«Машук» аҟынтәи – дыррала рҽеибыҭаны Аԥышәеимдара

 Абарҭ амшқәа рзы 200-ҩык рҟынӡа Аԥснытәи абжьаратә школқәа рырҵаҩцәеи рдиректорцәеи Пиатигорск ақалақь аҿы иҟоу адыррақәа Рцентр «Машук» аҿы аҵарадырратә усмҩаԥгатәқәа рхы рыладырхәуеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҵара Аминистрра. Адыррақәа Рцентр «Машук» аҵарадырра аусхк аҿы инагоу аекспертцәа еиднакылеит. Урҭ рметодикатә ԥышәа аҿар ирымардоит.

«Ҳара ҳхықәкы хадақәа иреиуоуп – иаԥхьагылоу аҵаратә ԥышәа аарԥшра, анаҩс уи иахәҭоу ахырхарҭа аҭара. Иԥхьагылоу Урыстәылатәи аспециалистцәа,  аҵарадырраҿы аекспертцәа рколлегацәа рԥышәа рымардоит, ирызнаргоит рметодикатә материалқәеи егьырҭ русура аартрақәеи.  Аиҩызаратә республика аҟынтәи асасцәа иара убас идеилыркаахоит иахьа Урыстәыла иҟоу ахәыҷтәы аҿартәии апроектқәеи урҭ рылахәхара шзалыршахои ртәы. Апрограмма анхыркәшахалак ашьҭахь, ааигәа еицынагӡахо аусмҩаԥгатәқәа ркомплекс азԥхьагәаҭахоит.  Агәра ганы сыҟоуп, уи зегьы аҳәынҭқаррабжьаратә еимадарақәеи аҵарадырратә усхкы аҿы аинтеграциатә процессқәеи рырӷәӷәара ишацхраауа», — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит адыррақәа Рцентр «Машук» адиректор хада, Урыстәылатәи аилазаара «Знание» адиректор хада  ихаҭыԥуаҩ Антон Сериков. Ацентр имҩаԥнаго азеиԥшҵарадырратә усмҩаԥгатәқәа рылахәхара алыршахеит Аԥсни Урыстәылеи рҵара аминистрцәа Инал Габлиеи Сергеи Кравцови ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭрақәа ирыбзоураны. Убри аан адгылара ҟанаҵеит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа.  

Адыррақәа Рцентр «Машук» аиҿкааҩцәа – Урыстәылатәи Афедерациа аҵара Аминистрра, Урыстәылатәи Афедерациа анаукеи иреиҳаӡоу аҵарадырреи Рминистрра, аидгылара «Росмолодеж», Урыстәылатәи аилазаара «Знание». 

Аԥсны ашколқәа рырҵаҩцәеи рдиректорцәа раԥхьатәи ргәыԥ Пиатигорск, адыррақәа Рцентр «Машук» аҟынтәи ихынҳәит, – иаанацҳауеит Sputnik.

Аҵарадырра ашьҭыхра иазку аусмҩаԥгатәқәа арҵаҩцәа рҽалархәразы аиқәшаҳаҭра алыршан Урыстәыла Апрезидент Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко иҟаиҵаз адгыларала.

«Урыстәылан иҳауз адыррақәа ҳара арҵаҩцәа мацара ҳакәымкәа, аус здаауло ахәыҷқәа ирыхәоит», – иҳәеит Тҟәарчалтәи ашкол агеографиа арҵаҩы Данил Какулиа ацентр аҟнытә даныхынҳә.

Арҵаҩы хшыҩзышьҭра азиуит арҵаҩцәа зны-зынла атрадициатә схемақәа рыла, изышьцылахьоу астандартқәа рыла аусура ишашьцылахьоу.

«Аха афорум аҟны иаҳа иналкаан иазгәаҭаз ахәыҷқәа аҵара дырҵараҿы  итрадициатәым азнеишьақәа ракәын. Сгәы иаанагоит, абарҭ азнеишьақәа ахәыҷқәа аҵара дырҵараҿы алҵшәа бзиа шаарышьҭуа», – иҳәеит Какулиа.

Аԥсназы даара ихәарҭахон Урыстәылаҿы абри аҩыза апроектқәа рымазаара, – лҳәеит алагарҭатә классқәа рырҵаҩы Рузана Кесиан.

Абри инаваргыланы, аурыс бызшәа арҵаҩы Нино Елиава ишазгәалҭаз аиԥш, Аԥсни Урыстәылеи ирзеиԥшу акультуратә, аҵарадырратә қәыԥшылара иаҵанакуеит. Лажәақәа рыла, атәылақәа рыҩбагьы рырҵаҩцәа зынио апроблемақәа еиԥшуп.

Адырраҭара шыҟалахьоу еиԥш, Ставрополиа, адыррақәа Рцентр «Машук» аҟны февраль 6 инаркны 9 азынӡа имҩаԥысуан арҵаҩцәеи адиректорцәеи рҵарадырра ашьҭыхра иазкыз апрограмма.

Иалахәыз рҿаԥхьа иқәгылеит Урыстәылатәи Афедерациа аҵара аминистр Сергеи Кравцов, Аҳәынҭдума адепутат, АНО «Евразиа» ахеилак ахантәаҩы Алиона Аршинова, Ацентр адиректор хада Антон Сериков, Урыстәыла аҵара аминистр ихаҭыԥуаҩ Татиана Василиева, Жәларбжьаратәи ахәыҷтәы центр «Артек» адиректор Константин Федоренко, астатс-маӡаныҟәгаҩ, «Росмолодиож» анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Денис Аширов, аҵара аганахьала иналукааша егьырҭ аекспертцәа.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me