Урыстәылатәи ахәышәтәырҭақәа рахь

Аҭагылазаашьа ҷыдақәа раан анапхгараҭара Ацентр анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Глеб Багаев рыӡбахә иҳәеит ахәышәтәразы Москваҟа ирышьҭуа ачымазцәа.

Иахьа Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҟнытә зҭагылазаашьа уадаҩу хҩык Москваҟа ирышьҭуеит. Аҳаиплан аҿы аус руеит «Центроспаси» Урыстәыла амашәыр ӷәӷәақәа рмедицина Афедералтә центри рспециалистцәа.

«Аԥснынтәи Урыстәылатәи Афедерациа амедицинатә центрқәа рахь идәықәырҵоит ааҩык ачымазцәа», – иҳәеит Багаев. Урҭ рахьтә хҩык хәыҷқәоуп, ҩыџьа аӡӷабцәеи ҷкәынаки.

«Урыстәылатәи аспециалистцәа инарыгӡоз амедицинатә профилактиватә хәаԥшрақәа раан ҩыџьа ахәыҷқәа ачымазарақәа рыдырбалеит. Иара убас иҟоуп хәҩык адуцәагьы. Урҭ рахьтә хҩык ателемедицинатә констультациақәа реихшьалақәа рыла Бурденко  институт ашҟа идәықәҵахоит», – иҳәеит Багаев.

Даҽаӡәы дышьҭарҵоит Пирогов ихьӡ зху амедицина-хирургиатә центр аҟны. Даҽаӡәгьы – згәамбзиара даара иуашәшәыроу Аԥсны Афырхаҵа дышьҭарҵоит А.В.Вишневски ихьӡ зху ахирургиа Амилаҭтә медицинатә центр аҟны.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me