Алхрақәа хыркәшоуп

Жәларбжьаратәи апресс-центр аусура иацҵо Аԥсны алхратә комиссиа Хада ахантәаҩы Дмитри Маршьан 21 сааҭ рзы имҩаԥигаз апресс-конференциаҿы иазгәеиҭеит Аԥсны алхрақәа шымҩаԥысыз.

Алхратә ҭыԥқәа зегьы аркын 20:00 сааҭ рзы. Аҭыԥантәи алхратә комиссиа нап адыркит абиуллетенқәа рыԥхьаӡаразы.
Абжьыҭаразы алхрақәа рышҟа инеит 70 % инарзынаԥшуа алхыҩцәа. Иааидкыланы алхрақәа рышҟа инеит 100 нызқьҩык рҟынӡа ауааԥсыра.
Алхрақәа шымҩаԥысыз атәы дазааҭгыло Дмитри Маршьан иазгәеиҭеит 19:30 минуҭи рзы 20-ҩык инарзынаԥшуа асабрадақәа рхаҵаны Цандрыԥшьтәи алхырҭатә ҭыԥ ишақәлаз.Абжьыҭара амҩаԥысра аԥырхага аҭара хықәкыс измаз, аурна аарҳәны,абиуллетенқәа аԥхасҭа рыҭаны ибналт. Азинхьчаратә усбарҭақәа иҟалаз ахҭыс азы аусҭҵаара хацнаркит.
Алхратә комиссиа хада алхрақәа заанаҵтәи рылҵшәақәа ажәлар ирыланаҳәоит уаҵәы - март 2 асааҭ 12 рзы.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me