Уи иалшоит аекологиатә процессқәеи еиуеиԥшым ахкқәа наҟ-ааҟ излеимадоуи аҭҵаара, насгьы урҭ рыҿиара, рхыԥхьаӡара ахылаԥшра, иҟоу ашәарҭарақәа раарԥшра, абиологиатә еиԥшымзаара аиқәырхаразы аусмҩаԥгатәқәа ахәшьара рыҭара.
Акоманда еиднакыло иҭырҵаауеит Аҟәатәи Амшынҿықә. Ашьақәгыла анԥыршәалак ашьҭахь, уи Аԥсны егьырҭ ақалақьқәа рымшынҿықәқәа рахь ииаргоит. Дара иҭырҵаауеит, егьырхылаԥшуеит Амшын еиқәа иҭоу акамшьиақәа, амшынҳәақәа уҳәа. Абарҭқәа ирыбзоураны ахкы ҿыцқәа раарԥшрагьы иацхраауеит. Апроект цәырнагеит Сириус апартниор – Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аекологиа Аинститут.
«Араҟа иара ахатәы маӡақәа амоуп. Аԥсыӡ ҭыԥкаҿы иҟам, уи неиҭаҵ-ааиҭаҵуеит, инаҳәы- ааҳәуеит. Акоманда аҿаԥхьа ишьҭоуп убарҭ адыррақәа реизакра, даҽакала иуҳәозар, хкык иатәу аҭыхымҭақәа ралыԥшаара. Насгьы иара убри амыруга ҿыц ишьақәнаргылароуп аобиектив иамԥыхьашәаз заку», – иазгәеиҭеит Ломиа.
Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com
