Аха сара арҭ ахьрызҳаз агәараҭа ҭбаа ианыҧшуа, исыҵанаҳәо, избо, исаҳауа, рацәоуп, рыуацәа, рҭахцәа, ибзианы изгәалашәо рҩызцәа зҳәаз еиҧш …
Кәыҵниа Кинтриа Кәанач-иҧеи Камкиа Кристина (Сониа) Мац-иҧҳаи ирааӡеит ф-ҩык ахшара, ҧшьҩык аҧацәеи ҩыџьа аҧҳацәеи.
Аҩра салазгалаз, ахы умҳәакәа аҵыхәа узҳәом. Аҧсны иҟалаз аибашьра ихнарҵәаз сан, иҭаркыз диҩызахеит (абыргцәа зегьы, усоуп ишырыҧхьаӡо, адәы иашьцылахьо), лыла ҭраа дыҧшуеит «схәыҷқәа анбаауеи аусура аҟынтәи» ҳәа абарҵа дыҵагыланы. Сан илцәырблыз аҩнаҭаҿы, Тамшь ақыҭаҿы дхандеихьан 60 шықәса, Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду 60 шықәса ахыҵра лгәаладыршәеит илкыз апатреҭқәа.
Аҧхьа сара саагачамкит, сшанхеит, исзымбатәбарахеит, избанзар, сашьазаҵә қәрахьымӡа Иура, аабыкьа лгәаҵҕа ҿызҵәахьаз, ипатреҭқәа ракәын илгәыҵакны илклоз…
Илкыз апатреҭ аалымысхын, ашьҭахь иану аҩырагьы снаҧхьеит: «На память младшему сестрионку Квициниа Зинаиде от старшего брата Квициниа Гриши. 1\II-43 года. Казань, Т. АССР».
Сан ихҭалкуа далагеит лашьцәа рпатреҭқәа, иаҳарак Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду 60 шықәса ахыҵра аламҭалаз. Саншьцәа хазынақәа, усҟантәи аҵарауаа, аибашьра ианалага инаркны иеибашьуаз, рыӡбахә аҳәара гәаҕьыуацәоуп, аха урҭ рыхьӡ иадҳәалаз амедалқәеи, аорденқәеи, аҳамҭақәеи, ақьаадқәеи исдырбеит, исдырҳаит руалҧшьа шынарыгӡоз, рыҧсадгьыл рхы шақәырҵоз, ишеибашьцәаз.
Сара ибзианы исгәалашәоит сабдуи сандуи. Сабду, Кинтриа Кәанач-иҧа Кәыҵниа, анхаҩы цқьа ҳәа ӡәыр дыҟазар, раҧхьа идыргылоз иакәын. Дҽыбҕаҟазан, абаз каршәзаргьы ишьҭызҧаауаз иакәын рҳәоит. Рыҩнаҭа сас дагхомызт, имҩахыҵуаз рацәаҩын. Ргәараҭа, рашҭа ҭбаа аҽырҩырҭа иаҟаран.
Сабду Кинтриа аҭаацәара далалт 1908 шықәсазы. Дааигеит Кристина Мац-иҧҳа Камкиа. Лашьа заҵә Иула Камкиа ихатә фаетон иман, уи ныҟәызцозгьы диман…
Зхы еидызкылаз ирааӡеит ф-ҩык ахшара. Аҧацәа ҧшь-ҩык, ҩыџьа аҧҳацәа. Арҭ зегьы аҵарақәа ирылдыргеит.
Рыҷкәын аиҳабы Кьамсыс ихьӡын (аҩны Шәышә ҳәа иарҳәон). Далгеит ҩышықәсатәи асоветтә партиатә школ (1933-1934 ш.ш.)
Аибашьра Ду ианалагаз, Шәышә Аҭара ақыҭа аусҳәарҭаҿы аус иуан старшинс. Адҵақәа злаиауаз ала, уи аҿар еизганы ишьҭлар акәын аибашьрахь. Шықәсык ауп, нас, ашьҭахь иаргьы ддәықәлеит.
Шәышә уаҳа дымгьежьӡеит… Иҟарҵоз, ргәырҩа даҽаӡәы днацлеит.
– Мызкгьы ҳзымычҳаит, – сан лажәа иацылҵоит, – еиҭах амҩа ҳнықәлеит, Маџьгагьы Шәышәгьы рхәы ҳаманы. Маџьга Қарҭ дшыҟаз аадыруан, ҳцалон, Шәышә ихабарк шҧаизымдырри ҳәа. Уа дыҟаӡамызт, Маџьга ихәы инаҳгаз акәым, уа имаз афаха имамызт, сааҭ бжакгьы дҳадымхалт, иаразнак ирхәҭа ахьыҟаз ахь дыццакит, – илгәалалыршәон сан.
– Уа ҳаанымгылакәа ҳдәықәлеит Вогоршопадҟа (Ермантәыла). Уа даабеит Шәышә, инаҳгақәаз наиаҳҭеит, ҳнеиҧырҵит. «Ари амчыбжьала амҩа ҳақәырҵар ҟалап, аибашьра ҳцоит, иахьыкәу макьана иҳаздырӡом» –абар аҵыхәтәантәи иажәақәа.
Ари иажәа иаҩызахеит исалам шәҟәгьы. Сан илгәалашәаӡом иарбан қалақьу дахьеибашьуаз, исазҳәозгьы дҟамлеит. Амала, авоенкоматаҿ ашәҟәы ианны саҧхьеит Кәыҵниа Шышә Кинтриа-иҧа дҭахеит 1942 ш. жьырныҳәа мзазы ҳәа.
Сшанханы слыхәаҧшуеит, шаҟа ирласны дыҧшаауаз сан дзышьҭаз апатреҭ азы. Уи Маџьга рыцҳа иакәзаарын…
Ашкол даналга Маџьга дҭалоит Аҟәатәи арҵаҩратә ҵараиурҭа. Далгоит 1940 шықәсазы. Уи ашықәсан дҭалоит Бақәатәи аршьаҟауаатә ҵараиурҭа. 1930 шықәса раахыс далан акомҿарра. Ихатәгәаҧхарала, дзылгаз азанааҭ ала дцоит аррамаҵура 1941 шықәса февраль 12 рзы, дрышьҭуеит Қарҭҟа. Арратә ҵараиурҭаҿы дрыдыркылт курсантк иаҳасабала. Нас алеитенант қәыҧш 1941 ш. азы дҟарҵоит авзвод акомандирс. Уи акыр аибашьрақәа дрылахәын.
Маџьга аибашьра анынҵәа аус иуан Ленинакан ақалақь аҿы. Аҭаацәара далалеит 1947 шықәсазы. Дигеит, иара изааигәаз иҩыза аполковник Дмитри Дмитри-иҧа Погудин иаҳәшьа Анна Дмитри-иҧҳа Погудина. Ҧаки ҧҳаки имоуп. Иҷкәын ихьӡуп Гена, иӡҕаб – Светлана.
Ихатә документқәа рҿы исҧылоит ирацәаны ибиографиа иадҳәалоу аҟазшьарбагақәа, иусура иамадоу аҳамҭақәа, аграмотақәа, амедалқәа, аорденқәа. Аҵыхәтәаны амедал «За боевые заслуги» (1950 ш.) иацу ақьаад абас ануп.
«Дисциплинированный, энергичный, волевой, грамотный офицер… Бдителен, умеет хранить военную государственную таину. Морально устойчив, идеологически выдержан. За долголетнюю и безупречную службу в Советской Армий достоин награждения медалью «За боевые заслуги». Командир 974 стрелкового полка полковник Чернышев».
1954 шықәсазы уи дрышьҭуеит иреиҳау акурсқәа рахь. Аха, Маџьга аџьабааи аусура хьанҭеи идырааҧсахьаз, игәамбзиара иахҟьаны дгьежьуеит Аҧсныҟа. 1960 шықәсазы, дышқәыҧшӡаз, 39 шықәса дшырҭагылаз иҧсҭазаара ҿахҵәеит. Ихәыҷқәа изхара изымбацызт. Иахьа, уи иҷкәын аус иуеит аҩнуҵҟатәи аусқәа Рминистрраҿы, длеитенантуп.
Чемиа Кантриа-иҧа Кәыҵниа диит Аҭара ақыҭан 1918 шықәсазы. 1938 шықәсазы далгеит Аҟәатәи арҵаҩратә ҵараиурҭа. Гәдоуҭа араион Абҕархықә ақыҭантәи ашкол аҿы аус иуан. Нас диасуеит ақыҭахь – Аҭараҟа.
– Сара усҟан исхыҵуан фышықәса, аха сыла дыхгылоуп раҧхьаӡа данызбаз еиҧш, – абас дналагеит ацәажәара Нулиа Адлеиба, Аҧсны зҽаҧсазтәыз арҵаҩы. – Ахәыҷқәа зегьы ҳиргәыбзыҕуан, алакәқәа ҳзеиҭеиҳәон. Иаҳа ашкол ахь аара ҳҭаххарц, аканфеҭқәа, аҵәа, аҳа убас ирацәаны ашәырқәа ҳзааигон… Заҟа жәа хаа, жәа бзиа ҳаиҳәоз. Ишҧеиҭахыз ахәыҷқәа зегьы ашкол ахь иныҟәаларц, аҵара рҵаларц…
– Дцаны аҩыгақәа, ашәҟәқәа ҳзааигон иаахәаны, – лажәа иацылҵоит Нулиа Адлеиба. – Ачамҧаз иалхны ачернила ҳзыҟаиҵон. Ақьаадқәа ҳазҧиҟон, аурок зламҩаҧырго амаругақәа, асахьа ҧшӡақәа ихатә ҧарала акәын зегьы шааихәоз.
Шықәсыки бжаки роуп аус ахьиуз, нас 1941 шықәсазы иҧхьеит аррамаҵурахьы. Шықәсыкгьы ихимгацызт Финтәи аибашьрахь данца. Уаҟа иоуит ахәра ҕәҕәа, ихәын инапы.
Уи ашьҭахь дналагылт Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду. Аҧхьа ҧшыхәра ицоз дрылан, акыр ақалақьқәа рҿы инаигӡон иуалҧшьа. Нас, ихамышҭуа игәалашәараҿы иаанхаз:
– Убас еиҧш ихьҭан, иҵаауан, ҳарҭ Волга аӡиас ду ааигәара ҳаҟан. Ахьҭа ззымычҳауаз аҧсаатә иҧсы-ҧсны асы иларшәын. Ҳарҭгьы шьҭа иаҳзымычҳауа аҟынӡа ҳнеихьан. Ус Ворошилов даҳзааит, даара ҳџьеишьеит, ҳрыцҳаишьеит, иаразнак иҟаиҵаз адҵала амагә ҧхақәа (валенки) ҳзааргеит, ажәакала, ҳаҧсы еиқәирхеит. Аӡынра аацыҧхьаӡа исгәалашәоит убасҟантәи ҳахьҭакра. Арахь уиаҟара аибашьыга техника абаҟахыз, – игәалашәоит Чемиа.
Аҕа есымшааира аибашьра иалеигалон амч ҿыцқәа, атехника ҿыц. Аҧсреи аӡреи еимаркуа ақәҧара иаҿын асовет ар зегьы. Убарҭ дыруаӡәкын Чемиагьы. Деибашьит, еиҳарак Украина иахьаҵанакуа ақалақьқәа рҿы.
Аҩынтә раан данырхә дышьҭан Казан (1943 ш.). Ихәра даара иҕәҕәан. Ҩымз рыла еиҭах аибашьра дцеит. Араагьы ихьыз лакәҵас иеиҭеиҳәон. Ахы иаахахьаз, ишьапы иалаз, ҿыц иқәшәаз даҽа хык иалнаршәеит. Анцәа дицын еиҭах. Аешелон азна ахәцәа ахьнаргоз ирылаз Чемиагьы абомбакажьра дақәшәеит, аха афицерцәа иқәшәаз ицхрааны, уи аҟара иахьшәарҭамыз дныжьны ицеит. Иааигәаӡаны аибашьра цон, аха «имҧсыша аџьма амаҵә азылаҟәуеит» ҳәа, иқәшәеит асанитаркацәа, «иахьагьы убарҭ рыла сыҧсы ҭоуп» ҳәа игәалаиршәоит…
Уи аибашьра анеилга аҩныҟа ддәықәымлеит, иациҵоит иара изыҳәан инымҵәаз аибашьра, – ахҧатәи. Иапониа аибашьра далахәын…
1946 шықәсазы, ҭагалан анынҵәоз, иашҭа ҭбаа дааҭалоит 1940 шықәсазы аррамаҵурахь иргаз.
Иаб Кинтриа, иан Кристина, иаҳәшьцәа Тыкәа, Зина агәра рызгомызт бжь-шықәса ирымбацыз рашьа раҧхьа дгылоуп ҳәа. Иашьеиҳаб Шәышә ихабарк рыздыруамызт, хабарда дыбжьаӡит. Маџьга аррамаҵура иациҵон Ленинакан. Зегьы иреиҵбыз Иликәа, аибашьра анцоз 16 шықәса ирҭагылаз, иаалырҟьаны иҧсҭазаара далҵхьан.
Чемиа Аҧсны иҟалаз аибашьра даргәамҵит. Иара изыҳәан ари аҧшьбатәи акәын. Игәы иҽанӡамкәа, агәашә ҧыххаа, атанк ашҭа иааҭалт, иааҭыппит аҷкәынцәа қәыҧшцәа.
– Иҳашәҳәозеи, дед, ҳабантәиалагои аимадара, иабаабои аибашьыга шәақьқәа?
Дааччан, инапқәа наирххеит, – аа, аҩны ахьгылоу, аказармагьы абан, ишәзыҧшаауазар, ишәҭахәу жәга!.. Ари заҳаз, дшәаз џьыршьан: – Ушәама, дед?! – иазҵааит. Иара аҭакс, «Сара сзыршәо дыҟаӡам, аибашьрақәа хҧа срылахәын, амала абыржәтәи аибашьра схахьы исзаагом, изыхшәырҟьоузеи ҭынчла инхо ажәлар!» – иҳәан, инапы ҟьаны аҩныҟа иҿынеихеит…
Иааиз, инеимда-ааимдан, иргәаҧхақәаз аашьҭыхны, ртанк инақәтәаны ицеит. Иахьагьы ихахьы изаагом имылакьысӡакәа иахьцаз, хык ахьыҭдмырҟьаз. Еиҭах анцәа дицын… Чемиа аибашьраҿ ифырхаҵареи игәымшәареи рзы ианаршьахьеит аҳамҭа дуқәа, «Аеҵәа ҟаҧшь» аорден, хыҧхьаӡара рацәала амедалқәа.
– Уаҳа аибашьра ҟамлааит! – даақәыҧсычҳан, даасыхәаҧшит. Ус иааҩналт зегьы иреиҵбацәаз имаҭацәа ҩыџьа: Лаша ихыҵуеит ҧшьышықәса, Лана илхыҵуеит хышықәса.
– Даду дрыкәыхшоуп, раб даныҧсуаз сара сыҧсыр исыбаргәыз. Ихәыҷқәа иара иааӡар акәымзи, – илаҕырӡқәа хыҟәҟәала ҿааиҭит Чемиа. Ахәыҷқәа раб Дима, иаиқәшәаны дыҧсит, хәышықәса ирықәуп. Иҷкәын еиҵбы Раули динвалидуп (аҩбатәи агәыҧ). Аҧсны аибашьра анцоз ахы иаахаз дыбжаны дҟанаҵеит. Ҧшьҩык ахәыҷқәа драбуп, ианашьоуп «Агәымшәараз» амедал.
Ари ашҭа ҭбаа, ашҭа ҧшӡа иҭыҩуеит изызҳауа ахәыҷқәа, Чемиа имаҭацәа рыбжьы.
Чемиа иахьа дивагылам иҧшәма ҧҳәыс, Петра Қапба иҧҳа Гәылиа, аабыкьа лыҧсҭазаара далҵит.
Чемиа игәы каижьӡом, икаҳарцгьы иҭахым, ирызҳауеит имаҭацәа: Наташа – технологуп, Ада – дҳақьымуп, Асҭанда – медиаҳәшьоуп, Асҭана, Оқсана, Руфа – студентцәоуп. Лашеи Ланеи рабду илакәқәа ирзыӡырҩуеит…
Шьҭа ҳгьежьыроуп сани сареи аҩныҟа, ҳахьынтәиааз Аҟәаҟа. Иаҳхашҭуа ҳалагеит Тамшь. Иаҳхамышҭыр амуит… Саншьа ибаргәузеи, сан лаасҭа… Иахьа ахәыҷ ҿыцныҟәа иеиҧш дныҟәон, дакәшон ашҭа ҭбаа, лызхара илызбомызт аҧсабара аҧшӡара…
Арҭ реиҧш иҟоу аҭаацәара, сара исуалҧшьаны исыҧхьаӡо аҧсҭазаара амҩаду ианысыз сани, уи лаҳәшьа Зинеи, рашьа Чемиеи иахьа изхаанхаз Аҧсны ахьыҧшымра, ахақәиҭра ду рыдныҳәалара, агәабзиара, ақәра ду рзеиҕьашьара ауп. Дара уи иаҧсоуп…
Лиуда Ҵереҭели,
Аҧсны ажурналистцәа
Реидгыла иалоу