Избанзар араионқәа зегьы рҟны асиа хада иану алхыҩцәа рахьынтә 25% иреиҳаны алхрақәа рахь инеихьеит.
Аҟәа ақалақь -43%(19,480),Гагра араион - 41%(11,651), Гәдоуҭа араион- 44%(11,296), Аҟәа араион -43%(2603), Гәылрыҧшь араион -41%(5589), Очамчыра араион -42%(6880), Тҟәарчал араион -46%(2623),Гал араион - 43%(860).Иара убас Москва - 1450, Черқьесск - 1420.
Дмитри Маршьан ажурналистцәа ирҭаз азҵаарақәа рҭак ҟаҵо иазгәеиҭеит Черқьесск ақалақь алхырҭатә ҭыԥ аҟны аҭыԥ змаз аилагара иаразнак иашахаҵгылаз,уи азҵаара аҭыԥ ишықәҵоу. Аракьаҽы ақыҭан алхыҩцәа рыбжьара иҟалаз аимак-аиҿак алхрақәа ахьымҩаԥысуаз ахыбра аҩныҵҟа акәӡам иахьыҟалаз,анҭыҵ ауп. Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуаҩцәа ари азҵаара иаразнак аҭыԥ иқәырҵеит,15-20 минуҭ иаанкылаз абжьыҭара аусура иацҵан.
Аҩбатәи алхрақәа рхы рыладырхәит 35 тәыла рҟынтәи 120 -ҩык инареиҳаны анаԥшыҩцәа.
Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com
