Дук мырҵыкәа аредактор хадас иҟаз Борис Максим-иԥа Ҭыжәба дсыԥхьан, уии сареи ҳаибаирдырит. «Абри аҭоурых змоу, акыр зхызгахьоу уаҩуп. Шәнеицәажәаны иара изку аматериал азырхиа», – иҳәеит.
Абас иит усҟан агазеҭ «Аԥсны» (№22-23. 2001ш) ианыз, ҩаԥхьа ишәыдаагало аочерк. Уи ззаҳкыз иԥсҭазаара далҵит ианвар 10 2007шықәса рзы.
78 –тәи ааԥынра дынҭысны 79-тәи ааԥынра днанылеит хәажәкыра 15 рзы иқәреи ишықәсқәеи еидкыланы урыхәаԥшуазар, усҟак зумҭо Николаи Миха-иԥа Шамба. Деилҟьоуп, дласуп, ииҳәо-ииуа идыруеит, иажәа раӡоуп, ицқьоуп. Абасҟак хынҭа-ҩынҭара, мыҟәмабара зхызгахьоу ауаҩы уаниацәажәо, иџьоумшьарц залшом уи игәынкылара ахьеилгоу, ихҭигахьоу, дзынԥахьоу зегьы ахьигәалашәо. Нас, дызусҭада Николаи Шамба?
Николаи Шамба диит 1923 шықәса хәажәкыра 15 рзы Очамчыры араион Ҭхьына ақыҭан, анхаҩ нага, анхаҩы еибага Миха Осман-иԥа Шамба иҭаацәараҿы. 1930 шықәсазы Миха Шамба ихшара ахҩык иманы иҭаацәеи иареи нхараҳәа Гаграҟа ииасит. Аброуп бжьшықәса зхыҵуаз Николаи ихәыҷра, иқәыԥшра ахьихигаз. Николаи ибзиаӡаны игәалашәоит 1932 шықәсазы иауз асду. «Схәыҷын, аха исгәалашәоит акыр мшы инеиԥынкыланы асоура ишаҿыз, аҩнқәа еиламҳарц азы агәылацәа аӡәи-аӡәи еицхыраауан, арыԥхь дуқәа кны, асы рықәырхуан. Ахәыҷра иахьугалак ихәыҷроуп. Сҩызцәа реиԥш, асоура хымкәандаз ҳәа акәын сшыҟаз», – иҳәоит Николаи дԥышәарччауа.
Даҽа шықәсыкгьы Николаи игәалашәараҿы наунагӡа иаанхеит. Ари 1933 шықәсазы иҟаз амлакра ауп. Аԥсныҟа рҿаархеит Алада Урыстәылеи Украинеи рҟынтә имлашьуаз ахҵәацәа. «Урҭ иршәымызт, ирхамызт. Рԥынҵа укыр, рыԥсы нарыхшәаратәы, агагақәа реиԥш акәын адәы ишықәыз. Агәаҟра иақәшәаз ицхраара ҳара аԥсуаа ишаҳҵасу еиԥш, урҭ ҭаацәа-ҭаацәала ишаны ирыдыркылон, ҳаҩнаҭаҿыгьы иҟан ԥыҭҩык. Ҳҿаҵа еиҩшаны иаҳфон», – игәалаиршәоит ауаҩ бырг.
Николаи ибзиаӡаны игәалашәоит 37 шықәсазтәи ашықәс еиқәаҵәақәа, иреиӷьыз аҵеицәа шдырӡуаз, рхы иҩахар шырымуаз. Дырхаануп 1939ш. азы Мраҭашәаратәи Украина ицоз аидысларақәа, Финтәи аибашьра (1940.)
Бжьыкласск рҟынӡа ауп Николаи аҵара дахьахьӡаз. Аҭаацәара рҭагылазаашьа уадаҩын. Иууа ухамҳауа, иҟауҵо уԥымло ҳәа ззырҳәаз шықәса еиқәаҵәан арҭ. Уахи-ҽни ҳәаеилых ҟамҵакәа аус руан, идыргылон азауадқәа, афабрикақәа, аха урҭ зегьы зҟәаҟәа иқәызхуаз, знапы амса ыҵагылаз ауаҩы, дгәыгәҭажьын. Николаи ашкол данҭыҵ зынӡа аҵара каимыжьырц азы ахәылԥазтәи ашкол дҭалеит. Ҽынла акгьы ԥхамшьакәа, еилымхккәа аус иуан акурорт усбарҭаҿы, Челиускинаа рыхьӡ зху асанаториаҿы, амашьынақәа ирыгу-ирыбзоу аҟаҵаразы Амшынеиқәатәи афлот агараж аҿы. 1942 шықәса нанҳәамзазы ихатәгәаԥхарала аибашьра дцоит. Дагьақәшәоит Гори ақалақь аҿы зхарҭәаара иаҿыз 276-тәи ахысратә дивизиа. Уи араҟа акомандир еиҵбацәа ахьазыҟарҵоз ашкол дахыԥхьаӡалан.
Аибашьра дцаанӡа Николаи инапы злакымыз иарбан спортхкыз: абокс, аиқәԥара, аштанга ашьҭыхра, аӡсара.Аха абарҭ зегьы раасҭа уи бзиа ибон ашьапылампыл асра. «1941 шықәса рашәарамза 22 рзы аибашьра ишалагаз атәы ахьҳаҳаз Гагратәи астадион аҿы ауп. Убри аҽны ақәыԥшцәа ҳкомандеи арахь иҳацлабырц иааз командаки ҳаицыхәмарраны ҳаҟан. «Спартак» захьӡыз акоманда аилазаара иалан 13-ҩык. Иахьазы иаанханы иҟоу акоманда акапитанс иамаз Александр Павличови (Гагра дынхоит) сареи ҳауп», – иҳәоит Николаи.
Абри аҽны еицыхәмарраны иҟаз акомандақәа ирылахәыз ҭоуба руит усҟан иахдырԥаз аиԥылара аибашьра ашьҭахь иацырҵарц. Аха иабардыруаз аибашьра 1418 мшы ицараны, ҩажәибжьба миллионҩык инареиҳаны рхы ақәырҵараны ишыҟаз. Иара Николаи ихаҭагьы, аибашьра ажьаӷьрҩага дкылнахраны ишыҟаз.
1942 шықәса жьҭаарамзазы Николаи дызлаз адивизиа иаалырҟьаны Нхыҵ-Кавказҟа, Орџьоникиӡе ақалақь ахь ииаган. Уаҟа ашьхақәа рҿы аибашьра ӷәӷәақәа мҩаԥысуан. Афашистцәа ирҭахын Нхыҵ-Кавказ ранапаҿы иааганы афронт иаҳагьы идырҭбаарц. Николаи абраҟа ахыԥсаҟьага ҭзырҟьоз агәыԥ акомандирс дҟаҵан. Ажәыларақәа зегьы дрылахәын. Нхыҵ-Кавказ, Ставропольтәи атәылаҿацә, Краснодартәи атәылаҿацә, Ҟәубан рхы иақәиҭитәуан. Адивизиа ааха ӷәӷәа аиуан техникала, уааԥсыла. Еиск ақалақь аҿы ари адивизиа харҭәаан ҿыц арра инарыԥхьаз рыла. Николаи Шамбеи асержант Романенкои аибашьра иԥнашәахьоу, иазыҟаҵоу шьоукы раҳасаб ала, рнапы ианҵан гәыԥк аҿарацәа разыҟаҵара. «Ар ирнымиац дхаҵа ӷәӷәоуп» – рҳәоит аԥсуаа. Ҳарас иаҭахузеи, ҿыц иҳаднагалаз аҿарацәа рхы-рҿқәа шәаӡыӡарак анубаалон, аха сҩызеи сареи урҭ идҳарҵон ахысшьа, ианаамҭоу аҽыԥхьакшьа, ажәакала, аибашьра амаӡақәа. Ҳнапы ианыз аус бзиаӡаны инаҳагӡеит», –игәалаиршәоит Николаи.
Адивизиа абџьарла, уааԥсырала аҽанеибнаҭа, Тамантәи ахырхарҭала аҿынанахеит ирацәаны ақалақьқәеи аиланхарҭақәеи рхы иақәиҭтәуа. Ҳаҭыр еиқәырҵон, Нхыҵ-Кавказ инаркны еивагыланы еибашьуаз алеитенант еиҵбы Баженови Николаии. Ишырҳәо еиԥш, аибашьра иаӡрыжәит, еиҩызцәа дуқәахеит. Ари рдыруан арранапхгаҩцәагьы. Убри азы акәхап, 1943 шықәса хәажәкыра 21 рзы урҭ изырыӡбаз Баженови Николаии еиҳабцәас инарыҭаны, ф-ҩык асолдаҭцәа рыцҵаны ԥшыхәра издәықәырҵаз. Еилкаатәын аӷа имчқәа зеиԥшраз, ажәакала, иаагатәын «абз». Уи ауха Николаи иҩызцәеи иареи аӷа инапаҵаҟа иҟаз аҭыԥқәа рҽыргәылырхалеит. Ҵхагәаны, урҭи мчыла акырӡа иреиҳаз аӷеи наҟ-ааҟ ахымца еижәырымҵар ԥсыхәа амоуит. Абри аидыслараҿы Николаи ԥшьыџьара ахәрақәа иоуит, ихы изымдыруа, ихшыбаҩ ҵысит. Иҩызцәа хьаҵыр акәын. Николаи днадырҳәит-даадырҳәит, деиԥхьырышьшьаит, аха иԥсы ахәага шҭаз рзеилымкааит. Иааигәахон афашистцәа рыбжьқәа. Ари дҭахеит рҳәан, ргәи-рылаӷырӡи еилаҵәо, инеиԥырҵит. «Сҩызцәа бзиараны иҟарҵаз убри ауп, – игәалаиршәоит Николаи, – сџьыба иҭыргеит аҩнынтә исоуз садрес зныз асаламшәҟәы, уи атәы акәым исҳәарц исҭаху, ихадараҵәҟьоу–апартиа алаларазы исҩыз арзаҳал уи иадкыланы иахьыргаз ауп. Афашистцәа уи сџьыба иҭаны исыдырбалазҭгьы, шәыԥсык схазаргьы акы сзынрыжьуамызт, иара уаҵәҟьа сахәыртәуан».
Абас, 1943 шықәса хәажәкыра 21 азы Николаи дышҭахаз ала Гаграҟа иааит ашәҟәы еиқәаҵәа. Николаи иани иаби аншьан ныҽкаҵаны дырҵәыуеит, дырхьит, ашәы еиқәаҵәагьы наршәырҵеит. Уи аа́мҭаз Николаи ахәра ӷәӷәақәа иманы афашистцәа рнапаҿы дыҟан. «Санырхә ашьҭахь 12 мшы ааҵуаны, медицинатә цхыраарак ҳамҭаӡакәа, ԥшьҩык аҭҟәацәа, саргьы снарылаҵаны, ҳшьапы ҳзықәгыло ҳаҟамызт аҟнытә, урыс ҽыуардыныжәк ҳнаныжьлан ҳрыманы рҿынархеит. Кьерчтәи аӡыбжьахала ҳарганы, егьи аганахь ҳаиаргеит. Абраҟа рацәак ҳаанымхеит. Аҵеифҩы зҭышәшәоз, ашьамаҟа зламҩаныргоз вагонқәак ааҵәақәа реиԥш ҳнарҭарыжьын аӷьӷьа-агәгәа рыхга, Львов амҵан иҟаз монастырк аҿы ҳнаргеит. Аброуп раԥхьаӡа амедицина цхыраара ахьсоузгьы»- игәалаиршәоит иара. Николаи ицызи иареи араҟагьы иаанырмыжьит, афашистцәа ахьаҵра иаҿын. Ииаргоит Польшаҟа, Доуцын ақалақь ахь, уантә Бавариаҟа, Регенбург ақалақь ахь. Николаи ихәрақәа ирыхҟьаны излымҳак дагәахеит, иарӷьабла алашара ацәмаҷхо иалагеит. Иҩызцәеи иареи абналара акырынтә иақәыркхьан, аха иманшәалахомызт. Аибашьра нҵәаанӡа ҩымзҟа шагыз, 1945шықәсазы мраҭашәараҟа, Австриаҟа рхы рханы ибналеит.
« Алагер аҿы афашистцәа рҵыхәтәа шыԥҵәоз рдыруан аҟынтә, аҟыҿыҳәа ицҳауан, лаҵас акәын ишҳазныҟәоз. Америкаа атәыла дырбгон, абомбақәа аларыжьуан, афашистцәа рхы ахьыргара иашьҭан, ҳара ҳабӷа ԥҵәо аидарақәа рықәҵара ҳаҿын. Абра латышк дҳацын. Иахьеиԥш дысгәалашәоит, дкахәхәа даун, ихахәы шкәакәан, ааӡаб ҳашҭагылазгьы ибла жәҩангәԥшшәылақәа ԥхаррак рхубаалон. Абри ауаҩ ҳаԥхьа днагылан, ҳабналеит.Ҳдәықәлеит Австриаҟа ҳхы рханы. Иҳашьҭалаз афашистцәа алатыш дҭадырхеит. Ҳара ҳҽыԥхьакуа ҳашнеиуаз аурысшәа бзианы изҳәоз австриатәык ҳиниеит. Уи дантифашистзар акәхарын. Дҳацхырааны америкаа рнапаҿы иааргахьаз ҭыԥк ҳақәшәо иҟаиҵеит. Убра реизгара иаҿын афашистцәа џьамыӷәа цәгьа зыхҭыргаз аҭҟәацәа. Америкатәи аруаа даара ибзианы ҳрыдыркылт, ҳдырԥхеит, акраҳҿарҵеит, акраҳдыржәит».
Николаи ԥшьымз раҟара асовет тҟәацәа ахьеидыркылоз аҭыԥ аҿы дыҟын. Ҽнак, атҟәацәа зегьы, амашьынқәа инарықәдыртәан Чехословакиаҟа иааргеит. Усҟан Сталин иҟаиҵаз адҵала атҟәацәа зегьы аԥсадгьыл иачарҳәаҩцәоуп ҳәа иԥхьаӡан, ршьапы иақәиҭмызт. Нас абри ами иззырҳәо, аҵла иалҩрыз амаҭ ицҳаит ҳәа.
– «Чехословакиа хыбрак аҿы атҟацәа зегьы рҿахәы рҿихуан ибласаркьақәа цырцыруа НКВД аусзуҩык. Саамҭа ааир уахь сыҩналар акәын. Саныныныҩнала, схылԥа аасхысхит. «Ааит, уара амҵақьақьаҩ, афашистцәа рҿаԥхьа угылоу џьушьома?», – днасықәҟааит иара. Исҳәаран иҟаз, ҿымҭ сгылан».
Николаи иԥсы ааиҭакны иажәа иациҵон: «Чехословакиа афашист лагерқәа ирҭакыз атҟәацәа ҳахьеизыргоз аҭыԥ зыхьчоз дрылан аԥсуак Аибак. Уи дшаԥсыуаз анеилыскаа, аҩныҟа уанцо сани саби рыԥсы ҭазар, адырра сызрыҭ ҳәа иасҳәеит. Уи ус иагьыҟаиҵеит,- игәалаиршәоит Николаи.
Ахара зыдҵаз аҭҟәацәа зегьы, ҽнак аешалонқәа инарықәдыртәан Асовет Еидгылахь, еилаԥыххааса иқәҵаз Донбасс ашахтақәа реиҭашьақәыргыларахь иаашьҭын. Николаи инапаҿы иааигеит ашахтиор изанааҭқәа зегьы. Уи дарҭынчуамызт, игәы иҵхон, знык иадамхаргьы иҭаацәа рыбла аҭаԥшра. Маӡа-аргама ииулак 1947 шықәсазы аҩныҟа дхынҳәит. Еиҭаҳәашьас иамоузеи уи ишиԥылаз. Ирҵәыуахьаз, зыԥсхәы рухьаз рыҷкәын рҿаԥхьа дгылан.
Николаи ара дахьааз ишьклаԥшуа ианалага, урҭ алаԥшқәа иҽырцәимхьчар ада ԥсыхәа имоуит – дымнаскьар амуит. Ҭхьынаҟа, зны иаб дахьықәҵыз ақыҭахь дхынҳәит. Аамҭа иқәҳа ицон. Сталин даныԥсы ашьҭахь Николаи иеиԥш, афашист лагерқәа ирҭакыз ирыдҵаз авба рхыхны, рхы иақәиҭтәын. Николаигьы шьҭа гәаҭа-бӷата днеи-ааиуа, иблақәа еиҵыхны ауаа дрыхәаԥшуа далагеит. Имамызт ихаҭара шьақәзырӷәӷәоз шәҟәы-быӷьшәы - дгьыли-жәҩани дрыбжьакнаҳан. Иуадаҩуп уи шаҟаџьара ашәҟәы алеиҵаз, заҟаҩы ачынуаа рышә ҵирхааз атәы аҳәара. Арбџьар мчқәа рархив хадахь ииҩыз ашәҟәы аҭак иаҳәоз акы акәын. «Николаи Михаил-иԥа Шамба дҭахеит 1943 ш. хәажәкыра 21 азы».
70-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы Бзыԥтәи Шамбақәак Ҟәбанҟа иҟан. Убра Краснодартәи атәылаҿацә Темриуктәи араион астаница Курчанскаиа аҟны иҭахаз аибашьцәа рыхьӡала иргылаз абаҟаҿы иҿаҿаӡа ианын «Шамба Н. М.» ҳәа. Ари атәы Николаи ианиарҳәа зыԥшрак ҳәа ҟамҵакәа 1979 шықәсазы абаҟа ахьгылаз днеит. Дгылан Николаи абаҟа аҿаԥхьа, ҿымҭ-ԥсымшьа. Игәалашәараҿы еицрыхәхәа, еишьҭагылан рҿынархон аибашьраан ихигаз агәаҟ-ҵәаҟрақәа..
Николаи иԥылара еиҿыркааит аҭыԥантәи анапхгара, дымҩахыргеит ашколқәа рахь, ирзеиҭиҳәон дзықәшәаз ахҭысқәа.
– Уара, шәанаџьалбеит, сыԥсы ҭоуп, аа сахьгылоу, сыхьӡи сыжәлеи наҟ ианышәх, - дрыҳәеит уи аҭыԥантәи анапхгара.
–Николаи Миха-иԥа ианызааит, иҭоурыхуп, -аҭак ирҭеит иара.
Абас ари абаҟа гылоуп иахьагьы, акызаҵәык СССР хыбгалаанӡа есышықәса ишыҟаиҵалоз еиԥш, уажәы уа днеины ашәҭқәа ықәиҵаратә алшара имам акәымзар.
Николаии иԥшәмаԥҳәыс, Арасаӡыхь ақыҭа иааӡаз Шьудиа Гәагьиа-ԥҳаи ирааӡеит ахшара бзиа. Х-ҩык аԥҳацәа рымоуп. Аиҳабы Леила хаҵа дцахьеит, ҩыџьа ахшара лымоуп. Азеи Ликеи рынасыԥқәа ирзыԥшуп. Иреиҳау аҵара иалгахьеит.
Зны-зынла чмазарақәак дшыхҭаркуагьы, Николаи дыӷәӷәаӡа ишьапы дықәгылоуп. Иага ихаразаргьы, иааигәазаргьы, ԥсрак иҽагирхом, аԥсра абла хьшәашәақәа ирҭаԥшхьоу, нарцәтәи ихынҳәыз ари ауаҩ иаҟара дарбан нас издыруа уи иаҵанакуа.
Акыр шихыҵуагьы, ари ауаҩ лах-ҿых есышықәса иазгәеиҭо иԥсра амш- хәажәкыра 21 ауп. Уи аҽны, игәылацәа аӡәык-ҩыџьак ааимԥхьар иуӡом. Ибжьы нарықәиргоит: «Шәааи, минуҭк шәысҭахуп». Даргьы уи зызку аурзымдырхуа мап-чап ркуеит. «Ҳаи, анцәа шәишәиааит, ажәра шәҭахымшәа», - ҿааиҭуеит дрыхлафаауа. Астол инықәиргылоит аҩеиқәаҵәа кәеи-кәеиуа, акакаҷ хыҳәҳәала иҭәуеит аҵәцақәа. «Шәышықәса анцәа уҳагимырхааит!» - аҷах-сахҳәа еинҟьоит аҵәцақәа. Нас дыҟазааит ари ауаҩ анцәа илахьынҵа ианиҵаз аамҭазынӡа!
Борис Қаџьиа