убас иԥшӡан, еиҿкаан, роурақәа ажәҩан иаларсын, улаԥш узрыҟәгомызт еихышәашәоз, аҳауа ирылсуаз, арҭ асасцәагьы иргәаԥхон, иџьаршьон. Урҭ рымҵан акәын аишәа ду еиҵыхны аԥхынра қьафура иахьтәалоз. Аиапонец дуҭахума, акитаеццәа рзаарыгӡа, зымаҵ лымуцдаз имааԥсаӡо ашьамхы зҵаз сан ԥсаҭа лаша. Шьтәашьран, гәырӷьаран, шәаҳәаран, кәашаран ҳаҩнаҭа. Гьерхьелиаа рҿоуп ашәаҳәабжь ахьго ҳәа еибырҳәон аҳаблан.
Есыхәылбыҽха ашәшьыраҿы, аҳауа цқьаҿы, ацәа кәахьчақәа каршәны ҳаб днаҳалатәон, хапак ааҭирҟьон. Ҳара ихшаз зегьы бжьыцқьала инаицҳарӷызуан ҳгәырӷьаҵәа, иқәԥраа еивасны икәашон еицииз сашьцәа, сызкәхшаз. Иахьагьы пату сызрықәуп саб иаҳаҭыр аҟынтә ажәытә ашәақәа. Исымоуп аудиола ибыжьқәа, Нарҭаа рансамбль даналахәыз инаигӡоз ахкқәа. Иахьагьы дҳамоуп ҳашьа, ҳабшьҭра змырӡуа , ашәаҳәаҩ Илларион.
Ҳан Ҭина пату лықәын ақыҭаҿы, аԥҳәыс дыр ҳәа дрыԥхьаӡон сара санлыхьӡа. Исаҳаз ауп исҳәо, бааишь дад ҳәа патула даарыԥхьон. Қәрала илеиҳабацәазгьы ларгьы пату рзеилан – Кәыкәыл Махариаԥҳаи, Шьашькәа Иуанԥҳаи. Дара ракәын аҳаблаҿы ацәгьа-абзиа зырҽеиуаз. Сыбла ихгылоуп сан лыԥраҳәа аарҽны, лыжәҩа инықәыршәны маҵура данындәылҵуаз. Ес-ԥхынра аҳауафара, аԥсшьара ҳәа ақалақь аҟынтәи иаауан хәҷи-дуи ауа-аҭынха, шҭакы азна ҳҟалон аџьџьаҳәа. Абарҭ зегь дрыхьӡон аџыр иаӡрыжәыз сан. Исымҳәар залшом, ҳашҭа аҭаларҭа агәашә ахыб ахагылан кыцла ихыбны, иҵҟьаны, уи иаман адулаԥ захьӡыз. Уаҟа ирызҭан имаӡаз, ибжьымсуаз асас ихәы – ашәырҩа, аџьынџьыхәа, алаҳарҩа, акакан, ажьаӷь уатка. Иццакуаз, аҩныҟа ирзаамгоз патук иқәымҵакәа аӡәы дрышьҭыр ҟаломызт, ус ирҵасын сҭаацәа.
Ирыман алацәгьа Ҭакар захьӡыз, уи даара ила дуун, Кәасҭа ҳамҭас иаагамҭан. Ианшуаз абжьы ақыҭа иахыҩуан.
Имариамызт фҩык ахшара ҳааӡара, ҩ- ҭаацәарак ахьеиҿыз аӡәык иеиԥш рыгәра еибагон, идырҳауаз рмааҭ ҭыԥк аҿы акәын ҵәахырҭас иахьрымаз. Ҳаб иаҳәшьцәа Гәлишьеи Магбулиеи ҳан ҳлыцрааӡон, ҳаб иашьа иԥшәма Бабусиеи ҳани пату еиқәҵаны аҩнра агәшәа ааргон.
Аҵыхәтәаншәа Дмитри дихылҵит аԥҳа ассир, аиаҳәшьа хәыҷы дҳауит. Кәасҭа илыхьӡиҵеит Мрамза, амреи амзеи реиԥш длашаларц. Ҳан ҳара зегьы дҳаԥсалтәуан, далкааӡан дҳаракӡаны дылбон. Иахьагьы зегьы ҳгәы лыладууп, дагьреиӷьаҳшьоит ҳаҳәшьеиҵбы Мрамза! Сыгәҭыха хыркәшо, иахьа сгәы зыҩбоу, ҳшымгәыӷуаз ҳашьа лаша Валериан… «Киа» ҳәа заҳҳәоз, дахьҳаԥхаз даара иаҳныԥшуеит… Иҳамоуп еиҵагыло аҿар, хьыӡлагьы баҩхатәралагьы забду ишьҭра змырӡуа, еихаҳауа иаазго ҳхәыҷқәа дышәзылыԥхааит Ҳазшаз! Ҳҭаацәа ажәытә ирнысымҩаз рдыруазар сҭаххеит иахьа изызҳауа, еиҵагыло ҳҿар, ҳхәыҷқәа!
Зама Гьерхьелиа