Араионқәа рҟны афинанстә ҭагылазаашьа
Гагра араион ахадара аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо Адамыр Ҵышәба иҳәеит, араион аҟны афинанстә ҭагылазаашьа ишалнаршо Абиуџьетуаа руалафахәы инхарҭәааны ашәара.
Ҳазну аамҭазы араион абиуџьет аҟны инықәырԥшшәа 20 миллион мааҭ ыҟоуп. Ианвар азтәи ахыдҵақәа идыртәоит 65 миллион мааҭ аҟыра. Сгәы иаанагоит, ҳамч ақәхап ҳәа», – иазгәеиҭеит иара.
Аҟәа араион ахадара аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо Аслан Сангәлиа Валери Бганба агәра ииргеит ианвар 1 азы араион ишынанагӡаз абиуџьетуаа рҿаԥхьа адҵақәа зегьы. «Абраҟа иҳацхрааит иҳаҩсыз ашықәс афинанс цәынхақәа», – иҳәеит Сангәлиа.
Гәдоуҭа араион ахадара аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо Валери Аҩӡба иажәақәа рыла 2024 шықәса декабр азтәи ауалафахәы рызшәоуп, Аха ианвар азы аҭагылазаашьа аҽаԥсахыр ауеит, иҟалап ареспубликатә биуџьет аҟнытә ацхыраара аҭаххар.
Валери Бганба иазгәеиҭеит ауадаҩрақәа шеиликаауа, аха араион алшарамчқәа зегьы еизнакыроуп, убрахь иналаҵаны ашәахтә лагалақәа ирыцҵалатәуп.
«Ҳара ауаа уалафахәыда иаҳзааныжьуам. Абизнес ианаамҭоу ашәахтәқәа ашәалароуп», – иаҵишьит иара.
Гал араион ахадара аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо Константин Ԥилиа иҳәеит 2024 шықәса анҵәамҭа шымариамыз, Аха афинансқәа Рминистрра ианаамҭаз ацхыраара шыҟанаҵаз асусидиақәеи адотациақәеи ршәаразы.
«Ари иалнаршеит ауал ҳақәымкәа ашықәс ахыркәшара. Ҳазну аамҭазы ауалафахәы рызшәаразы апроблема ыҟаӡам, мацара иаанхаз аиқәышаҳаҭратә хыдҵақәак роуп, аха урҭ ҳамч рықәхоит», иазгәеиҭеит иара.
Тҟәарчал араион ахадара аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо Витали Кәыҵниа далацәажәеит иҳаҩсыз ашықәс декабрызтәи ауалафахәы инхарҭәааны ишрызшәоу».
Иара убас ианвар згьы ауадаҩрақәа ҟамлароуп. Аха иҳаҩсыз ашықәс азы араион абиуџьет ареспубликатә биуџьет аҟнытә иамаиуӡеит 35 миллион мааҭ аҟара», – иациҵеит иара.
Очамчыра араион ахадара аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо Артемон Габелаиа иҳәеит 2024 шықәса шадыркыз ауал рықәымкәа.
«Ҳгәыӷуеит, ианваргьы уалда ихҳаркәшап ҳәа. Хадаратәла ҳбиуџьет шьақәгылоит аԥсыӡкра иабзоураны, аха рыцҳарас иҟалаз ҳазгу ашықәс азы уи аҟаҵарбақәа маҷхеит, абри аҟнытә ауадаҩрақәа цәырҵыр ауеит.
«Ҳаԥшып аԥхьаҟа аҭагылазаашьа шышьақәгылауазы, аха иахьугалакгьы иҳалшо зегь ҟаҳҵоит абиуџьетуаа ауалафахәы роуларц азы», – иақәиргәыӷит Габелаиа.
Гәылрыԥшь араион ахадара аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо Беслан Ҵнариа иазгәеиҭеит 2024 шықәса шыхдыркәшаз ауал рықәымкәа.
«Проблеманы иҟоу, ари адотациақәеи асубсидиақәеи рыла иршәо ауалафахәқәа роуп, аха афинансқәа Рминистрреи ҳареи уи аҭыԥ иқәаҳҵалоит», – иҳәеит иара.
Валери Бганба иаҵишьит араион абиуџьет ахь ашәахтәлагалақәа шырцыхцыхтәу, убрахь иналаҵаны дгьыл азы ашәахтәгьы. Уи ашәара руалуп зегьы. Ҷыдала ари хра алоуп Аҟәатәи, Очамчыратәи, Гәдоуҭатәи, Гәылрыԥшьтәи араионқәа рзы. Иагьациҵеит зегьы рзы ауснагӡатә хадақәа ируакны ишыҟоуп ҳхатә малқәа рыла анхашьа-анҵышьа аҵара.
«Сара еилыскаауеит раионқәак, ҿырԥштәыс, Тҟәарчалтәи, аобиективтә мзазқәа ирыхҟьаны ацент р аҟнытә адгылара амамкәа ишзымҿио, аха егьырҭ араионқәа рҟны иҟоуп арезервқәа, урҭ мҽхакы ҭбаала ахархәара рзутәуп», – иазгәеиҭеит Бганба.
Алхрақәа аҽырзыҟаҵара
Афинанстә ҭагылазаашьазы араионқәа рзадацәа ражәахәқәа рышьҭахь, Валери Бганба интересс иҟаиҵеит февраль 15 азы иҟалараны иҟоу ахада иалхрақәа аҽырзыҟаҵара шымҩаԥысуа. Араионқәа рнапхгаҩцәа ирҳәеит аҭыԥанқәа рҿны аҭагылазаашьа шҭышәынтәалоу, гәамҵра шыҟам.
Бганба иргәалаиршәеит араионтә хадарақәа реиҳабацәа руснагӡатә хадақәа ишреиуоу ашәарҭадара алыршара, иара убас атехникатә зҵаарақәа рҭыԥ рықәҵара, убрахь иналаҵаны атәылауаа зегьы абжьыҭара рхы аладырхәырц азы алшарақәа рыҭара.
«Ҳара иаҳуалуп ахыбрақәа рганахьала аштабқәа ацхыраара рыҭара, алхырҭатә ҭыԥқәа иҭышәынтәаланы русура ашьақәыргылара», – иҳәеит иара.
Бганба ҷыдала иаҵишьит абжьыҭара аан мацара акәымкәа, аҭыԥанқәа рҟны абжьқәа рыԥхьаӡара аангьы алхрақәа рҽны еиԥҟьарада фымцамчла аиқәыршәара акырӡа шаҵанакуа.
Заанаҵы «Амшынеиқәафымцамч» анапхгара ирацәажәатәуп февраль 15 ашьыжь асааҭ 8 инаркны февраль 16 ашьыжь асааҭ 8 азынӡа алхырҭатә ҭыԥқәа фымцамчла еиқәыршәахарц азы», – иаҵишьит иара.
Ахада инапынҵақәа назыгӡауа иазгәеиҭеит раԥхьаӡа акәны абри аҩыза аҭагылазаашьа шибо: Ахада иалхрақәа рыламҭалаз араионқәа рхадарақәа реиҳабацәа 90 процент ԥсшьара ицеит руалԥшьақәа рынагӡара аҭыԥан.
«Сара даара сгәыӷуеит араионқәа рхадацәа зегьы рзыманшәалахап ҳәа. Ҳарҭ ҳахьтә данбанзаалак Аминистрцәа зегьы налаҵаны, уахи-ҽни аилых ҟамҵакәа аимадараҿы ҳаҟазаауеит. Ҳазхиоуп ианакәызаалак ацхыраара аҟаҵана», – иҳәеит Бганба.
Гагра иҟалаз атрагедиазы
Аилацәажәара аҵыхәтәан Гагра араион ахадара аиҳабы инапынҵақәа назыгӡауа Адамыр Ҵышәба игәы иаланы иҳәеит Гагра, ианвар 21 азы аӡышьҭра аҟаҵараан хҩык ауаа рҭахара аполитика шалырхыз, амассатә информациатә хархәагақәа рҟны ииашамыз аинформациа шыркьыԥхьыз.
Валери Бганба иазгәеиҭеит атрагедиа зхылҿиааз зегьы шьақәдыргыларц азы, иааныршо зегь ҟарҵарц абри аҩыза аиҭаҟамларазы.