Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа

 

Иҳаҩсыз ашықәс ԥхынҷкәынмзазы амшцәгьақәа ирыхҟьаны атәылаҿы имаҷымкәа аԥхасҭа ҟалеит. Убас, Цандрыԥшь аҳабла иахьаҵанакуа аҩнеихагылақәа ааха ӷәӷәа роуит.

Аҩны ааигәа иҟоу аҳабла аӡцарҭа хада гәамсамла иахьҭәыз ауп уи зыхҟьаз. Цандрыԥшь аҳабла анхарҭатә усбарҭа аиҳабы Алиас Базба иажәақәа рыла, зегь раасҭа аԥхасҭа роуит аҩнеихагылақәа рҿы инхо ауааԥсыраа. Убри аҟнытә аҳабла Ахадара ԥшрак ҟамҵакәан аусурақәа нап адыркит.

Аусурақәа ахьымҩаԥгаз амҩақәа иреиуоуп «Адоброволеццәа» рымҩеи, иара убас уи ааигәа иҟоу Аԥслымӡреи, Аԥтекатәи амҩақәа. Цандрыԥшь аҳаблаҿы зегьы реиҳа еиҳауп Адоброволеццәа рымҩа, уи аура хә-километрак рҟынӡа инаӡоит.

Ишазгәаҳҭаз еиԥш арҭ аусурақәа мҩаԥнагоит Цандрыԥшь аҳабла ахадара, иара убас дара Гагра араин Ахадара адгылалара Мызкы аахижьҭеи аӡцарҭа арыцқьареи, амҩақәа реиҭашьақәыргылареи рзы аусурақәа рымҩаԥгара иаҿуп. Иазгәаҭатәуп, араҟа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥымсижьҭеи даара акыр шааҵуа.

Амҩақәеи аӡцарҭақәеи реиҭашьақәыргылара адагьы аӡымҩангагақәагьы ԥсахын. Аҳабла ахада Едгар Быҭәба Гагра араион администрациахь иҟаиҵаз аҳәарала, иаразнак аусурақәа хацыркхеит, амҩақәа реиҭашьақәыргыларазы ԥшь-миллионк аԥара азоужьын.Аҭыԥантәи ауааԥсыра ражәақәа рыла, амшцәгьа бааԥсқәа  ҟалацыԥхьаӡа рыҩнқәа аԥырхага ду рнаҭон. Дара ҷыдала иҭабуп ҳәа рарҳәоит ацхыраара ҟазҵаз зегьы. Аусмҩаԥгатәқәа иаарласны ихыркәшахоит.

 Аманда Анталаа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me