Леиа диит абзиабареи аԥхарреи згым аҭаацәараҿы. Аха 2024-тәи ашықәс азы аҳақьымцәа илзықәдыргылаз ачымазара ари аҭаацәара рыԥсҭазаара аԥсахит. Мызқәак ирылагӡаны Леиа хәыҷы лҭаацәеи лареи ҵыхәаԥҵәара змам агәаҭарақәа рзы ахәышәтәырҭақәеи ирхысит, аха, рыцҳарас иҟалаз, Москватәи аклиникаҿы астандарттә терапиа ахшыбаҩ аиҭагаразы хра злоу алҵшәа ҟамлеит. Уажәы Леиа лыԥсҭазаара аиқәырхаразы ҩаԥхьа ахшыбаҩ еиҭагатәуп.
Уажәазы Леиа лани лареи Москватәи аклиникаҿы иҟоуп. Ахәыҷы иахәҭоу атерапиақәа анылзыҟарҵалак ашьҭахь иаарласны Израильҟа дгатәуп. Аҳақьымцәа ражәақәа рыла, аамҭа цацыԥхьаӡа Леиа лыԥсҭазаара еиҳа икьаҿхоит. Избан акәзар, есыҽны аҽарцәгьоит уи ачымазара. Еиҳа иманшәалоу атрансплантациа авариантқәа Израиль «Хадасса» аклиникаҿы мацара ауп иахьыҟоу. Аԥҟареи уи иашьҭанеиуа ареабилитациеи рзы иаҭаху аԥаратә хархәагақәа 26908875 мааҭ рҟынӡа инаӡоит.
Уи Леиа лҭаацәара ирзышьҭыхуам аизгара мариам, аха ҳтәылаҿы изныкымкәа арҭ рҩызцәа аизгарақәа имҩаԥыргахьеит.
Ҳажәлар ргәыҭбаара иабзоураны асеиԥш иҟоу аԥарақәа реидкылара ҳалшоит, еиуеиԥшым агәыҳалалратә акциақәа рымҩаԥгара абзоурала. Убас, Леиа хәыҷы лҭаацәа ацхыраара рыҭаразы февраль мза 11 асааҭ 17:00 рзы Гагра араион Акультуратә Хан аҟны имҩаԥысит агәыҳалалратә концерт. Абилеҭ ахә 1000 мааҭ. Араҟа еидкылаз аԥара зегьы Леиа лгәабзиара ацхырааразы ишьҭын.
Аконцерттә программа рхы аладырхәит аԥсуа естрада артистцәа Дмитри Ԥиԥиа, Аида Смыр, Манана Братухина, Тимур Ҭаниа, Сариа Аиба, насгьы Гагра араион акәашаратә гәыԥ «Афырҭын».
Леиа хәыҷы илзеиӷьаҳшьоит агәабзиара.
Аманда Анталаа