Урҭ аҩбагьы еицаԥҵан мышкы, аибашьра ашьҭахьтәи зегь реиҳа ихьанҭаз аамҭақәа рзы, раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба иусԥҟала. Владислав Григори-иԥа, ибзианы еиликаауан аспорт аҿиара иааннакыло аҭыԥ. Убри аҟынтәи иагьа аамҭақәа уадаҩзаргьы игәыгәҭажьны иаанижьуамызт. Иара даара дазҿлымҳан еиҵагыло абиԥара аспорт радыԥхьалара, агәыбылра дыркра иҳәоит, Рафаель Амԥар, аибашьра ашьҭахьтәи аамҭақәа игәаларшәо.
Иреиҳаӡоу аспорт ареспубликатә школ адиректор, Аԥсны ашьапылампыл азы зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ, Аԥсны абҩарҵәыреи аспорти рзы зҽаԥсазтәыз аусзуаҩ, ҳазҭоу аамҭазы Аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы ицхырааҩ, Леон иорден занашьоу Рафаель Ампар, ари аҳәынҭеилакы анаԥҵаз раԥхьатәи амшқәа инадыркны иахьа уажәраанӡа уаҟа ус иуеит. Иара иажәақәа рыла аспорт уамашәа иааџьаушьаратәы аԥсуаа ирыцааиуеит. Избан акәзар, абҩарҵәыреи аспорттә хәмаррақәеи аԥсуа жәлар ирдыруеижьҭеи акрааҵуеит. Аҭоурыхтә хыҵхырҭақәеи археологиатә ԥшаарақәеи раан иҟаҵаз аартрақәа ишышьақәдырӷәӷәо ала, абҩарҵәыра аелементқәа аибашьратә ԥышәаҿгьы хархәара рыман. Уи инаҷыданы, есыҽнытәи аԥсҭазаараҿы, аҿар рааӡараҿы ихымԥадатәны ирыԥхьаӡон. Ажәытәан, аԥсуаа аҵак ду арҭон аҿар рыӷәӷәара, ҭеиҭыԥшла инаӡааӡоу, цәеижьла иӷәӷәоу агәымшәарагьы илоуп, дагьеилҟьоуп, избанзар имчқәа дрықәгәыӷуеит ҳәа иԥхьаӡан. Рафаель Амԥар игәаанагарала, аԥсуаа генетикала аспорт иазҟазоуп, аха аҿар уи бзиа иахьырбо мацара азхаӡом, алшарақәагьы ыҟазар ауп, ргәы зыцԥыҳәо аспорт ахырхарҭала аҽазыҟаҵаразы.
30 шықәса раԥхьа, 1995-тәи ашықәс анҵәамҭазы, Аконституциа анрыдыркыла ашьҭахь, Аҳәынҭқарра раԥхьатәи ахада, аминистрцәа реилазаара аилазаашьазы аусԥҟа инапы аҵеиҩит. Уахь иаҵанакуан абҩарҵәыреи, аспорти, аҿар рполитикеи рзы аилакгьы. Аиҿкаара ахаҭа уазааҭгылозар, усҟанҵәҟьа иаԥҵан ҳәа аҳәара гхахоит, избанзар, иара аибашьраангьы иҟан, аусгьы ауан иҳәоит Рафаель Амԥар. «Изгәалашәо маҷзаргьы, ахҭыс ахаҭа ыҟан. Аибашьра цон, аха ҳҳәынҭқарра аҿар рызҵаарақәа ирызхәыцуан. Ҳаспортсменцәа Аԥсны анҭыҵ имҩаԥысуаз аспорттә еицлабрақәа рыҽрыладырхуан. Усҟан аилак напхгара азҭоз ауаа, иналукааша спорттә усзуаҩцәан. Дара рыбзоурала ҳспортсменцәа атәыла анҭыҵ имҩаԥысуаз ачемпионатқәа рылахәхара алыршахеит», иҳәеит Рафаель Амԥар.
Аибашьраани, уи ашьҭахьтәи ашықәсқәеи рзы аилак наԥхгара аиҭон Валери Андреи-иԥа Логәуа – Аԥсны аспорт арҿиара иазааԥсахьаз, зыԥсҭазаара зегьы аҿар рааӡара иазызкыз, илшоз зегьы ҟаиҵон аспорт аусхк гәыгәҭажьны иаанымхарц азы. Уи инаҩс Валери Иван-иԥа Делба, Валери Чынчор-иԥа Барцыц, арҭ ауаа аԥсуа спорт аҭоурых аҿы наунагӡа зышьҭа нзыжьыз роуп ҳәа азгәеиҭоит иҩызцәа еиҳабацәа игәаларшәо Рафаель Амԥар.
Аибашьра ашьҭахь аматериалтә-техникатә база еилабганы иҟан. Шамахамзар Аԥсны аспорттә обиектқәа зегьы ааха ӷәӷәа роуит, аиҿкаара ахаҭагьы ауаа разымхаразы ахыбгалара иаҿын. Аибашьра анеилга раԥхьатәи ашықәсқәа рзы иҵарны иқәгылан азыҟаҵаҩцәа разымхара азҵаара. Ауадаҩрақәа шырацәазгьы ааԥсарак ҟамҵаӡакәан аусура мҩаԥысуан. Аҳәынҭқарра раԥхьатәи ахада хаҭалатәи ахылаԥшра аиҭон аспорт. Иара ибзиаӡаны еиликаауан аҳәынҭқаррра аҿиара азҵаараҿы уи инанагӡо ароль. Атәыла ԥхьаҟатәи аԥеиԥш азы абҩарҵәыреи аспорти шаҟа аҵак ду рымоу ҳасаб азуны, усҟан зылшарақәа зынӡа имаҷыз, аибашьра иалҵыз аҳәынҭқарра анапхгара ирылшоз еигӡомызт . «Егьырҭ зегьы раасҭа еиӷьны иҿион ашьапылампыл. Аибашьрашьҭахьтәи ашьапылампылазы раԥхьаӡатәи ачемпионат мҩаԥган , 1994 шықәса рзы. Рафаель Амԥар иажәақәа рыла уи хҭыс дуун, акыр аҵанакуан аспортсменцәа реиԥш азыҟаҵаҩцәа рзгьы. «Даара ирацәоуп иугәалауршәаша. Иахьатәи аҭагылазаашьеи, алшарақәеи усҟантәиқәа ианрыдыскыло еилыскаауеит аспорт аҿиара знапы ианыз ауаа шаҟа гәыла иӷәӷәаз, избанзар, убри аҟара ирацәан аԥынгылақәа рхыԥхьаӡара. Иҟан аамҭак, ахацәа аҳәаа ианзахымҵуаз, аспортсменцәа ирыцҵаны азыҟаҵаҩцәа рзышьҭӡомызт, аха ахацәа анырмышьҭ, азыҟаҵаҩцәа аҳәса ҳҿар ирыцны Урыстәыла иахьаҵанакуа аицлабрақәа зегьы рахь ицо иалгеит, абасала ари азҵаарагьы аӡбашьа ԥшаан. Аспорт иазааԥсахьаз Валери Логәуеи Валери Делбеи Аԥсны анҭыҵ аспорттә дунеи аҿы даара иҭбаау хаҭалатәи аимадарақәа рыман, насгьы Асовет аамҭазы аԥсуа спорт зегь реиҳа иӷәӷәоуп ҳәа иалыркаауан, уи ахыԥшагьы цхыраагӡан ҳара ҳзы», иҳәоит Рафаель Амԥар.
Ҩнызқьтәи ашықәсқәа ралагамҭазы Аԥсны аспорт мҽхакыҭбаала аиҭаҿиара иалгеит. Азыҟаҵаҩцәагьы рхыԥхьаӡара акырынтә еизҳаит. Аспорттә хырхарҭа хадақәа- акарате, асамбо, абокс, иара убасгьы егьырҭ ақәԥара хкқәа зегьы рыҽдырҭбааит. Араионқәа рҿы иаадыртит асекциақәа, ашколхәыҷқәа алшара роуит еиԥҟьарада рҽазыҟарҵалартә еиԥш. Даҽаганкахьала, аҳәаанырцәтәи аицлабрақәа зыҽрылазырхәуаз ҳҿар аиааира дуқәа ргон. Ааӡаҩцәа рааԥсареи, аҳәынҭқарра анапхгара аспорт иадырҵоз агәыӷреи алҵшәақәа аарго иалагеит.
2005 шықәа рзы, Аԥсны аҩбатәи Ахада Сергеи Багаԥшь иусԥҟала Рафаель Амԥар аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩыс дҟаҵан. Уи амаҵураҭыԥ аҿы иара аус иуан 2011-тәи ашықәс анҵәамҭанӡа. «Аԥсны ахьԥшымра азхаҵара ашьҭахь аҭагылазаашьақәа даҽакхеит. Уажәшьҭа Урыстәыла имҩаԥаҳгоз ақәгыларақәа зегьы аофициалтә ҟазшьа рыман, ганкахьала уи ҳус еиҳа иармарион, аха аҭакԥхықәра акырынтә еизаҳаит. Насгьы ауадаҩрақәа ҳазцәырҵуан Қырҭтәыла аганахьала. Аспорттә аобиектқәа ракәзар, асоциал-економикатә ҿиара апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны, реиҭашьақәыргылара иалагеит. Аспорттә школ ҿыцқәа ахәыҷқәа рыдрыԥхьалон. Аспорт аҿиаразы агәацԥыҳәара ҿыц рылаҵәеит ҳҿар. Ҳәарада араҟа зынӡа ирласны, ахҭысқәа ркьаҿны еиҭасҳәеит. Аха, аихшьаала ҟауҵозар урҭ аамҭақәа ихадароу даҽа етапкны иҟоуп», ҳәа азгәеиҭеит Рафаель Амԥар.
Аԥсуа жәлар аҿар бзиа ҳамоуп, абаҩхатәра злоу ахәыҷқәа рацәаҩуп, урҭ аспорт бзиа ирбоит иагьрыцааиуеит. Еиҳаракгьы уи ашкол аҟынтәи иаауеит. Аха аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы иаҳбоит, аҭаацәагьы аспорт азҵаара ишазҿлымҳау. Ашколқәранӡагьы ахәыҷқәа асекциақәа рахь ишнарго. Ҳәарада, аспорт зҽалазырхәуа зегьы профессионалтә спортсменцәаны иҟалаӡом, аха згәы бзиоу аҿар рааӡаразы уи аҵак ду амоуп. Абҩарҵәыреи аспорти рахь ас еиԥш иҟоу абзиабара ҳгәы иахәоит, ҳәарада ҳәа азгәеиҭоит абҩарҵәыра зҽаԥсазтәыз аусзуаҩ.
Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы зны ирхашҭхьаз, аха уажәы еиҭашьақәдыргылаз амилаҭтә хәмаррақәагьы аларҵәара бзиа роуит. Рафаель Амԥар иажәақәа рыла, Кавказ иқәынхо ажәларқәа аемоциақәа зцу ахәмаррақәа рымоуп. Аԥсуа жәлар рзы ихадақәаз иреиуан, ирласны аныҟәара, аҩра, аԥара, аҵәы аршәра, ахысра, ашәарыцара, ахьанҭашьҭыхра, аӡсара, ақәԥара, ампыл асра «аимҵакьачара», аҽыбӷаҟазара уҳәа.
«Аԥсны аспорт аганахьала иаԥхьагылоу атәылақәа иреиуахарц азы алшарақәа зегьы ҳамоуп. Ҳәарас иаҭахузеи, уи аҟаҵаразы макьана инагӡатәу рацәоуп. Аспорт аҿиараҿы акыр зҵазкуа даҽа етапкны иҟалоит Ешыра ақыҭан иҟоу, Асовет Еидгыла Аолимпиатә база хада аиҭашьақәыргылара. Ари ахыбра ду аҭоурых 60-тәи ашықәсқәа рзы иалагеит. Усҟантәи аамҭазы аспорттә центр ҟалараны ахьыҟаз аҭыԥ аҿы аҳаиртә баӷәаза ыҟан. Аха, аспорт база аргылараз аӡбамҭа анрыдыркыла, аҳаиртә баӷәаза Бабышьраҟа ииагахеит, 64 гектар зҵазкуа аҭыԥ аҿы аргылараду иалагеит. Аусурақәа рхыркәшара анаҩс ара аолимпиатә база еиқәыршәан ашьапылампыл асразы адәқәа ԥшьба рыла, араҟа иҟан хыԥхьаӡара рацәала аӡсарҭатә бассеинқәа, аԥкьаҭ асырҭақәа, аҩырҭақәа, ахысырҭақәа. Ажәакала, аспорт ахырхарҭала иарбан хкызаалакгьы аҽазыҟаҵаразы алшарақәа аԥҵан. Абаза ааха ӷәӷәа аиуит ақырҭуа-аԥсуа еибашьраан, ишдыру еиԥш, афронт ацәаҳәа хада Ешыра иалсны ицон. Уи нахыс аспорттә база гәыгәҭажьхеит. Иԥхасҭахаз ахыбрақәа шықәсырацәала еизҳаз, аҭыԥ зегьы зтәызтәыз ашәаԥыџьаԥ рхыҵәеит. Аибашьра ҟалаанӡа зыхьӡ ахара инеихьаз ари аобиект, иахьа Амшын Еиқәа аҿықә иахьаҵанакуа зегьы иреиҳау аус зымуа, аилабгара иаҿу спорттә обиектуп.
Рафаель Амԥар иажәақәа рыла, аспорттә база аиҭашьақәыргылара азҵаара акырынтә иқәдыргылахьеит, аха иахьа уажәраанӡа уи анагӡара залмыршахеит.
Ҳаамҭазы, аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә еилакы, Аԥсны ахи-аҵыхәеи аспорт арҿиара аџьабаа азызбо усбарҭаны иҟоуп. Есышықәса асекциа ҿыцқәа аанартуеит, ҳаспортсменцәа аихьӡара ҳаракқәа аадырԥшуеит, аспорттә хырхарҭақәа зегы рҿы, ахьӡ ҿыцқәа цәырҵуеит. Ҳара иҳамоуп ихьӡыҭгагоу, ҳазхыҽхәаша аспортсменцәа, Европеи, адунеи ачемпионатқәеи, аолимпиатә хәмаррақәеи рҿы аиааира згахьоу. Урҭ рыбжьара Денис Царгәыш, Баграт Хәытаба, Диана Чалиан, Ален Аҩӡба, Амина Аншԥҳа, Борис Багаҭелиа, Русҭам Амԥар, Асланбек Гәарамиа, Инар Кетиа уҳәа… Аспортсменцәа ҿарацәа рҟынтәи зегь реиҳа аспортә хьыӡқәа зыхҵоу, иреиҳау аихьӡарақәа змоу Денис Царгәыш иоуп. Иара хынтә адунеи, хынтә Европа, хәынтә Урыстәыла дачемпионхахьеит. 2012 ашықәс азы Лондон имҩаԥысуаз аолимпиадҿы аџьаз медал ианашьан.
Аҿар русқәеи аспорти рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы аҿар рполитикеи, абаҩрҵәыреи рганахьала аҳәынҭқарратә усура амҩаԥгара напынҵас иамоуп, убасгьы аизыҟазаашьақәа рҳәаақәҵаразы азинтә шьаҭа аиӷьтәра азҵаара иахылаԥшуеит. Ари аилак аколлектив аԥышәа змоу 27-ҩык аспециалистцәа рыла ишьақәгылоуп. 2023-тәи ашықәс инаркны аилак наԥхгара аиҭоит Ҭарашь Ҳагба.
Аспортә политика иазкны иуҳәаша даара ирацәоуп. Аха, материалк уи ҭагӡашьа амаӡам. Аамҭақәа урхыԥаны, еилацаланы, зынӡ иуркьаҿуазар иҟаҵоу даараӡа ирацәоуп. Акырынтә еиҳауп зыҟаҵара иаҿуи, иҟаҵатәу ҳәа иазԥхьагәаҭоуи. Аҵыхәтәантәи, зынӡа иҿыцу ажәабжь ала ихсыркәшозар-Аԥсны аспорттә ҭыԥ ҿыцқәа 10 дыргылараны иҟоуп. Урҭ аԥара рзоурыжьуеит Краснодартәи атәылаҿацә анаԥхгара.
Рафаель Амԥар, аибашьра даветерануп. Аибашьра ашьҭахьтәи имариамыз аамҭақәа рзгьы ааԥсарак ҟамҵаӡакәан аҿар рызҵаарақәеи, разыҟаҵареи инапы рылакын. Сизыӡырыҩуанаҵы еилыскаауан, ҳәарада аспорт хадароуп, ҳәарада аҿар рполитика аҳәынҭқарра иаусхыруп, аҿар рхаҭа амилаҭ ирԥеиԥшуп, ҳаспортсменцәа аҳәаанырцә ирымоу аихьӡарақәа аҵак ду рымоуп, аха, сгәанала иахьа иҳамоу, ҳазхыҽхәо аҟалара зыбзоуроу – аибашьра зегьы зхызгаз, аха гәыла икамҳаз, аибашьра ианалҵгьы аҳәынҭқарра излахәаша иашьҭалаз ауаа ахьҳамаз, иахьагьы урҭ ахьыҟоу ауп. Аԥсуа спорт еснагь иҿырԥшыган, есҽны иааҩуа аспорт еихьӡарақәа ражәабжь агәра унаргоит, иреиҳау аҩаӡараҿы ҳаспорт аныҟаз аамҭақәа зынӡа ишааигәоу.
Елана Лашәриа