Абри аҩыза аиқәышаҳаҭра алыршан Аԥсны аполитикатә усзуҩ Бадра Гәынбеи Урыстәылатәи Афедерациа агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашкои реицәажәарақәа раан. Амашьынақәа рыҭан агәабзиарахьчара Аҟәа ақалақьтә усбарҭа, иара убас Гагратәи, Гәдоуҭатәи, Гәылрыԥшьтәи, Очамчыратәи, Тҟәарчалтәи, Галтәи араионқәа рыхәышәтәырҭа хадақәа. Араионқәа рхаҭарнакцәа ацаԥхақәа рнапаҿы ириҭеит аиҿкаара Краснодартәи аҟәша Ахеилак ахантәаҩы Роман Марченко.
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр инапынҵақәа назыгӡауа Едуард Быҭәба иазгәеиҭеит Урыстәылатәи аҩызцәа иҳарҭаз ацхыраара иабзоураны аҳақьымцәа русура ишамҽханакуа араионқәа зегьы. Быҭәба иаҵишьит агәабзиарахьчара асистема арҿыцра аҵакы, агәрагьы диргеит араионқәа, ақалақьқәа рыла автомашьынақәа шеихшахауа ауааԥсыра амедицинатә маҵзурақәа рзыҟаҵаразы. Иара иажәақәа рыла, амашьынақәа зегьы еибыҭоуп иҿыцӡоу амыругақәа рыла.
«Агәра ганы сыҟоуп, ацхыраара ласы иарбанзаалак амашьына ишеиқәнархауа шәҩыла рыԥсҭазаара. Урыстәылатәи Афедерациа уажәы акәым абри аҩыза ацхыраара ҳанаҭоижьҭеи, даара ҭабуп ҳәа ахаҳҳәаауеит. Ҳусқәа зегьы зызку Аԥсны агәабзиарахьчара асистема аиӷьтәра ауп», – иҳәеит Быҭәба.
Аполитикатә усзуҩ Бадра Гәынба иара убас Урыстәылатәи ҳадгылаҩцәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит.
«Ҭабуп ҳәа рхысҳәаауеит абри аганахьала Урыстәыла иаҳнаҭо алшарақәа. Шәара ишәдыруеит иҵабыргыҵәҟьаны амедицинатә усҳәарҭақәа рымацара ракәымкәа, егьырҭ ахырхарҭақәагьы рматериалтә, ртехникатә ҭагылазаашьа аиӷьтәра шаҳҭаху. Ҳара ари иацаҳҵалоит, иҳарҿиалоит», – иҳәеит иара.
Роман Марченко иазгәеиҭеит иҳарҭаз атехника – ари Аԥсни еснагь ацхыраара иазхиоу Урыстәылеи реиҩызара иадырга ҷыданы ишыҟоу.
«Сара сзы ҳаҭыр дууп иахьа абраҟа сыҟазаара, Азеиԥшурыстәылатә уаажәларратә хеидкылеи ҳтәыла ажәлар зегьи рыхьӡала ацхыраара ласы автомашьынақәеи еиҭаҵуа афлиуорографи шәыҭара. Аԥсны ажәытәӡа аахыс иаҳҩызоуп, иҳадгылаҩуп. Ҳара еилаҳкаауеит, Аԥсны иӡбатәу аусқәа шырацәоу, убрахь иналаҵаны агәабзиарахьчара асистема техникалагьы арҿыцра», – иҳәеит иара.
Марченко еизаз иргәалаиршәеит абри акциа шымҩаԥгоу Бадра Гәынбеи Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашкои реиԥыларақәа руак аҟны изларыӡбаз ала.
Ҳазну аамҭазы Аԥсны агәабзиарахьчара асистема мацара акәымкәа, аспорти, аҵареи, аҭҵаарадырреи, аекономикеи рганахьалагьы ацхыраара ҟаҵахоит.