Жәларбжьаратәи апресс-центр

Жәабран 14 рзы Аҟәа иаатит Аԥсны Алхратә комиссиа Хада Жәларбжьаратәи апресс-центр.
Аԥсны Алхратә комиссиа Хада ахантәаҩы Дмитри Маршьан иажәақәа рыла Аԥсны иҟоуп алхырҭатә ҭыԥ хадақәа 35, урҭ рахь иаҵанакуеит алхырҭатә ҭыԥқәа 152. Иара убас алхырҭатә ҭыԥқәа ҩба аартхоит Москвеи Черқьесски ақалақьқәа рҟны.
Аҟәа ақалақь аҟны иаартхоит алхырҭатә ҭыԥ хадақәа 9. Аҟәа араион -2, Гагра араион -5, Гәдоуҭа араион -7, Гәылрыԥшь араион-3, Очамчыра араион-6, Тҟәарчал араион -2, Гал араион-1. Абжьыҭаразы 134 нызқьҩык алхыҩцәа рсиа арбоуп.
Дмитри Маршьан иажәақәа рыла, Аԥсныҟа иааит 100-ҩык инарзынаԥшуа Жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа. Урҭ ааит Австриа, Бангладеш, Боливиа, Грециа, Доминикантәи Ареспублика, Зимбабве, Иран, Испаниа, Италиа, Урыстәыла уҳәа рҟынтә.
Жәабран 15 рзы Аҟәатәи Алхратә комиссиа Хада Жәларбжьаратәи апресс-центр ашьыжь асааҭ 8 инаркны аусура иалагоит.
Алхрақәа рылҵшәа ауаажәларра ирылаҳәахоит жәабран 16 асааҭ 12 рзы.
  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me