Анаҩс иаҭахыз ахшыҩ, хара ахәыцра, абарҭ есҽны ахәышҭаараҿы аԥырӷқәа шҿыцәаауа еиԥш иҿыцәаауа аара ҳаҿын, ҳхы ажьара ҳаҿын, џьоук ражәа гәаҩақәа рыла ауаа дырҩашьон. Аха Анцәа имч ала, ахеиқәырхара ҳалшеит, ҳажәлар рзы сгәы дууп».
Рушьбеи Смыр,
Аԥсны жәлар рпоет
Аԥсны жәлар рпоет Рушьбеи Ҳазараҭ-иҧа Смыр диит (13.02.1950) Гәдоуҭа араион Аацы ақыҭан. СССР-и (1979) Аҧсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәеи Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи (1999) дрылан, ашьҭахь – Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа (2003). Адыгатәыла акультура зҽаҧсазтәыз аусзуҩы (2004) ҳәа ахьӡ ихҵан. Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат (2007; ажәеинраалақәа реизга «Абжьы» азы) «Ахьӡ-Аҧша» аорден аҩбатәи аҩаӡара ианашьан.
Приморсктәи абжьаратәи ашкол далгеит. Ахҧатәи акласс аҟны дантәаз машәырла изблак ааха аиуит. Ашықәсқәа ииасцыҧхьаӡа апоет ибла есааира иагхо иалагеит. Акыраамҭа иҽихәшәтәуан. Инаалоз аланарҧшыгагьы аҧшаара уадаҩын. Аҳәара иҟаиҵаз ала, иҭаацәа амырзакан изаархәеит, иаарласнгьы иҵеит уи арҳәашьа. Аҩны ирымаз агитареи абалалаикеи рылагьы ибзианы дыхәмаруан иан – Шура Базба. Урҭгьы инапаҿы иааигеит Рушьбеи. Амырзакан ала инаигӡон ақьаад ианиҵоз ажәақәа ирылихуаз ашәақәа. Абасала ажәеинраалақәа рыҩра далагеит. Аха абаҩхатәра змаз поетны ишьақәгылараны иҟаз ичымазара даргәамҵуан. Раԥхьаӡа иажәеинраалақәа зныз атетрад (усҟан уи ихыҵуан жәаха шықәса) апоет, аҵарауаҩ В. П. Анқәаб имҧыхьашәеит. Владимир Платон-иԥа урҭ амҩа рзылихит. Ҿыц аҩра иалагаз апоет изы ари акырӡа аҵанакуан, уи егьаӡбеит ҧхьаҟатәи ирҿиаратә разҟы. Дышнеи-шнеиуаз иаалырҟьаны ланарҧшыгала ицәгьамкәа ибо дҟалеит. Иҽазҵәылхны ашәҟәқәа рыҧхьара далагеит, игәабзиара ишаҧырхагазгьы – лассы-лассы ахыхь изцәырҵуан. Аԥхьа иажәеинраалақәа ркьыԥхьуан агазеҭ «Бзыҧ» адаҟьақәа рҟны.
Аҟәатәи аҳәынҭқарратә азаанаҭ-техникатә ҵараиурҭа далгеит, афымца азҟаза изаанаҭ иманы. 1972 ш. дҭалоит А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет, аха ибла ачымазара иахҟьаны аҩабтәи акурс аҟнытә иҵара аанижьыр акәхоит. 1985-1987 шш. раан аҵара иҵон А. М. Горки ихьӡ зху Москватәи Алитературатә институт аҟны иҟоу ҩышықәсатәи Иреиҳау алитературатә курсқәа рҟны. 1970-1975шш. раан Афон-ҿыц, атурбаза «Ԥсырӡха» аҟны абиблиотекаҿы аус иуан.
Р. Смыр иԥсҭазаара зегьы ижәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара иадҳәалан, Аԥсадгьыл аинтересқәа рыхьчара дазықәԥаҩын. Ианакәзаалакгьы ижәлар рыгәҭа дгылан, ргәеисра дацын. Дунеихәаԥшрала уи даҽакалагьы ихы изымҩаԥгарымызт.
Иажәеинраалақәа иааиҧмырҟьаӡакәа ирнылон ажурналқәа «Алашара», «Аҟәа-Сухум», иара убас агазеҭқәа: «Аҧсны ҟаҧшь», «Аҧсны», «Еҵәаџьаа», «Советская Абхазия», «Литературная газета» (Москва), алитературатә еизгақәа: «Ерцахә», «Однажды в апреле», «Литературная Абхазия»; ашәҟәы «Памятник нам сыновей не заменит… Стихи и песни» (Аҟәа, 1994) уҳәа егьырҭгьы. Р. Смыр иажәеинраалақәа жәпакы агәылоуп «Аҧсуа поезиа антологиа. ХХ ашә.» (Аҟәа-Москва, 2001; аиҭаҭыжьра – 2009).
1973 ш. иҭыҵит апоет раҧхьатәи иажәеинраалақәа реизга «Аеҵәақәа рыкәашара». Уи нахыс иҭыжьуп иажәеинраалақәеи ипоемақәеи реизгақәа жәохә рҟынӡа.
Р. Смыр иҽҧишәеит прозаикк иаҳасабалагьы. 2002 ш. ажурнал «Алашара» актәи аномер ианылеит иажәабжь «Ҟәыбҷа».
Ипоезиа хыҵхырҭа хадас иамоуп аҧсуа жәлар рҿаҧыц рҿиамҭа, иара убас Д. И. Гәлиа, И. А. Коӷониа, Б. У. Шьынқәба уҳәа рырҿиамҭақәа.
Апоет дзыргәамҵуаз ибла ачымазара есааира аҽарӷәӷәон. Уи инаҷыданы игәабзиара уашәшәырахеит, ичымазара иахҟьаны 70 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит 2019ш. ииуль 29 рзы
Агәаанагарақәа
«Рушьбеи Смыр данқәыԥшӡаз, алитератураҿы раԥхьатәи ишьаҿақәа анеихигоз инаркынгьы иубарҭахахьан ажәлар ражәа, ажәлар рпоетика дшазааигәаз. Дызлиааз иуаажәлар рлахьынҵа, рхьаа, ргәыҵхақәа рызхәыцра иазкыз ипоезиа иахьагьы уаҵәгьы аԥсуа литература иалԥшаахны иаанхоит. Зегь зымчу илаиҵаз агәыбылра ҷыда апоезиа аҿеиԥш, ауаажәларратә ус аҿгьы заманала иааирԥшит. Уаҩԥсык иаҳасабала иԥсадгьыл иадибалаз аџьабаа шьардаӡоуп. Ҳара иаҳуалуп уи аԥсахара, ихьӡ акамыршәра, ипоезиа қәнагала ахә ашьара.
Рушьбеи зегь раԥхьаӡа дпоетын, ус иҟан жәҩанахьтә имаз ааԥхьара. Рушьбеи иаанижьыз ажәеинраалақәа, ипоема «Семра» инаркны, урҭ шедеврқәоуп. Аԥсуа жәлар ргәырҩа, рхьаа ауаҩытәыҩса дызлаҟоу инаркны, уи изаҵәра далызго поезианы, ажәаны наунагӡа иаҳзаанижьит…
Рушьбеи Смыр аклассикатә традициақәа мырӡкәа, иҩымҭақәа рыла урҭ еиҳагьы еихеиҳауан. Аха убри аангьы, ҳәарада, иара иажәа, ишьҭикааз аинтонациа даҽакы иузаламырҩашьо ихатә ҩышьа иман. Аҵыхәтәантәи аамҭазы ичымазара шииааиуазгьы, илақәа ишырымбозгьы дыҩуан. Истильгьы ԥсахны ааба-ааба цәаҳәа рыла аҩра далагеит, игәы каижьӡомызт. Иара иажәеинраалақәа реизгақәа ԥыҭк акьыԥхь рбахьеит, аха икьыԥхьымгьы макьана кырӡа ирацәоуп. Иара убас ирацәоуп аус здаҳулаша авидео материал, апоет ауаажәларра рҿаԥхьа иқәгыларақәа зну. Урҭ зегьы, ҳәарада, ирыхәҭоу ахылаԥшра рыҭатәуп».
Мушьни ЛАШӘРИА,
Аԥсны жәлар рпоет
«Рушьбеи Смыр аԥсуа поезиа абжьы ҿыц ахеиҵеит… Уи ирҿиарала Дырмит Гәлиа, Иуа Коӷониа, Баграт Шьынқәба реиԥш иҟоу аԥсуа классикатә литература ахаҭарнакцәа ртрадициатә поезиа иациҵеит.
Руслан ҚАПБА,
акритик
АԤСАРАТӘИ АБААШҚӘА
Сеиҭацап уажә сымала ахәашҟа,
Зқьы маӡа уаҟа иҵәахуп.
Абаашқәа, Аԥсаратәи абаашқәа,
Иуадаҩзаргьы ак сашәҳәарц сҭахуп.
Ахҿақәа еицнеиуеит исхыкны,
Асақәа мацәысны икшоит.
Ахацәа рыԥсадгьыл ианықәны,
Рыԥсы ақәҵан рыԥсадгьыл рыхьчоит.
Аҳәақәа аҽыԥҳәа еиҿасуеит,
Аԥсақәа ирҿысуеит ашьа.
Аҵлақәа амца рыцрасуеит,
Ажәҩан лаԥшуеит аҽхыршәаа.
Абаашқәа ирҩызоу ахацәа –
Абаашқәа рыҩнуҵҟа иҭахоит.
Абаашқәа ирҩызоу ахацәа –
Имиц аҵеицәа еиқәдырхоит.
Иҭрысит аҽыхәа кьыр-кьыруа,
Аҽыҵәҟьагьы неиуеит қәԥара.
Абырг дахьышьҭоу дуазыруа
Аҿҿаҳәа даҿуп абылра.
Анацәа рмыткәмабжь ааҩуеит,
Аарлаҳәа иалыҩуа ашәшьы.
Иԥсҭыхганы слымҳақәа ирҭаҩуеит
Ашьхақәа иҵәыуо рыбжьы.
Абаашқәа ирҩызоу ахацәа –
Абаашқәа рыҩнуҵҟа иҭахоит.
Абаашқәа ирҩызоу ахацәа –
Схәышҭаара акәицқәа еиқәдырхоит.
О, иараби, иџьасшьоит шәылшара,
Зыхьӡала ажәакгьы сымҳәац, –
Наӡаӡа шәаԥырҵит ашара,
Мышкызны сара амра схаԥхарц.
Ихьшәашәоуп, уажә схәыцрақәа
хьшәашәоуп,
Ашьаркәасҭа схыла снаскьап.
Сабдуцәа ирзынамгӡаз ашәа
Иаамҭоуп, нас, сара инасыгӡап.
Абаашқәа хыхь ихыжәжәаргьы –
Адгьылаҿ рышьҭа аанхоит.
Абаашқәарҿ ахацәа ҭахаргьы
Рыҩаншьап рыхшара еиқәдырхоит.
* * *
Еинышәом аӡиаси ахаҳәқәеи,
Аӡы аҵан ахаҳәқәа хәаҽуеит.
Аха илеиуеит аӡиасгьы мхьаҳәкәа,
Ахаҳәқәагь рхаҳәгәы еилашуеит.
Иацакәым, иахьакәым, уаҵәакәым,
Имҩасуеит, аӡы амҩа хароуп.
О, иааҩуа аӡиас абжьакәым, –
Ихәаҽуа ахаҳәқәа рыбжьоуп!..
ЗОСИМ АБЫЏБА
Ианвартәи ажәылараан Гәымсҭа нырцә ҭахаз Блабырхәатәи арԥыс Абыџба Маха иԥсыбаҩ иҩны ианаарга, иаб Зосим аҵәыуара ацымхәрас ҿаҭахьа иқәиҵеит иҷкәын иԥсы зыхҭниҵаз Аԥсны ахақәиҭра анаиулакь, уи инышәынҭраҿы дшыкәашо ала. Аиааира ашьҭахь Зосим иажәа неигӡеит игәылацәа ақәыршәаны.
Дкәашон уи ахаҵа, дкәашон,
Гәаҟрала ихьаацәгьақәа дрылсны.
Игәаҵа, иԥсы аҵа ак хәашон,
Ажәҩан лаԥшгәышьон идысны.
Дкәашон уи ахаҵа, дкәашон,
Ицәаакуан хара аԥсҭҳәақәа ркалҭқәа.
Аарлаҳәа аԥсымра ҭашәон,
Илаҳәуан зегь зныруаз аԥсаатәқәа.
Дкәашон ихаԥыцқәа еихырӷәӷәа,
Дуазыруан: инхаз зегь шәеилаҵәа!
Мап, акгьы илшом ҳаӷа,
Иҳаманаҵ ас еиԥш ахацәа!..
Иԥа инышәынҭра дакәшо дкәашон,
Ԥсуамзар ас зылшарыда?!
Ахрақәа ахаҳәқәа рҿышәшәон,
Еиқәҿырҭуан: абасҵәҟьа згәаӷьыда?
... Ушԥашоу, ҳаԥсадгьыл Аԥсны,
Уҭоурых зегь ашьамҩақәа анхало!
Зегьы-зегь рзыҳәа уразны,
Уразра мцаԥшьны иуцрало!..
Дкәашон уи ахаҵа, дкәашон,
Иҷкәын ибжьы иаҳаӡомызт.
Иазымчҳакәа аԥсымра ҭашәон,
Аԥшаҵәҟьа шанхон, иқәацомызт.
Илымҳақәа ирҭаҩуан иара
Анацәа рмыткәма гәыҭшьаага.
Ахымҩасқәа еиҿасуан џьара,
Ахымҩасқәа – агәаҵӷа ҿыхҵәага.
Дкәашон уи ахаҵа, дкәашон,
Ԥсуамзар ас зылшарыда?!
Ахрақәа ахаҳәқәа рҿышәшәон,
Еиқәҿырҭуан: абасҵәҟьа згәаӷьыда?!
Дкәашон, ихаԥыцқәа еихырӷәӷәа,
Дуазыруан: зегьы-зегь шәеилаҵәа!
Мап, акгьы илшом ҳаӷа,
Иҳаманаҵ ас еиԥш ахацәа!
АҲАҲАИРА, ҲАИРА!
Арҭ ашьхақәа, хара ихәыцуа,
Сықәныҳәоит гәаныла.
Урҭ ирдыруеит шаҟа схыҵуа,
Сеиқәырхоуп урҭ рыла.
Урҭ рҿаԥхьа акыр сыԥхықәуп,
Аҳаҳаира, ҳаира!
Амҩа сықәуп, сықәуп, сықәуп,
Аҳаҳаира, ҳаира!
Наҟ ихыӡлаз ашәа рзысҳәоит,
Мышкызны ихынҳәырцаз.
Зегь ирхаану адгьыл сныҳәоит,
Ахаан имлаҳәырцаз!..
Сҽеимаабжь каҩуеит акараҳәа,
Аҳаҳаира, ҳаира!
Сӡыхьгьы леиуеит ахьхьа-хьхьаҳәа,
Аҳаҳаира, ҳаира!
Адоумыжьха синиаӡаргьы –
Са схыԥша даршәароуп!
Ԥҳәыс уамагак сылҿашәаргьы –
Лымра ҭасыршәароуп!
Сынҭаҿаҳәан аҳаԥаҵа,
Аӡәгьы сузынкылом.
Иушәиуазар схәышҭаарамца –
Сымԥынгьы усыргылом!
Сынасыԥ зшьыша дыҟам,
Аҳаҳаира, ҳаира!
Исызгәамҭо аӡә адгьыл дықәым,
Аҳаҳаира, ҳаира!
Сынҭаҿаҳәан аҳаԥаҵа
Аӡәгьы сузынкылом.
Иушәиуазар схәышҭаарамца –
Еҳ, еснагь еиҳау сыԥхықәуп,
Аҳаҳаира, ҳаира!
Амҩа сықәуп, сықәуп, сықәуп,
Аҳаҳаира, ҳаира!
АԤСУА ГАРАҚӘА
Агарақәа, аԥсуа гарақәа,
Аԥсра аҵкьыс еиҳаз хараӡа.
Агарақәа - ашьауардын карақәа,
Сбаагәарақәа, сџьынџь, слахьынҵа.
Реиҿасыбжь шәхашәышәуан аҳәақәа,
Аҭӡамцқәа ирыхьшуан ашьаршәы.
Рыԥсадгьыл рыԥсы ақәырҵон аӷламқәа,
Ашьхақәа иршәырҵон ашәы.
Аха иҟазарц аԥсуа гарақәа,
Иҟазарц аԥсуа иҩнаҭа,
Ирылыҩуа аҵх еиқәарақәа
Агарашәа гахуан еиҭа.
Игылауан ҵеицәак фырхацәаха,
Имжьакцоз рабџьарқәа шьҭых.
Измадаз анхаха ма ацәаха,
Иаҭах ихьчатәын аҭоурых.
Сыдгьыл хәыҷ, ухәрақәа сзыԥхьаӡом,
Иуаҭәоугь сызҳәашам бзанҵык.
О, иҟаӡам, иҟаӡам, иҟаӡам
Ԥсыуа шьак иамшәыц хаҳәык!
Сыдгьыл хәыҷ алаӷырӡ иқәҭәахьоу
Еизгазар мшынк иаҟарахон.
Еизгазар уи амцабз иалҟьахьоу –
Ашьхақәа еиқәццышә иагон.
Аха ирзымбылӡеит аԥсуа гарақәа,
Ирызмырхәашьит ан лгәыԥҳәыхш.
Агарақәа - ашьауардын карақәа,
Рымшра азааргеит сара сымш.
Сыҵәҩан шьап змырӡыз, иӡырызгаз,
Шәа шәыла еиҭах сыӷәӷәахоит.
Ашәак шәара ишәықәнагоу цәырызгаз –
Мчыс иҟоу зегь имч реиҳахоит.
Агарақәа, аԥсуа гарақәа,
Ирзымгаз асымҟәыл, аҷыхь.
Агарақәа - ашьауардын карақәа,
Сбаагәарақәа, сгәыӷрақәа, сгәыхь!