Аслан Оҭырба –115 ш

Жәлар рыбзиабара иаԥсахаз

Сынтәа 115 шықәса ҵуеит Аԥсны аҵеи иаша, апатриот ду Аслан Ҭамшьыгә-иԥа Оҭырба диижьҭеи.Зегь реиҳа ҳажәлар аамҭа хьанҭа ианҭагылаз, милаҭҵас аԥсра, аӡра ахықә ианхықәгылаз Аслан Оҭырба дымшәа-дмырҳа рҿахәы иҳәон, рыгәҭыха игәҭыхан.


Аслан Оҭырба диит Абӷархықә ақыҭан анхаҩы иҭаацәараҿы, иқыҭаҿы алагарҭатә ҵара хыркәшаны дҭалоит Афонҿыцтәи ашкол-интернат, уи ашьҭахь – Аҟәатәи ашьхаруаа рышкол. 1939 шықәсазы далгеит аҭоурыхи, афилософиеи, алитературеи Москватәи ринститут, аҭоурыхдырҩы изанааҭ иманы.
Уи ашьҭахь дгьежьуеит Аԥсныҟа, аусура далагоит рҵаҩыс Аҟәатәи аҳәынҭқарратә рҵаҩратә институт аҿы. 1939 шықәсазы Асовет Ар рахь иԥхьоит. Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа ианалага инаркны аҵыхәтәанынӡа ар рҿы еиуеиԥшым аҭакԥхықәратә маҵурақәа ааникылон. Ианашьоуп «Аеҵәа Ҟаԥшь» аорден, «Аџьынџьтәылатә еибашьра II аҩаӡара», аибашьразы амедалқәа. Абас ҳаԥхьоит уи ибиографиаҿы, ҳәара аҭахым асеиԥш аҳамҭақәа раԥсахаразы иаҭахын аҟыбаҩ бзиеи адырра ҵаулақәеи.
Аррантә́ даныгьежь, 1946 шықәса анҵәамҭазы Аслан Оҭырба пропагандистс аусура далагеит апартиа Аԥснытәи аобком аҟны, анаҩс лекторс. 1953 шықәса инаркны хәышықәса агитациеи апропагандеи рыҟәша аиҳабыс, 1958 шықәса инаркны бжьышықәса Аԥсны АССР Аминистрцә́а Рхеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс дыҟан. Абраҟа гәык- ԥсыкала, апринципра злаз иусура иабзоураны ажәлар раҳаҭыр даԥсахеит.
Амилаҭтә қәԥаразы А.Оҭырба еицырдыруа ԥызоуп. Уи арҵабыргуеит 1953 шықәса сентиабр мзазы Қырҭтәылатәи Акомпартиа VII апленум аҟны иқәгылара. Уаҟа далацәажәеит жәлар рҵареи, ркультуреи, акадртә политикеи, Аԥсны анҭыҵынтәи иааганы ауаа рнырхаратә уси, анхамҩатә ргылареи уҳәа рҟны иҟаз аилагара ӷәӷәаӡақәа раԥыхразы, инҭкааны рыхьӡқәа иҳәеит аԥсуаа ирҿагыланы аполитика мҩаԥызгоз Қырҭтәылатәи Акомпартиа Ацентр Комитети. Аминистрцәа Рхеилаки Иазгәеиҭеит урҭ анапхгаҩцәа ишрылымшо апартиа Ацентр Комитет ақәҵарақәа рынагӡара. Аԥсуаа аамҭа-аамҭала иқәымгылар ада ԥсыхәа рымамкәа аҭагылазаашьаҿ инеиуан. Аслан абри даараӡа игәы арҭынчуамызт. Ихы дазҵаауан: «Избан, абарҭ реиԥш иҟаз ацәырҵра бааԥсқәа, ахҭыс ӷәӷәақәа ес-жәашықәса изыҟалоз?» ҳәа. Иқәгыларақәа руак аҿгьы уи аҭак ихаҭа иҟаиҵеит: «Ҳара иаҳуалуп абарҭ иқәгылоу азҵаарақәа ԥсыцқьала, иашала иаахтны рҭак ҟаҳҵарц. Араҟа аҭыԥ амамзароуп аш́әыргәындаратә, аԥсеиқәырхаратә политика, аҭакԥхықәра аҿаԥхьа ашәаӡыӡара ҟамлароуп. Ажәлар акымзарак рхарам, ҳара ҳазрывамгылеит, иаҳбарҭаз ҳамбозшәа ҳҽыҟаҳҵеит».
Сгәанала, иаҳәо рацәоуп анапхгаҩ ироль аилкааразы ари агәаартра.
Аслан Оҭырба ихаҭара, идура ханарҭәаауеит уи ҩызцәа ааигәақәас имаз рхаҭарагьы. Ианқәыԥшыз нахыс иара иҩызцәан Гь.Ӡиӡариеи, Б.Шьынқәбеи, Шь.Инал-иԥеи, А.Лабахәуеи.
«1953 шықәсазтәи Аслан Оҭырба Қарҭ иқәгылара, 1947 шықәсазтәи ҳҵарауаа рышәҟәы, 1989 ш. азы Владислав Арӡынба Москва ицәажәара – абарҭ зегьы жьи-напхыци реиԥш еимадоуп, аки-аки еихылҵит, идеиак иатәу 20-тәи ашәышықәсазтәи аԥсуаа ҳҭоурых аҿы, ҳмилаҭ қәԥараҿы еиҳа зҵазкуа хҭысқәоуп», ҳәа азгәеиҭоит Аԥсны жәлар рпоет Мушьни Лашәриа. Иара убас «Ахра ашәа» афырхаҵа хада Кьахь Ҳаџьараҭи Аслан Оҭырбеи рхаҿсахьақәа реиласара иазкны» зыхьӡу астатиаҿы иаҳԥылоит даараӡа интересс иукша алкаа:
«Аслан аханатәтәи иқәԥара, ихьамҵра, ижәлар рахь имаз абзиабара, ахақәҵара Б.Шьынқәба изныкымкәа лабҿаба дрылаԥшхьан, изгәакьан, инарҭбааны еихишьалон, зсахьа ҭихуаз жәлар рфырхаҵа иаԥҵара иацирхыраауан, атиптә ҟазшьахьы ииаигон.
Баграт Уасил-иԥа ироман зегь ҩны даналга, 1965 ш. азы, апоет иусурҭа ауадахь Аслан Ҭамшьыгә-иԥа ҳаҭырла днаиԥхьоит. Астол аԥынгыла ду ахы-аҵыхәа «Ахра ашәа» ахқәа хаз-хазы еидкыланы, нахьхьи-аахьхьи иқәын. Баграт Уасил-иԥа Оҭырба иеиҳәоит абасҟаамҭа дызҿыз ироман ҩны дшалгаз, ишынаигӡаз, ари аҩымҭа Кьахь Ҳаџьараҭ ишизкугьы, аԥҵараан Кьахь Ҳаџьараҭ иеиԥш Оҭырбагьы ибла дшыхгылаз, хаҿсахьак аҿы ҩ-хаҿсахьак шеиласоу, ишеимадоу. Абри аиԥылара атәы аҩыџьагьы хаҭа-хаҭала изныкымкәан исарҳәахьан, Аслан иԥшәмаԥҳәыс Татиана Еснаҭ-иԥҳа лакәзар, аӡбахә акьыԥхь аҿгьы иазгәалҭахьеит».
Аслан еснагь дуаҩы еиқәҷабын, деинаалан. Иблақәа ԥхарра шәахәацк рхылҵуан, иԥышәырчча рыҵубаауан. Аслан Оҭырба аҭаацәа ҟаимаҭ дырхадан. Татиана Еснаҭ-иԥҳа Конџьариа, имҩанызаҩ гәакьа, зегь рҿы дивагылан, иуаажәларратә усқәа рҟны диарӷьажәҩан. Ирҭынхеит хҩык аҭыԥҳацәа: Елена, Алла, Лиудмила. Рыхҩыкгьы раб ихьӡ лаша иаԥсаны, Аԥсны азы ихәарҭаны иаагылеит.
Апатриот ду, ауаажәларратә усзуҩы Аслан Оҭырба инысымҩа далацәажәо аҭоурыхҭҵааҩ Арвелод Кәыпраа игәалаиршәоит: «Хаҭала акырынтә срылахәын Аслан инапхгарала имҩаԥысуаз ауснагӡатәқәа. Убас, 1970 ш. азы Гал араион Барӷьаԥ ақыҭан имҩаԥысуан ашкол ахыбра ҿыц аартра иазкыз аизара, уи иалахәын Қарҭынтәи, Аҟәантәи асасцәа, Аԥсны аиҳабыра рыхьӡала дықәгылеит Аминистрцәа Рхеилак аиҳабы ихаҭыԥуаҩ А.Оҭырба. Уи аԥсышәала дцәажәон, арахь итәаз рахьтә реиҳараҩык аԥсшәа рыздырӡомызт, аха рлымҳақәа кыдҵан изыӡырҩуан. Аҵыхәтәаны, иааркьаҿӡаны урысшәала ирзеиҭеиҳәеит дызлацәажәоз. Иқәгылара гәахәас иҟаҵаны напеинҟьарыла иаԥылеит. Усҟан абас зхы мҩаԥызгарц зылшоз Аслан заҵәык иакәын», – иҩуеит Арвелод Кәыпраа. Уи ажәытә фырхацәа дырҩызан, дӷьеҩын, шәаӡыӡара издыруамызт.

Наира Сабекиа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me