Ашьаарҵәыра мҩа ианысхьаз

Аиааира Дуӡӡа – 80 шықәса

Ега аамҭа царгьы, ега шықәса ҳарҭысыргьы аџьынџь ахьчаразы зхы иамеигӡаз афырхацәа хашҭра рықәӡам.

Аџьынџь – ааи, ус акәын Асовет Еидгыла иатәыз аҭаацәарақәа зегьы рҵеицәа, анемец фашист, 1941 шықәсазы иҳақәлаз ианиҿагылоз рхы-рыхшыҩ аҿы иҟаз, ршьа-рда иҭахәмаруаз, аӷа хәымга, Асовет тәыла ижьышо иақәлаз, иҵыхәтәа аныхра – убри акәын Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз рхықәкы.
Урҭ фырхацәа иашақәан, убри азоуп иахьагьы, 80 шықәса шцахьоугьы, иаадырԥшыз афырхаҵара аҿырԥшы абиԥарақәа изеимырдо.
Аԥсны азыҳәангьы уи аибашьра ашьҭақәа ӷәӷәаӡа иааннажьит. Аибашьра адәаҿы ахьӡ лаша рчаԥеит ҳажәлар рхаҭарнакцәа. Убарҭ дыруаӡәкуп уажәы ҳзыхцәажәарц ҳҭаху афырхаҵа,Ҭхьына ақыҭан ииз, иааӡаз, ҳаҭыр дула заамҭа ианысыз Ваниа Аџыр-иԥа Инаԥшьба.
20 шықәса зхыҵуаз арԥыс Асовет Ар рҿы ирратә уалԥшьа дшахысуаз ауп ишихьӡаз Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа. Актәи амшқәа инадыркны днарывагылеит абџьар кны амцеилашыра иалагылаз асовет еибашьцәа.
1943 шықәса март мзазы аӷа ихымҭа иаахеит, аха аԥсуа ҷкәын аԥсра даиааит, ԥыҭрак ашьҭахь еиҭа иҩызцәа днараԥызеит. Иара еибашьрала днаӡеит Берлинынӡа, далахәын Варшава ахақәиҭтәра.
Аибашьра анеилга ашьҭахь даҽа хәышықәса Германиа дыҟан. Аҩныҟа даныхынҳә иҭаацәа дыԥсхьеит ҳәа иҵәуара ҟарҵахьан, ҽыц еиҭарызшеит, иаатит рыҩны ашә.

Ваниа Аџыр-иԥа аибашьр­а­хьтә дшыхынҳә́ызҵәҟьа аҭаацәара аԥиҵеит. 16 шықәса зхыҵуаз Нели Асланӡиа-ԥҳаи иареи иеинасыԥхеит. Ирхылҵит 6-ҩык ахшара: Еҭери, Родик, Мимоза, Манана, Нунка, Нодик.
Аибашьра ду ашьҭахь аԥсҭазаара шыхьанҭазгьы, урҭ рыхшара иаԥсаны ирааӡеит. Ақырҭуа-аԥсуа (1992-1993 ш.ш.) еибашьраан акәзар, еибашьуан Ваниа Инаԥшьба иҷкәынцәа аҩыџьагьы.
Ақыҭаҿы пату зқәыз анхаҩ бзиа ҳәа дыԥхьаӡан, иажәа акры ԥхылнадон. Акыр шықәса Ҭхьына ақыҭсовет иахагылаз Аполлон Думаа уи дигәаларшәо иҳәоит. «Ваниа ицназгоз ауаҩы даара дмаҷын, адырра иман, ақыҭаҿы иара дмааикәа аизара ҳалагомызт».
Аџьынџьтәыла ахьчараҿ намысла иуалԥшьа шынаигӡоз еиԥш, асовет аамҭазы ихәҭа ду алеигалеит аҳәынҭқарра жәлар рынхамҩа арҿиараҿы, ихҵан аџьа аветеран ҳәа ахьӡ. Ҳара ҳзыҿцәажәаз имаҭа Гәында Аӡынԥҳа ажәа ԥхала дылгәалалыршәоит лабду, илгәалалыршәоит ирзеиҭеиҳәоз аибашьратә хҭысқәа, ашьа, ахьаа, ахьҭакра, амлакра зцыз. «Ленинград амацәаз ианҭакыз, Ладожтәи аӡиа ааигәара, «Аԥсҭазаара амҩа» ҳәа иахьашьҭаз, ча-ҿаҵак аӡәы иҳаиҭаз сфеит, убри аҟынӡа ачаӷьа ҳацәыхҟьахьан, исԥырхагахеит, сеилышшан сынхьыдышьшьит, санааԥш амедеиҳәшьа дысхагылан, аӡы сҿархәхәо». Уи зысгәаласыршәо, дадраа, ачаӷьа ҳаҭыр ақәышәҵала, аҭынч ԥсҭазаара зыԥсоу жәдырла иҳәон», – илгәалалыршәоит имаҭа Гәында Аӡын-ԥҳа.
Иван Аџыр-иԥа Инаԥшьба иԥсҭазаара далҵит 79 шықәса анихыҵуаз, иҭынхеит ахшара бзиа, амаҭацәа.
Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа (1941-1945 ш.ш.) аан илагала ду азы ианашьоуп хыԥхьаӡара рацәала аорденқәа, амедалқәа, аиубилеитә ҳамҭақәа. Уи ихьӡ лаша аҭоурых иагәылалеит, еиҵагыло абиԥара рзы иҿырԥшуп.

 

Наира Сабекиа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me