Аҩбатәи алхрақәа

Март 1 азы Аҧсны имҩаԥысуеит Аԥсны Ахада иалхрақәа рзы аҩбатәи абжьыҭара.

Аҩбатәи алхрақәа рышҟа инеит ҩыџьа акандидатцәа:Бадра Гәынба - 46,38% (45,817), Адгәыр Арӡынба - 36,92% (36,476).
Аԥсны Алхратә комиссиа хада ахантәаҩы Дмитри Маршьан иажәақәа рыла Аԥсны иҟоуп алхырҭатә ҭыԥ хадақәа 35, урҭ рахь иаҵанакуеит алхырҭатә ҭыԥқәа 152. Иара убас алхырҭатә ҭыԥқәа ҩба аартхоит Москвеи Черқьесски ақалақьқәа рҟны.
Иахьа алхырҭатә ҭыԥқәа зегьы аартын асааҭ 8 рзы. Алхрақәа рылагамҭазы аҭыԥантәи акомиссиа ахантәаҩцәа анаԥшыҩцәа алархәны алхратә биуллетенқәа зегьы рыԥхьаӡеит. Ҩыџьа-ҩыџьа акомиссиа алахәылацәа абиуллетенқәа хыхь, арӷьараҿ алхратә комиссиа амҳәыр аадырхеит. Алхрақәа рсиа хада иануп 134 нызықьҩык ауааԥсыра.
Аҩбатәи алхрақәа шьақәгылеит ҳәа иԥхьаӡоуп асиа хада иану рахьынтә 25% ауааԥсыра алхрақәа рахь инеир.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me