Аԥсны аҟазаареи аҟамзаареи ианҭагылаз аамҭазы, Аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз, Анцәа иџьшьоуп амобилтә ҭелқәеи аинтернети шыҟамыз…
Аԥсуаа ахаангьы ирдыруан ацәажәашьа, ахымҩаԥгашьа, атәашьа, агылашьа, рыԥшышьаҵәҟьа иацклаԥшуан. Пату еиқәырҵон, агха зыхьыз ддырҽеиуан. Иахьа ҳарҭ хаҵәиирҭак аҿы иҳахәҭам «гәарабжьарак» ҳабжьанагаланы ҳаҟоуп, уи иахьӡуп аинтернет.
Аполитика ҳалалом, уи аус хазуп. Аполитика рнапы алакуп иазыманшәалоу ауаа, издыруа, иазыҟаҵоу. Урҭ политикатә бызшәала ицәажәоит, рпрограмма ажәлар рҟынӡа инаргоит, Аԥсны ахадарахьы инеир, ажәлар изларыхәаша атәы рҳәоит… Уи акәым иахьа рыцҳарас иаҳзыҟалаз. Рыцҳарахеит Аԥсны жәлар зегьы абри еимакны, адунеи зегьы аҟны ирбо- ираҳауа, аԥсуа жәлар аҳәынҵәеиқәҭәара ҳахьалагаз. Уи алхрақәа рзы мацара акәӡам, иара абжьааԥынгьы иакәымла, ҿҭыӡәӡәала ҳаицәажәоит.
Аԥсуаа ахаангьы ражәа раӡаны ицәажәон. Ҩыџьа аиӷара шрыбжьоу рдыруазар, урҭ рӷыӷеибагара иашьҭаломызт, реиныршәара амҩақәа азырԥшаауан. Аиӷацәагьы дара рхы иаҭәарымшьоз, раӷа изыруамызт. Миха Лакрба иновеллақәа руак аҟны ҳаԥхьоит: Иҟан ҩыџьа аиӷацәа, ауаҩшьра зыбжьаз. Ауаҩшьра ҟазҵаз ҵхагәаны иҩны дааит, ӡык наиқәҭәан иҽеиҭеикырц азы, иԥшәма ԥҳәыс «уанаџьалбеит, уаӷа ааигәа дыҟазар, инаугәыдҵаны уишьуеит» лҳәеит. Уи аминуҭазы, иҵабыргны, иаӷа дкылатәаны дизыԥшуан. «Сара аӡы шсықәысҭәо сызшьуа аӷа дсымаӡам» ҳәа нлаҭеикит иԥшәма ԥҳәыс. Абри мацара иаршаҳаҭуеит аԥсуаа реизыҟазаашьа.
Иахьа аԥыжәара ргеит аинтернеттә цәаҳәақәа. Уаанӡа иҟан аҳәынҭқарратә кьыԥхьымҭақәа, ателехәаԥшра, арадио. Абарҭ аинформациатә усбарҭақәа ажәлар рҟынӡа ажәабжь наргон. Аха убри зегьы ахылаԥшра аман, ажәлар еинызҟьоз, еиҿазыргылоз, агәҭынчымра рызцәырызгоз аинформациа ауааԥсыра рышҟа инаргомызт. Ганкахьала уи иагьиашазар ҟаларын. Ауаҩы адунеи аҟны имҩаԥысуа аинформациа зегьы, еиҳаракгьы анегатив зцу, иаҳауа дахәаԥшуа даналагалак, агәҭынчымра изцәырнагоит.
Адунеи ахьынӡанаӡааӡо ауааԥсыра зегьы ҳазҭоу «аӷба» агаз-ҽазра иаҿуп. Макьаназ ҭышәынтәаларак ыҟам. Ҳарҭ иахьынӡаҳалшо ацәқәырԥақәа ҳхы рцәаҳгоит ҳәа ҳаҿуп, аха ҳаҩнуҵҟатәи аҭагылазаашьа анҳазмырманшәала, ҳамч ақәымхар ҟалоит.
Иабашәаҳахьоу, қыҭак иалҵыз, ҳаблак иатәу, ҩнаҭак еицдәылҵыз ауаа ргәаанагарақәа интернетла еибырҳәо. Иҳахьзеи, аԥсуаҵас ҳнеидгыланы ҳагәҭыха ҳзеибымҳәо, рыцҳарас ҳзыниазеи!? Ҩыџьа анеидтәало игәаӷьны ирзеибымҳәаша, адунеи зегьы ирбо-ираҳауа тәым бызшәала инаган изанаҳҵоузеи!? Ҳазҵаарақәа зегьы интернетла иҳаӡбо ҳзалагазеи!? «Алаба ҭыԥ еималоит, ажәа аҭыԥ еималаӡом» рҳәоит аԥсуаа ҳҟны. Ус анакәха, ҳажәа ҳраӡап, аԥсуа ишиқәнагоу еиԥш ҳаицәажәап. Ахымҩаԥгараҿы даҽа милаҭк ихы иаҭәеишьо, аԥсуаа ҳхы иаҭәаҳамшьап, уажәшьҭан ҳхы иаҳзанымыжьыр ҟалап…
Ҳаӷацәа–ақырҭқәа Кавказ ажәларқәа рахь иаҵанакуан. Ииасхьоу аамҭала срыхцәажәоит избанзар, урҭ кавказаа рхымҩаԥгашьа ҳәа акгьы рызнымхеит иахьа. Ахацәа аҳәса рымаҭәақәа рышәҵаны, рлабашьақәа аарыҵарсуа адунеи зегьы аҿаԥхьа «ҳҽырбоит» ҳәа иаҿуп. Уи зегьы зыхҟьаз ҳәа сгәы ианаго рҳәоуеиқәымшәара ауп. Уи ахьыҟам, аҭышәынтәаларагьы ҟалаӡом, амилаҭгьы рхаҿра рцәыӡуеит.
Аԥхьаҩ убас еиԥш агәаанагара изцәырҵыр алшоит, жәларык зегьы ахшыҩ дсырҵоушәа. Журналистк лаҳасабала исыҩӡом ари астатиа, сгәы ҵзыблаауа сымҳәар амуит, убри азоуп скалам зышьҭысх.
Адунеи аҿы зегьы иреиӷьысшьо стәыла Аԥсны иқәынхо сыуаажәлар шәахь схы нарханы аҳәара ҟасҵоит, иакәымла ҳмеицәажәап. Иахьа аӡәы дшьацәхныслар, дҭыхны аинтернет ианҵара ахаҭыԥан, имахәар ҳнамҵасны дкаҳмыжьып. Ҳара доуҳала ибеиоу жәларуп, убри акәхап иахьа уажәраанӡагьы ҳаиқәырханы ҳаазго. Ҳазыхынҳәып ҳдоуҳа, ҳаламыс, ҳҵас, ҳқьабз, ҳбызшәа.
Абыз баҩ алам, иауырҳәалакгьы аҳәоит. Аинтернет аҟны ианырҵо зегьы ҳацымцәажәап, иааҳарԥшып ачҳара, хыхь зыӡбахә сҳәаз аԥсуа хаҵа еиԥш. Ахәыҷы инаиркны аду иҟынӡа аполитика алацәажәара ҳааҟәыҵны, ҳхатә усқәа ҳарзыхынҳәып. Уаҵәы, уаҵәашьҭахь ҳацәгьеи ҳабзиеи рҟны ҳаиламгылар ада ԥсыхәа шыҟам еилаҳкаап.
Иахьа аинтернет цәаҳәақәа рҟны, атехника убранӡа инеины иҟоуп, ауаҩы ииҳәазгьы иимҳәазгьы «анапы, ашьапы» аҵаҵан, абжьы ахаҵаны аԥхьаҩ иҟынӡа инанагоит. «Бла иабо хы иаԥсоуп» аҳәоит аԥсуа жәаԥҟа. Ус анакәха, ҳабла иамбаз, ҳлымҳа иамаҳаз еиҭаган иҳамҳәап, ҳажәлар еинаҳамҟьап. Ҳарҭ аԥсуаа зегьы иаҳҭаху акы ауп, ҳаԥсадгьыл аҟны ҭынч аԥсҭазаара, ҳаԥхьаҟа еиҵагыло аҿар аԥеиԥш бзиа роура. Еилыскаауеит «џьанаҭ» ҳаҟоушәа ҳаиҿаччо ахымҩаԥгара шзалымшо, аха иахьынӡауала ҳнеидгыланы ҳ -Аԥсынра ԥхьаҟа иаҳгап.
Ажәа амч даара иӷәӷәоуп. Ианахәҭоу, иахьахәҭоу иҳәоу ажәа ауаҩшьра аанакылоит, аибашьрагьы ннакылар алшоит. Аԥсуа илабашьа нарсны, иуаажәлар рыбла дхыԥшыло акәын иажәа шиҳәоз.
Ҳазыхынҳәып аԥсуа идоуҳа, иламыс, ипату, иуаҩра. Ҳҭаԥшып аԥсуара алакҭа. Акыр ҳаиқәнархозар, убри ҳаиқәнархоит.
Шарида Торчуа