Ҳаҭыр зқәу Бадра Зураб-иԥа, гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадас шәахьалырхыз.
Ажәлар ԥықәсларада ргәаҳәара аадырԥшыртә еиԥш имҩаԥысыз алхрақәа рҿы ижәгаз аиааира ишьақәнарӷәӷәеит аԥсуа жәлар шадгыло аҩнуҵҟаполитикатә ҭышәынтәалара алыршаразы, атәыла асоциал-економикатә рҿиаразы шәызну амҩа.
Сақәгәыӷуеит, Урыстәылеи Аԥсни реиҩызаратә, реидгыларатә еизыҟазаашьақәа ҳаԥхьаҟагьы ишыӷәӷәахауа ҳаешьаратә жәларқәа реизҳазыӷьаразы», – иазгәаҭоуп уаҟа.
Владимир Путин Бадра Гәынба изеиӷьаишьеит ақәҿиарақәа, иара убас агәабзиара ӷәӷәа, аманшәалара.
Иара убас Бадра Гәынба адныҳәалара изаалышьҭит Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Афедерациа Ахеилак Ахантәаҩы Валентина Матвиенко.
Ахәҭакахьала, уаҟа иазгәаҭоуп:
«Алхрақәа раан ижәгаз аиааира шаҳаҭра ауеит шәыжәлар шәыгәра шырго азы. Агәра ганы сыҟоуп, ахада иҭыԥ аҟны шәусура ишацхраауа амилаҭ рҳәоуеиқәшәара алыршара, аҩныҵҟаполитикатә ҭышәынтәалара, асоциал-економикатә рҿиара Ҳтәылақәа шәышықәсала аиҩызара рыбжьоуп. Ҳаигәылацәоуп.
Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Афедерациа Ахеилак аҟны ҳақәгәыӷуеит Шәара шәнапхгарала Урыстәылеи Аԥсни реидгыларатә еизыҟазаашьақәа активла ишыҿиауа», – иазгәаҭоуп адныҳәалараҿы.
Аахыҵ-Уаԥстәыла Ахада Алан Гаглоиев Бадра Гәынба идиныҳәалеит Аԥсны Ахадас дахьалырхыз.
«Аахыҵ-Уаԥстәылеи Аԥсни – иаҳзеиԥшу аҭоурыхтә ԥышәарақәа еидыркыло ешьаратә ҳәынҭқаррақәоуп. Агәра ганы сыҟоуп, Шәара шәнапхгарала ҳаиҩызаратә, ҳаидгыларатә еизыҟазаашьақәа шыӷәӷәахауа, ишҿиауа».
Аԥсны Ахадарахьы ԥасатәи акандидат Роберт Аршба Бадра Гәынба идиныҳәалеит Аҳәынҭқарра Ахадас дахьалырхыз. Аршба иалырхыз ахада изеиӷьаишьеит ақәҿиарақәа милаҭ рацәала еилоу Аԥсны жәлар рмаҵзураҿы.
Бадра Гәынба иара иганахьала ахадарахьы ԥасатәи акандидат ҭабуп ҳәа иеиҳәеит адныҳәаларазы, азеиӷьшьара бзиақәа рзы.
«Ҳара ҳамчқәа еилаҵаны иалшо зегьы ҟаҳҵароуп ҳҳәынҭқарра арҿиаразы, ҳажәлар реизҳазыӷьаразы», – иазгәеиҭеит иалырхыз Ахада.
Аԥсны Аҳәынҭқарра аимадареи, амассатә комуникациақәеи, ацифратә ҿиареи рзы, аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы инапынҵақәа назыгӡо Роланд Берулаа арелакциа ахьӡала иааишьҭыз адныҳәалараҿы иазгәеиҭеит:
«Ҳаҭыр ду зқәу агазеҭ «Аԥсны» аредакциа аусзуҩцәа, гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит аԥсуа литература ацәырҵра иауасхыру, ҳмиалҭтә журналистика иашьаҭоу, Аԥсны амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәа ирымшны иԥхьаӡоу, аџьабаа здыжәбало агазеҭ «Аԥсны» 106 шықәса ахыҵра амш.
Ари аныҳәамш аҽны агазеҭ аусзуҩцәа ҳшәыдныҳәало, аимадареи, амассатә коммуникациақәеи, ацифратә ҿиареи рзы Аԥсны Аҳәынҭқарратә еилакы ахьӡала ишәзеиӷьасшьоит раԥхьаӡа иргыланы агәабзиара, агәамч, арҿиаратә еихьӡарақәа, ажәабжь бзиақәа».