Уи рнапы аҵарҩит Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Беслан Қарчааи «Урыстәыла – алшарақәа ртәыла» адиректор хада, анапхгараҭаратә ҟазарҭа «Сенеж» аректор Андреи Бетини.
Аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи ртәылауаа еиуеиԥшым аусхкқәа рҟны социалла реизҳара ацхраара, апроектқәеи аԥшьгамҭақәеи рыдгылара, иара убас аусмҩаԥгатәқәеи, аицлабрақәеи, апроектқәеи реиҿкаареи рымҩаԥгареи, урҭ рлахәылацәа рымҩақәҵареи рзы.
«Ҳара хықәкыс иҳамоуп ҳҿар ҿиаларц – анаука, арҿиара, аҟазара, аҵарадырра, аспорт уҳәа еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рҿы рбаҩхатәра аадырԥшларц, рхы иадырхәаларц, иреиӷьу аҭагылазаашьақәа рзаԥҵара ҳазхиоуп. Уи ҳхықәкы хадақәа иреиуоуп. Агәра ганы сыҟоуп, Аԥсны аҿари аспорти рзы Аҳәынҭқарратә еилаки Урыстәыла Аҳәынҭқарра Ахада иплатформа «Урыстәыла – алшарақәа ртәылеи» аусеицуразы ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра Аԥсны аҟыбаҩ злоу аҿар алархәны иҿыцу апроект шьахәқәа рынагӡаразы алшарақәа шцәырнаго», – ҳәа аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра дахцәажәо, иазгәеиҭеит аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагба.
«Аԥсны аҿар Урыстәыла Ахада иплатформа «Урыстәыла – алшарақәа ртәыла» апроектқәа рхы аладырхәуеит. Агәра згоит, ареспублика атәылауаа апрофессионал-хаҭашьалатә шьақәгылара иазырхоу апроектқәа рахь ирымоу аинтерес есааира ишазҳало. Аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра иҳаухьоу аихьӡарақәа рырҿиареи ҳапроектқәа иҿыцу алахәылацәа радыԥхьалареи алнаршоит», – инаҵшьны иазгәеиҭеит Урыстәыла Аҳәынҭқарра Ахада иплатформа «Урыстәыла – алшарақәа ртәыла» анагӡаратә директор, анапхгараҭаратә ҟазарҭа «Сенеж» аректор Андреи Бетин.
Аиқәшаҳаҭра иара убас Аԥсны аҿари аспорти рзы Аҳәынҭқарратә еилаки Урыстәыла Ахада иплатформа «Урыстәыла – алшарақәа ртәылеи» рыбжьара аԥышәеимадареи иреиӷьу апроектқәа рыла аимадареи азԥхьагәанаҭоит.
Аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра рхы аладырхәит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иҟны иҟоу Жәлар рынхамҩеи аҳәынҭқарратә маҵзуреи рзы Урыстәылатәи Академиа (РАНХиГС) аректор Алексеи Комиссарови аҿар русқәа рзы Афедералтә Маҵзура анапхгаҩы Григори Гурови.
Аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра мҩаԥысит аҿар русеицура аҿиара аганахьала Аԥсны иаҭааз Урыстәылатәи аделегациа рвизит аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Урыстәыла аҳәынҭқарра Ахада иплатформа «Урыстәыла– алшарақәа ртәыла» аԥҵан Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иаԥшьгарала.
Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com
