Усҟан, Асовет аамҭазы атәылақәа зегьы рхаҭарнакцәа, зшьапы инанагоз, абџьар зкыртә иҟаз аибашьрахь ирыԥхьон. Быжьҩык, фҩык, хәҩык, ԥшьҩык, хҩык, ҩыџьа, азаҵәқәа ахьыргоз иҟан изымхынҳәуаз, наӡаӡа аҩнаҭа ашәқәа ахьакыз, ажәлақәа ахьыӡыз.
Гәдоуҭа араион Жәандәрыԥшь ақыҭа аҟнытә Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы 156-ҩык еибашьуан. Урҭ рахьтә 85-ҩык зымхынҳәӡеит, 71-ҩык рыҩнаҭақәа рахь ихынҳәит. Гәдоуҭа араион аҟынтә еибашьра 7.000-ҩык цеит, ихнымҳәӡеит 2.352-ҩык.
Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аҟны Аԥснынтә еибашьуаз 900-ҩык инареиҳаны аҳәса рылан. Аԥсуа қыҭа Жәандәырԥшьынтә еибашьуан аҳәса: Зыхәба Лида Ҳасан-иԥҳа, Ажәанба Надежда Алмасхан-иԥҳа, Лолуа Татиана Беса-иԥҳа, Қәҭарба Матриона Кадыр-иԥҳа, Қәҭарба Шамониа Кадыр-иԥҳа, Гарцкиа-Мишьелиа Евгениа Иван-иԥҳа.
Қәҭарба Кадыр Даҭа-иԥеи иԥшәма Ажьиԥҳа Марҭеи жәахаҩык ахшара рхылҵит. Ахныҟәгара ахьыцәгьази, амедицина ахьылаҟәызи иахҟьаны хәҩык рыхшара рыԥсҭазаарақәа ирылҵит.
Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа ианалага, Қәҭарба Кадыр ихшаз хҩык аибашьра ирыԥхьеит: Владимир, Матриона, Шамониа. Раԥхьа Матриона еибашьра дцеит.
Қәҭарба Матриона Кадыр-иԥҳа диит 1918 ш. Жәандәрыԥшь ақыҭан. 1939 ш. ҩышықәсатәи амедицинатә ҵараиурҭа далгеит. 1941 ш. акоммунисттә партиа далалоит. Убри ашьҭахь Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭаҿы, амедиаҳәшьас аусура далагоит.
– Аибашьра иналагеижьҭеи фымш ракәын иҵуаз, - иҩуеит лашьа иԥа, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Қәҭарба Алик, - уи рашәарамза 28 рзы акәын. Убри аҽны инаркны лҩызцәа реиԥш ларгьы аибашьра дналагылеит. Матриона раԥхьа Баҭым ақалақь аҟны игылаз аԥшыхәцәа рырхәҭа далан. Уантә уи аладатәи афронт аԥшьбатәи агвардиа абригада, аԥшьбатәи асанитартә баталион далалеит. Иаалырԥшыз агәымшәаразы алеитенант ичын даԥсахеит.
1944 шықәса хәажәкырамза инаркны 1945 шықәса ажьырныҳәамзанӡа авзвод санитартә напхгаҩыс даман. Ари авзвод 962-тәи ахысратә полки, 296-тәи ахысратә дивизиеи ирыдҳәалан. Зегьраҵкыс адивизиа ааха ӷәӷәа Новороссиск астанциа Крымскаиа аҟны иаиуит.
– Убраҟа, – иҩуеит Қәҭарба Алик, – Матриона ахәра ӷәӷәа лоуит, лхабаҩлаша ҵысит. Қарҭ дырхәышәтәуан. Нас – еиҭа аибашьрахь дцеит. Аибашьра анеилга 1946 шықәса рзы Аԥсныҟа дхынҳәит.
Қәҭарба Матриона аибашьраҿы иаалырԥшыз агәымшәаразы иланашьан амедалқәа: «Агәымшәаразы», «Кавказ ахьчаразы», «Германиа аиааиразы» уҳәа, насгьы аџьшьаратә шәҟәқәа.
Қәҭарба Шамониа Кадыр-иԥҳа диит 1922 шықәса рашәарамза ааба рзы Жәандәрыԥшь ақыҭан. Лыхнытәи алагарҭатә школ далгеит. Ашкол ашьҭахь аколнхараҿы бригадирс аус лурц лыдыргалеит, дагьақәшаҳаҭхеит. Жәандәрыԥшь раԥхьатәи аԥҳәыс – бригадирс иҟаз Қәҭарԥҳа Шамониа лакәын. Абраҟа акомҿаррагьы далалеит. 1941 ш. лаҳәшьа Матриона аибашьра данца ашьҭахь, Шамониа аибашьра иадҳәалоу азанааҭ аҵаразы арратә мчқәа рахь илыԥхьеит. Аҽазыҟаҵарақәа данырхыс еибашьра ддәықәырҵеит. Уи ашьҭахь лдыррақәа реизырҳаразы Баҭымҟа дрышьҭуеит.
Ахҭыс игәаларшәо лашьа Алик ус иҳәеит: «Баҭымҟа ицаанӡа Гәдоуҭатәи арратә комиссариат аҿаԥхьа лҩызцәеи лареи еизыргеит. Жәаа-жәаа мааҭ рырҭеит. Баҭым инарҭбааз азыҟаҵарақәа ирхысуан: аԥжәашьа, ахәра аҿаҳәашьа, ахәы дырҳәазаны игашьа уҳәа ирацәаны. Аҭоуба шьҭарҵеит. Нас архәҭақәа рышҟа еихыршеит. Шамониа Апрожектортә архәҭа дақәшәоит. 1942 ш. Шамониа дызлаз архәҭа Нхыҵ Кавказ аӷацәгьа импыҵаихалаз ахақәиҭтәра иалахәын. Ари ишьаарҵәыраз ажәылараҿы ҵыхәаԥҵәарада ахәцәа алыргон… Кавказ ахақәиҭтәра аналыршаха, Шамониа лызлаз архәҭа Баҭымҟа иҩаргеит. Уаҟа аҳәаахьчаҩцәа ирывагыланы аладатәи аҳәаақәа рыхьчон. Қәҭарба Шамониа Кадыр-иԥҳа иланашьан аорден «Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡв аҩбатәи аҩаӡара, амедал «Германиа агаразы…»
Аибашьрахьтә даныхынҳә аҭаацәара далалеит. Лара леиԥш зыҷкәынра еибашьрала изхызгаз, Берлинынӡа инаӡаз, ахәрақәа змаз Қапба Шарадын Мачаԥа-иԥа лыԥсҭазаара ималдеит. Рыхшареи дареи Анцәа ишиҳәара иҟан. Иахьа Шамониеи Шарадыни рыԥсҭазаара иалҵхьеит. Урҭ рмоҭацәа аџьџьаҳәа рыҩнаҭақәа рҿы рымцахәқәа еиқәуп.
Ажәанба Надежда Алмасхан-иԥҳа диит Жәандәрыԥшь ақыҭан, унеишь-уааишь ҳәа зарҳәоз, ажәлар рҿы пату змаз Ажәанба Алмахсиҭ иҭаацәараҿы 1918 шықәсазы. Ақыҭаҿы ашкол даналга Гәдоуҭатәи амедицинатә техникум дҭалеит. Лҵара ибзианы даналга медиаҳәшьас аусура напы алыркуеит. 1941 шықәсазы Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага жәаа шықәса инагӡаны изхымҵыцыз Надежда хатәгәаԥхарала, арзаҳал ҩны аибашьра дцеит.
Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа Аиааира 40 шықәса анахыҵуаз «Афырхаҵара ыӡӡом!» ҳәа Жәандәрыԥшьаа имҩаԥыргаз аиԥылара аҟны Надежда еиҭалҳәоз ахҭысқәа ируакуп: «…1942 шықәса, Севастопольтәи афронтқәа руак аҿы акәын. Аибашьра ӷәӷәа цон, ахәцәа рацәаҩын. Ҳара урҭ ралгара ҳаҿын, – лҳәеит Надежда, – ахысра маҷк ианааиқәтәалак, адгьыл ҳҽаҟаратәны, ҳҳәазаны, ахәцәа алаҳгон. Ус, аҭабиаҿы зыхәда хьыхәхәа иҭажьыз арԥыск дызбеит. Ашьа рацәаны ицәцахьан. Аарла дцәажәон. Санизыӡырҩы – «Сааныбмыжьын, сышьны бца… сгара уадаҩуп…» ҳәа аарла дцәажәон. Усҟан аамҭала аӷа ир ԥхьаҟа ацара иаҿын. Уахьихәаԥшуаз 17-18 шықәса дреиҳаӡамызт… Ахысрақәа маҷк ианеиқәтәа ихәрақәа ҿасҳәеит. Илақәа хитит. Иара Мослаченко Владимир иакәын. Аҵх лашьца ҳҽалакны, ҳҳәазаны мацара ҳашцоз, аӷацәа икарыжьуаз артҟәацгақәа иааигәаны икаҳаит. Сыхдырра сцәыӡит, аха аӷа инапаҵаҟа ҳҟалар иаҳԥеиԥшыз здыруан… Абраҟа ҳҩызцәа ҳацхрааны ҳалыргеит. Акыраамҭа агоспиталь сҭан, слымҳақәа акгьы раҳаӡомызт. Сгыло саналага, Владимир дышсыдҵаалоз сарҳәеит. Иара иԥсы еиқәхеит. Новосибирск дынхон. Аҭаацәара аԥиҵеит. Иареи сареи ешьеи еҳәшьеи реиԥш ҳаизыҟан…
Ажәанба Надежда Алмасхан-иԥҳа «Агәымшәаразы» амедал ланашьан, лџьабаа ду азы «Аԥснытәи АССР зҽаԥсазтәыз амедицинатә усзуҩ» ҳәа ахьӡ лыхҵан.
Зыхәба Лида Ҳасан-иԥҳа диит 1918 шықәсазы Жәандәрыԥшь ақыҭан. Ақыҭаҿы ихарҭәаамыз ашкол даналга Гәдоуҭатәи амедицинатә ҵараиурҭа далгеит. Аибашьра ианалага Гәдоуҭатәи арратә комиссариат ахь илыԥхьеит. Уаҟа илеилдыркааит аҽазыҟаҵаратә курсқәа Аҟә́а ишеиҿкааз, уахь ддәықәырҵеит. Аҟәа мызқәак инеиԥынкыланы аибашьраҿы иҟаҵатәу иазыҟарҵон. Зыхәба Аида Ҳасан-иԥҳа Аҟәантә Қарҭҟа лҩызцәа лыцҵаны дрышьҭуеит. Қарҭынтә Краснодартәи агоспитальқәа руак ахь ддәықәырҵоит. Агоспиталь аҟынтә афронт ахь дышьҭын.
Аибашьра адәаҿы ахәы ицхырааразы, илылшоз зегьы налгӡон. Лхатәы ԥсҭазаара дазхәыцуамызт. Лара лзы ихәыз иеиқәырхара акәын ихадаз. Агоспиталь аҟны аус анылуаз лгәаларшәо, ус лҳәеит: – «Иӷәӷәаз, зыхәрақәа уадаҩыз маҷҩӡамызт. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟаз, аибашьҩы Урал инхоз, афатәқәа иаԥхьа иқәаҳҵоз ифаӡомызт. Иарҭмаҟ хәыҷы ахаа-мыхаақәа ҭеиҵон, еизигон. Афатәқәа зегьы мап рцәикуан, ӡык днахәон, қашьк зны-зынла агьама ибон. Ихәра хымжьыжькаан, иԥсҭазаара ашәарҭа иҭагылан… Имцашоура шьҭыҵит… Даҳзеиқәмырхаӡеит… Анышә дамаҳдеит. Иҵәахны имаз иарҭмаҟ ахаа-мыхаақәа зҭаз, иазаҳуа ҳаздыруамызт. Ихҳартит. Уаҟа еизигоз рҟны асалам шәҟәы хымҩаӡакәан иҭан. Ҳаԥхьарц ҳаӡбеит: «…Сыхаара! Ҳаԥҳа хәыҷы лымшира сызлыдныҳәал. Дысзымгәааит! Аибашьра шеилгалак схынҳәуеит. Лара ахаа бзиа илбоит. Сара сыхьӡала илыҭ. Афашистцәа анықәаҳцалак, аҳамҭа бзиа лзыҟасҵоит… Сыхаара!..» «Уаҳа изымыҩӡеит. Ҳазхара ҳҵәуеит. Иарҭмаҟ иҭаз иҭаацәа рахь иаҳаздәықәымҵаӡеит. Зыхәба Аида Ҳасан-иԥҳа аибашьра адәаҟынтә ӷәӷәала ихәыз, иалылгаз Лариуикин Иван Уасил-иԥа лыбзоурала иԥсы еиқәхеит. Дара еиразҟхеит. Ирааӡеит ԥшьҩык аԥацәеи аԥҳаи. Лыԥшәма Аԥсныҟа дааит. Жәандәрыԥшь еицынхон. Ирыхшаз рыхәҩыкгьы ари ақыҭаҿы иҟаз ашкол иаушьҭымҭацәан. Рԥеиҵбы, Афганисҭани Аԥсни аибашьрақәа дрылахәын. Москватәи арратә академиаҿы аус иуан. Зыхәба Лида Ҳасан-иԥҳа Жәандәырԥшь ақыҭан медеиҳәшьас ҩынҩажәа шықәса аус луит. «Агәымшәаразы» амедал ланашьоуп, убас аиубилеитә медалқәа рацәаны.
Гарцкиа– Мишьелиа Евгениа Иван-иԥҳа диит 1923 шықәса лаҵарамза жәеиза рзы Лыхны ақыҭан. Жәахаҩык ахшара ахьыҟаз, Евгениа дреиҳабын. Ақыҭаҿы ашкол даналга Баҭымтәи амедицинатә техникум дҭалеит. Ибзиаӡаны лҵара хлыркәшеит. Аибашьра иалагаанӡа Жәандәырԥшь ақыҭан инхоз Мишьелиа Сандро машьынаныҟәцаҩын. Дара рыԥсҭазаара еиларҵарц ишыҟаз, 1941 ш. Аџьынџьтәылатә еибашьра ду иалагеит. Ус, ақыҭа иаалаҩит Сандро аибашьра дышдәықәырҵаз.
1942 ш. Гарцкиа Евгениа – зежә шықәса нагӡаны изхымҵыцыз, хатәгәаԥхарала арзаҳал алагаланы, еибашьра дцеит.
Гарцкиа – Мишьелиа Евгениа Иван-иԥҳа 33-тәи зхала иҟаз апрожектортә баталион аҟәшаҿы медиаҳәшьас дыҟан.
Аибашьра анеилга Евгениа деибга-дызҩыда лҭаацәара ду ахь дхынҳәит. Аибашьраҿы агәаӷьра илымаз ҳасаб азуны иланашьан «Кавказ ахьчаразы», «Германиа аиааиразы» амедалқәа.
Евгениа даныхынҳә ашьҭахь хара имгакәан дхынҳәит Мишьелиа Сандро Зосим-иԥагьы. Рҩыџьегь рыԥсҭазаарақәа еиларҵеит. Ааҩык ахшаара рааӡеит.
Лолуа Татиана Беса - иԥҳа 1912 шықәсазы Жәандәырԥшь ақыҭан диит. Лолуа Бесик иԥшәма Кетиа Катицеи фҩык аԥҳацәа рхылҵит. Татиана лабду Осман ареволиуциатә гәыԥ «Кьараз» далан. Имаҭа Ҷаҷуна ҳәа изышьҭаз Гә́доуҭа амедицинатә техникум далгахьан. Аџьынџьтәылатә еибашьра ду ианалага лхатәгәаԥхарала дцеит. 1942 ш. Керч архәҭак аҟны медиаҳәшьас дыҟан. Уаҟа адгьылбжьахараҿы аидысларақәа руак аан ӷәӷәала дхәын. Акыраамҭа ахәышәтәырҭаҿы дышьҭан. Лыхәра есааира аҽарыӷәӷәон. Аԥсныҟа даарышьҭит. Лыхәра иахҟьаны 1950 шықәсазы лыԥсҭазаара далҵит. Усҟан лара 38 шықәса ракәын илхыҵуаз.
Лолуа Татиана Беса-иԥҳа амедалқәа жәпакы лаҭәашьоуп.
Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа 80 шықәса ахыҵра аламҭалазы Жәандәырԥшь ақыҭан 143-ҩык аибашьцәа ргәалашәара иазку «Афырхаҵара ыӡуам!» захьӡу аиԥылара мҩаԥгахоит. Аԥсны иарбан аамҭазаалакгьы аҵеицәа гәымшәақәа алиаауан, иалиаауеит иахьагьы. Ус анакәха, аԥсуаа аԥеиԥш бзиа змоу жәларуп.
Гугуца Џьыкырба
Џьума Габуниа