Доуҳала ибеиаз

Ааигәа зыԥсҭазаара иалҵыз Аҧсны зҽаҧсазтәыз артист, Аҧсны жәлар рартист, арежиссиор, «Ахьӡ-аҧша» аорден II аҩаӡара занашьоу Шьалуа Ҷыф-иҧа Гыцба иеиҧш иҟаз ауаҩы иҧсҭазааратә мҩа игәакьацәа рҟынтәи иануаҳауа, уаргьы убас еиԥш цәаныррак уоуеит, уи иҧсҭазаара ухаҭагьы уалагылазшәа, даҽаӡәы изымдыруа маӡак удыруашәа, иҩызцәа реиԥш зҟазара рдыруаз, аха хаҭалатәи аибадырра агәаҳәара зманы уи аҩыза алшара змоуз раасҭа уара насыҧ умоушәа…


Насгьы, даҽа насыҧуп – уи сзеиҭазҳәоз, иҧсҭазааратә мҩа иц­аныз, аус ицзухьаз, ичеиџьыка ­зфахьаз, иҩ­ызаразы насыҧ змаз ауаа ахьмаҷҩым. Урҭ рхаҭақәагьы Аҧсни уи ан­ҭыҵи ибзианы ирдыруа – Аҧсны жәлар рартистка Софа Агәмааҧҳа, акинорежиссиор, асценарист, акиностудиа «Аҧсуа фильм» адиректор, Аҧсны жәлар рартист, «Ахьӡ-аҧша» аорден ахҧатәи аҩаӡара занашьоу Виачеслав Аблоҭиа, аҿартә театр адиректор Аслан Еныкь реиҧш иҟоу артистцәеи сареи ҳаибадырра, рыҿцәажәара, рлафи мамзаргьы лаӷырӡыла иҭәу ражәа ҟәандақәеи рзыӡырҩра. Иарбан шәымҭазаалак даҽазны еиҭаҟалаӡом, дарбанзаалак ауаҩы узмыҧхьац шәҟәык даҩызоуп, ихатәы бызшәа, ихатә хәыцшьа, ихатә гәаанагара, ицәажәашьа, убри аамҭазы иҩнуҵҟатәи иҭагылазаашьа, ихаҿсахьа, игәалашәарақәа даныргәылало аамҭазы, зны дхәыцуа, зны ихы-иҿы аччаҧшь ықәыҳәҳәо, зныхгьы илахь неиқәыло, абар, уажәымзар уажәы илаӷырӡ изынкылом уҳәартә… Досу иҿцәажәара ҧсҭазаара хәыҷык еиҧшуп.
Аҟыбаҩ ҷыда, абаҩхатәра ду злаз Шь. Гыцба ааигәа идунеи иҧсахит. Иуацәеи иҭынхацәеи, иҩызцәеи рзы еиҧш, акультура адунеи иаиуит ацәыӡ дуӡӡа. Аха иахьеи- уахеи ивагылаз ауаа ирҳәоит иара иеиҧш иҟоу артистцәа ҧсра рықәым ҳәа.

"Раԥхьатәи ахәшьара сызҭаз"

- Шьалуеи сареи раҧхьаӡа акәны ҳаибадырит 1965 шықәсазы. Уи ашықәсан сара атеатртә институт аҭалара сгәы иҭан. Убри азы Аҧсны акультура аминистрра ахь исоуит ааҧхьара. Жәаҩаҩык аинститут аҭаларазы уахь ҳамҩахыҵит. Ԥышәарак аҳасаб ала ажәеинраалақәа ҳарзаҧхьеит усҟан Шоҭа Русҭавели ихьӡ зхыз Қарҭтәи атеатртә институт аҿы аҩбатәи акурс аҟны итәаз Азиз Агрбеи Шьалуа Гыцбеи. Зегьы ҳҟынтәи ҳалыркааит Полина Џьыкырҧҳаи сареи, ашықәсангьы Қарҭтәи аинститут ҳҭалеит, иаразнак аҩбатәи акурс аҟны ҳдыртәеит. Шьалуа, раҧхьаӡа атеатр асценаҿы дызбеит аҵара хыркәшаны Аҧсныҟа санаа ашьҭахь. Сыбла хнакит Федерико Гарсиа Лорка иҩымҭа ала иқәыргылаз «Ишьаарҵәырахаз ачара» аспектакль аҟны уи ихәмарра. Уаҟа ароль хадақәа нарыгӡон Аҧсны жәлар рартист Нурбеи Камкиеи иареи. Убри асценаҿы избеит Шьалуа Гыцба иҟазара ду, - ҳәа игәалашәарақәа дыргәылаланы еиҭеиҳәеит Виачеслав Аблоҭиа. Уи иажәақәа рыла, уи нахыс дара лассы-лассы ес-ҽнытәи аҧсҭазаараҿы еиҧш атеатртә ҧсҭазаараҿгьы еиқәшәалон, еимадан, аус еицыруан.
- Атеатр аҿтәи ҳусеицура анаҩс, ишыжәдыруа еиҧш, сара акино ахь сиасит. Сгәанала, уи аҟазара еиҳа амҽхак ҭбаауп. Жәашықәсатәи атеатртә ҧсҭазаара ашьҭахь акино, иара убас афильмқәеи амультфильмқәеи аҧсшәахь реиҭагара напы асыркит. Аду­блиажқәа ры­ҟаҵара анаԥшьызга аамҭазы хаҭалатәи сусура анаҩс актиорцәагьы аласырхәуан. Жәаҳәарада, иреиӷьу афильмқәа Шь. Гыцба иоуп аус рыдызулоз. Иаҳҳәап «Гладиатор», «Серафино» уҳәа, иара убас амультфильм «Шрек». Уи адублиаж ашьҭахь ҳабжьара иҟан «Шрек» ҳәа ахьӡ ҷыда иҭаны иацәажәозгьы, - дыччо игәалаиршәоит В. Аблоҭиа. – Сара Шьалуа ибзианы дыздыруан, пату еиқәаҳҵон, иара даара игәы разын, ачеиџьыка змаз, зынхара-зынҵыра ҧшӡаз, иҭаацәа, иԥҳацәа ааӡара бзиа рылыхәхәа ирааӡеит иԥшәмаԥҳәыси иареи. Артистк иаҳасаб ала иӡбахә уҳәозар дыхәмаруан иарбан жанрзаалак идуҵоз зегьы рҟны, ҧшрала-сахьала дӷьаз-ӷьазуа, ифактура, ибжьы, иаҧсшәа, зегь рыла дыбзиан, - илахь еиқәҵаны иажәа хиркәшеит акинорежиссиор Виачеслав Андреи-иҧа.

"Зыгәра ҳгоз, аиаша зҳәоз, зажәақәа иахьагьы иҳацу"

Софа Агәмааҧҳаи сареи ҳаиқәшәараан Шьалуа Гыцба изкны азҵаара анлысҭа, иӡбахә анысҳәа, иаразнак лыблақәа аалашеит. Иумбар залшомызт уи ихаҿсахьа иаразнак лыбла ишаахгылаз. Сгәанала, лара лзы иара иахьагьы иҧсы ҭоуп, дхәыҷы аахыс дышлыцыз еиҧш уажәгьы длыцуп, дахьынаҧш-ааԥшуа илбоит, илаҳауеит иажәақәа, ишьҭыбжь, иабжьгарақәа. Дыччо лхы ҩышьҭылхын лнацәа нақәылкит лҿаҧхьа икнаҳаз Шьалуа Ҷыф иҧеи лареи зныз афотосахьа «Бихәаҧши, бихәаҧши, Шьалуа, инап ҟьаҟьақәа сыбӷа иқәҵаны дыштәоу ббо? Абас акәын дшыҟаз, адунеи азна игәы аартын, дразын, инапы џаџаӡа уанибалак уааигәыдиҳәҳәалон. Иҧшра исахьа дшаҟараз аҟара акәын игәаҭагьы шыҟаз, «саҳәшьаду акалҭхәхәа» ҳәа дысхыччахуан, рыцҳа», - ҳәа аалҳәан, иаразнак «бааи, акаҳуа ҳжәыпи», - ҳәа лажәа ашәымҭазы иаақәлыргьежьааит. Жәаҳәарада, иуадаҩуп уҩыза, угәакьа, уашьа иеиҧш иувагылаз ауаҩы иҟамзаара адкылара, сара избеит аҿартә театр ахыбраҟны, ҭаацәак еиҧш аус еицызуа, иахьеи уахеи еицу артистцәа иахьа уажәраанӡагьы Шь. Гыцба иҟамзаара шрыдрымкылац. Дышрыԥхаз еилыркаауеит, аха гәыла дара дрыцуп, аус рыциуеит, ражәа далоуп, рлаф далоуп, иабжьгарақәа нарыгӡоит, акы ианаргәамҵуа имаз ачҳареи, ахаҵареи, амццакреи ргәаларшәо, иааҭгылоит.
– Шьалуеи сареи инҭкааны ҳгәы нибарханы исгәалашәом. Ашкол ашьҭахьтәи сыҧсҭазаара –аҧхьатәи сшьаҿа аныҟасҵа инаркны иареи сареи ҳаицын. Аҭаацәара саналалозгьы хаҵаҩызас иара иакәын исыцыз. Сашьа еиҳабы издыруамызт уи аҽны сгәы иҭаз, имаӡан. Арахь сӡыҩрын Шьалуа ибжьы саҳауеит, сдәылҵра аамҭа ааизаап, аха иара ахықә дықәгыланы ҿиҭуеит: «Софа, Софа» ҳәа. Сара сашьа ибжьы иаҳар ҳәа сшәоит, иара даҟәыҵуам, - дыччо еиҭалҳәеит Софа Хынтрыгә-иҧҳа. Атеатртә ҟазараҿы уи ишьҭа аанижьит. Игәалашәара мыӡааит.

"Ҳаҩнуҵҟатәи аԥсҭазаара баны, ацәыргара зылшаз"

Аҿартә театр адиректор Аслан Еныкь иажәақәа рыла, дара дырцәыӡит абҵас иршьоз аиҳабы. Шьалуа Ҷыф-иҧа зегьы рзы дҩызан, дабын, дарӷьажәҩаны дрывагылан.
-Шьалуа Гыцба зн­ык-ҩы­нтә ате­лехәаҧшрала дызбахьан акәымзар, лабҿаба дсымбацызт. Актиортә ҟазара ала аҧсҭазаара ду ахь сшьаҿа анеихызга ауп раҧхьаӡа акәны уи данызба, саниабадыр. Ҳара астудентцәа аҳәынҭуниверситет аҟны адагьы аҵара ахьаҳҵоз абри аҿартә театр аҟны акәын. Араҟа еизон актиорцәа дуқәа зегьы. Ароуп дара ахьаҳбаз, иааигәангьы ҳахьрабадырыз. Реиҳараҩык алекциақәа иаҳзаҧхьон, аҧышәарақәа, асеминарқәа раан иҳалатәан, ҳрыдыркылеит, иҳацхрааит, иҳавагылеит аӡәк иеиҧш зегьы. Хаҭала Шьалуа Гыцба идырра, уимоу аус ицура зыбзоурахаз аҧсуа ҳәынҭқарратә аҿар ртеатр ахьаҧҵахаз ауп, избанзар иара дыҟан, аус иуан даҽа қалақьк аҟны, Тҟәарчалтәи атеатр аиҭашьақәыргыларазы дышьҭын.
Есымша ҳгәырӷьаҵәа аҿартә театр ахь ҳамҩахыҵуан, бзиа иаҳбон ҟазарала иҭәыз ауаа рылатәара, рзыӡырҩра, рыхәаҧшра. Ҳааиаанӡа ҩ-кварталк шыбжьоу есымша иҳаҳауан Аҧсны аҟазара зҽаҧсазтәыз аусзуҩ, атеатри, акинои, ателехәаԥшреи ррежиссиор Михаил Мархолиа ибжьы. Уи Софа Хынтрыгә-иҧҳаи иареи лассы-лассы аҟазара иазкны ргәаанагарақәа еибырҳәон, еимаркуан-еиҿаркуан. Рыбжьқәа зынӡа иандухалак, «аимак-аиҿак азшәырха» ҳәа ибжьы рмаҷӡаны инарабжьеигон Шьалуа Ҷыф-иҧа. Даргьы ааизыӡырҩны реимак иааҟәыҵуан. Урҭ аамҭа бзиақәа хашҭшьа ҳамам насыҧ зманы уи иахаану зегьы, - истуденттә аамҭа дагәыланахаланы еиҭеиҳәон Аслан Еныкь.
Иажәақәа рыла, аҿартә театр аҟны раҧхьаӡа акәны адрама агьама дзыркыз Шь. Гыцба иоуп. Уаҟа режиссиорк иаҳасаб ала аусура даналага иқәиргылеит Д. Гәлиа идраматә ҩымҭа «Анаурқәа» иалхыз аспектакль. Аҭаацәа раб Гәдым ирольгьы иара иоуп баҩхатәра дула иназыгӡаз. Атеатр аилазаараҿы ихәмаруаз, иахьагьы аус зуа актиорцәа, Аҧснытәи аҳәынҭуниверситет афилологиатә факультет «актиортә ҟазара» аҟәша аушьҭымҭацәа роуп, раҧхьаӡа акәны аусура иалагеит Софа Агәмааҧҳа напхгара зылҭоз атеатр «Аамҭа» аҟны.
- Арепетициақәа раан, ҳәарада, умгәамҵыр ауам, иара ҭеиҭыҧшла дыџьбароушәа дыҟан, ибжьы анааҭирҟьоз даара ҳицәшәон Софа Хынтрыгә-иҧҳа лаасҭа. Аха ҟазшьала урҭ еидукылозар, иара оумашәа игәы ҧшқан. Арепетициа ашьҭахь аӡӷабцәа рахь ихы нарханы «Сыҷынраа, шәгәы нсырхама?», ҳәа ибла ҭраа днарҿаҧшуан. Иҭеиҭыҧш аӷлам еиҧш дшыҟаз аҟараҵәҟьа игәы ҧшқан. С. Агәмаа лакәзар, анык леиҧш ҳлааӡеит, ҳаҩнуҵҟала ҳзеиҧшраз лдыруан, ларгьы даҳдыруан, ҳлышьцылахьан, Шь. Гыцба уи аҟара дҳаздыруамызт аҟнытә, Софа лҟны ҳашшлон зны-зынла дыџьбароуп ҳәа, аха аиашазы алеишәа ҳәа уҳәозар, лара ллеишәа абанӡаџьбароу иара иаасҭа. Иарбан усуразаалак агәамҵра ахьацым ыҟам, аха иара илан убри аҩыза аҟазшьа ҷыда, игәамҵрақәа зегьы рыхәаҽышьа идыруан, даӷьны жәа хьанҭак иҳәо ҳмаҳацызт, хрыжь-хрыжь аҭагылазаашьа ириашон. Иман ихатә гәамҵшьа. Уи ҧсабарала иҟазар акәхап. Шьалуа даара ауаҩра илан. Абра – ааигәа дынхон. Ҳрепетициақәа рышьҭахь «амла шәакуеит, шәаала акраҳфап», ҳәа иҩны ҳиманы дцон, ҳхала зегьы ҳаицхырааны, ҳаҩны ҳаҟоушәа ҳафатә ҳархион, акреицаҳфон, дҳалабжьон, ҳиааӡон, иаҳзеиҭеиҳәон аҧсҭазааратә ҧышәа имаз ала ҳаҧхьаҟа иаҳҿагылараны иҟоу ауадаҩрақәа ртәы, «уажә макьана имариоушәа жәбоит, аха егьарааны шәкыднаҟьараны иҟоуп, уи шәазыхиазар ауп» ҳәа ҳаиҳәон», - иҳәеит Аслан Еныкь.
Иажәа иацҵо дазааҭгылеит арежиссиор дырҵаҩызар шахәҭоу. Уи агәра диргеит Шьалуа. Иара иқәиргылоз аспектакльқәа ржанр еиуеиҧшымызт, адрама агьама анаадирклак ашьҭахь акомедиа, уи ашьҭахь даҽакы.
- Актиор илоу аҟазара иара ихаҭа издырӡом, уи илазцәцәаауа арежиссиор иоуп, гәыкала зус бзиа избо арежиссиор, убас дыҟан Шьалуа. Иҳаду иџьабаа даара ирацәоуп. Исгәалашәоит, урҭ аамҭақәа рзы афинанстә лшара ҳамамызт адекорациақәа рыҟаҵаразы уи знапы алакыз ауаа рааҧхьара, мамзаргьы асценатә маҭәақәа рыӡахра уҳәа. Зегьы ҳара ҳнапала акәын ишыҟаҳҵоз. Убри аан Шьалуа Ҷыф-иҧа шьыжьынӡа ҳус ҳахьынӡаҿу дҳадгылан, ҳхәы ааигон, ихадоу афырхаҵа ироль назыгӡоз «аҩныҟа дшәышьҭы, иҧсы ишьароуп» иҳәон, аха абас шаҳҳәоз иаацәылашон. Ауаҩы иҟазара ажәҩан аҟынӡа инаӡо иҟазаргьы, егьа дыпрофессионалзаргьы ауаҩра анацым, уи дгьамадоуп, аусеицура уадаҩхоит. Ҳара ҳҭаацәа ҳархылҵит, ашкол ҳахьынӡаҭаз ҳрааӡеит, аха уи ашьҭахь ҳааӡара, ҳашьақәгылара, ҳауаҩхара зыбзоуроу Шь. Гыцба, С. Агәмаа, М. Мархолиа, А. Ҭаниа, Хә. Џьопуа уҳәа роуп. Ҳрыгәҭылакны ҳрааӡеит, доуҳала ҳдырбеиеит, - иҳәеит аҿартә театр адиректор.
-Иқәра ҳахьҵәыуам, аха да­хьҳагхаз даара ҳгәы ҳахьуеит. Ҳзанааҭ ҷыдарас иамоу харкы бызшәала акәымкәа аиаша уазҳәо ауаҩы иоуп иуҭаху. Шьалуа Ҷыф-иҧа ибзиоуп иҳәазар, уи ииашаны ибзиаҵәҟьоуп ауп иаанагоз. Игәра ҳгон. Уи аӡбахә уҳәозар, агәрагара иарбан коллективзаалак иҟазароуп, уимоу аҭаацәара рҿгьы. Ҳара коллективҵас акәымкәа, ҭаацәак еиҧш ауп зегьы ҳшеизыҟоу, ҳтеатр хшла икәабоуп уҳәар алшоит, убри аҟара ацқьара, аилибакаара ҳалоуп. Аусура анаҩс еиуеиҧшым аныҟәарақәа роума, аныҳәқәа рҧылара аума, иарбанзаалак, иахьакәзаалак излалшо ала ҭаацәала ҳаицуп. Досу рхәыҷқәа ҳтеатр ахыбраҟны ирызҳаит, зегьы ибзиаӡаны ҳаибадыруеит, ҳагәра еибагоит, - лҳәеит аҵыхәтәан Софа Хынтрыгә-иҧҳа.
Аиашазы, ас еиҧш ауаа уанрыҿцәажәо доуҳала ухаҭагьы убеиахоит. Шь. Гыцбеи С. Агәмааи атеатр артистцәа ирыларааӡеит апатуеиқәҵара, абзиабара, аидгылара. Агәра згоит аиҳабыратә абиҧара аиҵбацәа ирырҭаз зегьы абиҧарала ишеимырдало.

Елиа Ҵышәҧҳа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me