Уи лымшира, гәырӷьахәла илыдызныҳәалаз лҩызцәеи - лгәакьацәеи рыгәҭа сыҟамызт хаҭала, арҭ ацәаҳәақәа равтор. Аха уи лхаҭареи лырҿиареи даара ҳаҭырла ирзыҟоу аӡә лаҳасабала, уажәы имодахаз асоциалтә ҳа феисбук аҟны слыдныҳәалеит.
Лассы-лассы ақалақь аҩнуҵҟа, ана-ара ҳусура аганахьалагьы ҳаиқәшәалоит Инна Ҳаџьым-ԥҳаи сареи. Уи зны, лара лхаҭа дубаанӡа иччо лыблақәа, ллакҭа убоит. Усҟан, уи лхы-лҿы иқәу аччаԥшь иахылҵуа алашара, аԥхарра умш иахаҿны иахылоит. Даҽазных, хәыцра ҵаулак далоуп, иалшоит улызгәамҭаргьы. Аха уи аамҭазы, дхьарԥшны аԥсшәа анаалауҳәа, ишылҟазшьоу еиԥш, «сыхазына» ҳәа лҿабызшәа хааӡа гәыблыла ушҟа лҿаалхоит.
Аԥсуа шьха қыҭа ԥшӡа Арасаӡыхь иалҵыз, зырҿиара апоезиа ала ихацыркхаз, абаҩхатәра злоу апоет, ажәа сахьарк дшазҟазазгьы, ибзианы ишлыцааиуазгьы, лыԥсҭазаараҿы аԥыжәара агеит апрофессионалтә журналистика.
Ҳаиҿцәажәараан излеилаҳкааз ала, Инна Ҳаџьым-ԥҳа дхәыҷаахыс ашьха, аԥсабара дадҳәалан, уимоу, уи аԥангьы аӡәы диҵамхо ибзианы издыруа дреиуоуп. Инна лажәақәа рыла, раԥхьаӡа ашьха данцоз 6 шықәса лхыҵуан, иара убасҟан, ашьха ауп иахьиз раԥхьатәи лпоезиатә цәаҳәақәа, раԥхьатәи лажәеинраала.
«Арасаӡыхь ақыҭа аԥсабара ԥшӡа, сахьиз-сахьааӡаз аҭаацәараҿы избоз аԥсуа ҵас, ақьабз, сышкол, срыҵаҩцәа, лымкаала бзиа избоз аԥсуа бызшәеи алитературеи ргәыбылра сзыркыз Сулико Варлам-иԥҳа Амҷ-ԥҳа уҳәа исырҭаз рацәан, апоезиахь раԥхьатәи сшьаҿақәа рыҟаҵара, уахь схьарԥшра, хымԥада, урҭ ирыбзоуроуп, шьаҭас ирымоуп.
Апоезиатә дунеи џьашьахәы ашҟа, аханатәгьы сгәы сыхон, уажәгьы сгәы иҭахәхәа иҭоуп, апоезиа еиҳау ыҟам са сзы, аха ажурналистика самҽханакит. Апоезиа арҿиараҿы агәҭынчреи хәы змам аамҭеи хымԥадатәуп. Ажурналистикаҿы ирласны ажәабжь, ахҭыс азыӡырҩцәа, ахәаԥшцәа рызнагара хадароуп. Апоезиеи ажурналистикеи еиқәҿырҭуеит, хаҭала зынӡак еизааигәамзаргьы еицәыхараӡам.
Хаҭала, сара ажурналист изанааҭ ала сусураҿы исмыцхраауазар, акала исԥырхагамхеит апоезиа» , – лҳәеит апоезиеи ажурналистикеи шхеибарҭәаауа, реиҭанаиааира, реизыҟазаашьа азгәаҭо Инна Ҳаџьым-ԥҳа.
Аԥхьаҟа ипоетхараны, ижурналистхараны иҟаз И.Ҳаџьым-ԥҳа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны аҵара анылҵоз, уаҟа еиҿкааз алитературатә кружок далан, аамҭаказы, напхгарагьы алҭон. Уи инаҷыданы, ажәеинраалақәа реиԥш, Аԥсны иҭыҵуаз агазеҭқәеи ажурналқәеи рҿы илкьыԥхьуан астатиақәа, апублицистикатә рҿиамҭақәа. Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист лажәақәа рыла, лҩызцәа, курск аҟны аҵара зцылҵоз Саида Дел-ԥҳаи, ааигәа, изаамҭанымкәа зыԥсҭазаара иалҵыз ажурналист хатәра Даур Инаԥшьбеи ирыҩхьаз рстатиақәа аурыс бызшәахь еиҭаганы Москва аконкурс иахыжьны ауп М. Ломоносов ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә университет ажурналистика афакультет ишҭалаз.
Урҭ ашықәсқәа лгәаларшәо дҳацәажәон аиубилиар:
– Саидеи, Даури, сареи ҳаицрымшәо ҳаицын. Даур аиҩызареи аиашьареи ҳзиуан. Уи даара деиҿкаан зегь рыла, аҵара бзианы иҵон. Саида ллахьынҵа акыр заа иҿахҵәеит, уи лхы ақәылҵеит ҳаԥсадгьыл ахақәиҭра, Даур иаалырҟьан ицәыӡра макьана ахаҵара сцәыуадаҩуп. Арҭ аҩыџьагь даара исызгәакьаз ракәын аҟнытә, ииасхьоу аамҭала рыӡбахә аҳәара сцәыуадаҩуп, – лҳәан луанытә даақәыԥсычҳаит, лылахьгьы ааиқәылеит. Ԥыҭрак ашьҭахь, лажәа иацҵо иазгәалҭеит, Аԥснынтәи дара рфакультет аҟны аҵара шрыцырҵоз даҽа ҩыџьа аԥсуа ҭыԥҳацәа: Фатима Гәын-ԥҳаи Наина Ҭар-ԥҳаи.
Ажәеинраалақәеи аминиатиурақәеи еидызкыло ашәҟәқәа – «Мрашареи» «Арасаӡыхьи» равтор, раԥхьа акьыԥхь ахь данцәырҵуаз 34 шықәса дырҭагылан. «Апоет Борис Гәыргәылиеи ашәҟәыҩҩы, акритик Руслан Қапбеи ирыбзоуроуп сажәеинраалақәа акьыԥхь дырбара, раԥхьатәи сажәеинраалақәа реизга «Мрашара» аԥхьажәа зҩызгьы ҳпоет хатәра Б.Гәыргәлиа иоуп», – лҳәеит лырҿиара лгәы азҭазҵаз дрызгәдуны.
Ҳаиҿцәажәараан инаҵшьны иазгәалҭеит, лажәеинраалақәа хылаԥшра алҭарц, апоетесса Инна Аҳаш-ԥҳа лнапы дшанырҵаз. Инна Ҳаџьым-ԥҳа заатәи лпоезиа дшыхәыҷызнатә ахы шыҵнаххьазгьы, уи лажәақәа рыла, ҳамҭакы, еихсыӷьны иҟан, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь ауп, лажәеинраалақәа рӷьырак анаԥылҵаз. Лпоезиатә рҿиара ааидкыланы ирныԥшуеит: агәҭыха, алахьынҵа, агәыӷра, аиашамра, агәжәажәара, ажәакала, ҳәаа змам ауаҩытәыҩсатә цәаныррақәа.
Инна Ҳаџьым-ԥҳа апоезиа инаҷыданы, лстуденттә шықәсқәа раан имаҷымкәан аочеркқәеи астатиақәеи лыҩхьеит. Ҳаиҿцәажәараан иаҳзеиҭалҳәеит, илыҩхьоу статиак, уи зыхьӡынҩылаз ҳаҭыр ақәҵаны, иҵәахны ишлымаз акраамҭа, ҳамҭасгьы ишлылҭаз. Иахьа уажәраанӡагьы иԥхаӡа лгәаҿы ишынхаз аочерк зыхьӡынҩылаз лызнеишьа, лхымҩаԥгашьа.
«Сыстудентра ашықәсқәа раан, Екатерина Платон-иԥҳа Шьаҟрыл кураторс дҳаман, уи илызкны статиак сыҩхьан, аха ишызҩызгьы схашҭхьан. Аҵара саналга ашьҭахь акыр ҵхьан. Уи зны, ҳанеиқәшәа ҳамҭас исылҭеит газеҭк. Уа ианын лара илзыскхьаз, исхашҭхьаз аочерк. Саԥхьеит, аха иаҳәоз рацәак исзеилымкааит, лара ҳаҭыр ақәҵаны, акраамҭа иҵәахны, еиқәырханы иахьлымаз даара иџьасшьеит, агәахәарагьы снаҭеит», – лҳәеит уи.
Иҳәынҭқарратәымыз апериодикатә кьыԥхь атемала адипломтә усумҭа Москватәи аҳәынҭқарратә университет аҟны қәҿиара бзиала изыхьчаз Инна Ҳаџьым-ԥҳа лхатә стиль лыманы ажурналистикаҿы лусура хацлыркит 1995 шықәсазы. Раԥхьа аусура далагеит ажәабжьқәа рыла, аԥсуа радио аҿы корреспондентс. Анаҩс, раԥхьатәи лдырраҭара «Ӡыркәи» амҩаԥгаҩыс дыҟан. Ажурналист Инна Ҳаџьым-ԥҳа авторс дызмоу адырраҭарақәа «Ашьхацамҩеи» «Еҵәаџьааи» аамҭаказы еиҿкаан. Анарха змаз арҭ адырраҭарақәа рҵаки рыҩаӡареи ҳаракны изшьо, уажәгьы ибзианы изгәалашәо ахәаԥшҩцәа маҷӡам.
"Адырраҭара «Ашьхацамҩа» даара сгәы ззыбылуа, исзааигәоу акы акәны иҟоуп. Ахәаԥшцәа ари адырраҭара ала исҭахын ирызназгарц, ирымаздарц ашьхақәа рдоуҳа, аԥсабара адоуҳамч. Урҭ аҳаракыра, Анцәа иҭыԥ еиҳа иазааигәахарц, уи «хәрыбӷьыцны» ирзыҟаларц.
«Еҵәаџьаа» адырраҭара акәзар, уи аиҿкаара ауадаҩрақәа ацын, аха аҿар рдырра аизырҳара иахьазкыз азы, амчи алшеи ԥшааны адырраҭара аефир иазсырхион. Исывагылаз, исыцхраауаз маҷҩымызт, урҭ рахьтә лымкаала иӡбахә сҳәар сҭахуп Баҭа Арӡынба», – лҳәеит уи.
Акультура, аҟазара, алитераура уҳәа ирызку адырраҭарақәа реиҿкаареи рымҩаԥгареи даара изықәҿио журналиступ Инна Ҳаџьым-ԥҳа. Иаарылукааша адырраҭарақәа ируакуп уи мҩаԥгаҩыс дызмаз адырраҭара «Анарха».
Аҵыхәтәантәи аамҭазы уи имҩаԥылгоит еиҳарак арҿиаратә усзуҩцәа гәыхыҭ-хыҭрала иззыԥшу алитературатә дырраҭара «Уарада».
Имҳәакәан высшьа амам, ааигәа Аԥсны ажурналистцәа Реидгылаҿы имҩаԥгаз аконкурс аҟны «Сыхаара, сыԥсадгьыл» захьӡу Д.Гәлиа диижьҭеи 150 шықәса аҵра иазкыз лдырраҭара шалкаахаз, аԥхьахә шарҭаз.
«Хаҭала, аԥсуа журналист зегь раԥхьа инаргыланы аԥсуаҵас ахәыцра имазароуп. Изҵаара ҵарызароуп, иҵаулазароуп, аха иажәа раӡазароуп, зҿахәы зҿихуа ауаҩы ҳаҭыр иқәҵаны, дҳаракны ихы мҩаԥигароуп. Ҳәарада, ажурналист адырреи аԥышәеи имазароуп, аха иидыруа аҿгьы даанымгылароуп, еснагь идырра еизирҳауазароуп, аҿыц дашьҭазароуп, иԥшаауазароуп. Ажурналист еснагь аимак-аиҿак аҿы бжьаҟазаҩҵас ихы ааирԥшуазароуп, ганкы иадимцәылозароуп, иҽазишәароуп иҟоу аиаша аарԥшра, уи аамҭазы аӡәы ихаҭара аламырҟәра. Ганкы мацара иадызцәыло «ибжатоу», «инаӡам» уааны исыԥхьаӡоит, хаҭала сара», – лҳәеит ажурналист дыҟазарц шакәу, уи ихымҩаԥгашьа дазааҭгыло.
Инна Ҳаџьым-ԥҳа лхаҭареи лырҿиареи ҳаҭыр ззақәу лҩызцәа, лколлегацәа ҳаиҿцәажәараан акыр ажәа ԥхақәа лзырҳәеит.
«Иннеи сареи ҳаибадырит ҳастуденттә шықәсқәа рзы, Москва. Усҟан, сара Алитературатә институт аҟны аҵара сҵон, лара аҳәынҭуниверситет, ажурналистика афакультет аҟны. Еиуеиԥшым азанааҭқәа рыла аҵара шаҳҵозгьы, ҭыԥк аҿы ҳшеицыҟамызгьы, уи данызба нахыс сгәы исыҵанаҳәеит аԥхьаҟа ҳшеиҩызцәахоз. Уи улыдызхалоз ԥхаррак лхылҵуан, лыуаҩышьа, лхымҩаԥгашьа бзиа ургәылархалон. Ишьқьыруа илықәыз лыхцәы еиқәаҵәа лыԥшӡара еиҳагьы иацнаҵон.
Иннеи сареи ҳаиҩызара еиҳа аҽарҭбааит, иӷәӷәахеит аибашьра ашьҭахь. Лхаҭара еиԥш даара ҳаҭыр сзақәуп лырҿиара. Уи абаҩхатәра злоу поетуп, журналиступ. Лхәыцра ҵаула рныԥшуеит лпоезиа аҿеиԥш лжурналистикатә рҿиараҿгьы. Аинтерес зҵоу лдырраҭарақәа бзианы ирыдыркылоит, иазыԥшуп уи ззылкуа ахәаԥшҩцәа» - лҳәеит ажурналист Леила Ԥачлиа-ԥҳа.
«Инна дызнысхьоу амҩа ҭбаауп, иҵаулоуп. Уи лымҩахәасҭа аҳаракырахь, ацқьарахь, иԥшьоу аҭыԥ ахь инагоуп. Аԥсабара ашәаԥыџьаԥ бзиа избо, адоуҳа иазааигәоуп. Инна иаарту, иаамысҭашәоу, ҷыдала, аҩызараҿы игәрагоу зыламыс цқьоу аӡә лоуп. Уи илымоуп лхатәы аԥхьаҩцәа, ахәаԥшцәа. Урҭқәа зегь ирыцкуп ахӡыргара ахьылцәаҩам, лыхшыҩи лԥышәеи рымалдоит, ацхыраараз илыднагало зегьы, «сыхьӡ ашәмырбан» ҳәа ралҳәоит лхы мырзакәан», – дҳацәажәон Инна лҩыза бзиа, ажурналист Иулиа Соловиова.
Апоет, ажурналист Инна Ҳаџьым-ԥҳа, иахьа насыԥ змоу аӡә лоуп, уи деицырдыруеит апоезиеи апублицистикатә рҿиамҭақәеи рыла. Аҭаацәаратә ԥсҭазаараҿгьы лгәы еиззырҳауа рацәоуп, зегь раԥхьаӡагьы аԥшӡара икны иаго лмаҭа хәыҷы Сибилла, иреиҳау аҵарақәа хыркәшаны, зыжәлар аӡәы ҳәа ирылагылоу лԥа Руслани лыԥҳа Амреи. 83 шықәса ирҭагылоу лан Вета Дарсалиа-ԥҳа лакәзар, лажәа ҟәышқәа лаҳалартә аҭагылазаашьа Анцәа иахьлаҭәеишьаз насыԥ дууп. Аха аԥсҭазаараҿы зегь нагӡаны, ихаҭәааны шамахамзар изыҟалом.
Аҟыбаҩ ҷыда злаз аматематик, уи аганахьала иуадаҩыз аҟәшаҿы аҵара зҵоз, хазы акомпиутертә програмақәа ирызкны алекциақа ирыԥхьоз, аҭҵаарадырраҿы илшарақәа, иааирԥшраны иҟаз анагӡара имаӡакәан иԥсадгьыл ахьчара ихы ақәиҵеит Инна лхатә ҩыза, Леон иорден занашьоу Маврик Наҷҟьебиа.
Аԥснытәи аҵара далганы, Москва Иреиҳаӡоу аҵаруирҭа аспирантура дҭаларц даннеи, аԥышәара здызкылоз аҵарауаа дуқәа аматематикцәа, апрофессорцәа здыррақәа џьаршьоз, илакәыршьоз иакәын уи. Аха ишырҳәо еиԥш, «Анцәа иишаз, Анцәа дитәуп». Инна лхатә ҩыза ицәыӡра, иҭахара илнаҭаз агәырҩа ахгара шылцәыхьанҭазгьы, илынлмырԥшит, даиааит, ҩаԥхьа, «алашьцара ашьҭахь алашара шыҟоу» дазхәыцны, лыхшара анреи абреи рзуны, абыдара рынмырԥшкәан, зегь раԥхьа инаргыланы аԥсуаҵас рааӡара лылшеит.
Иахьа лхатә ҩыза дызхьымӡаз, лыхшара рразҟқәа рбара Анцәа илаҭәеишьеит, уи еиҳау иарбан насыԥс иҟоу?! Аринахысгьы инагӡаны Анцәа илиҭааит!
Алиса Гәажә-ԥҳа