Арадио Sputnik иаиҭаз аинтервиу аҟны абри далацәажәеит анаплакы анапхгаҩцәа ируаӡәку Баҭал Ӡаԥшьба.
Азауад азы ашьақәгылақәа ҿарҵеит Италиа, урҭ ааргараны иҟоуп март анҵәамҭазы. Иара убас Парма аҟнытә ҩыџьа атехнологцәа аауеит. Урҭ шықәсык азауад аусзуҩцәа аҵара ддырҵалоит. Даҽа ҩыџьа аусзуҩцәа Москва, Лианозовтәи ахштә камбинат ахь идәықәырҵеит аԥышәа арҳаразы, – иазгәеиҭеит Ӡаԥшьба.
Уи иажәақәа рыла, азауад аусура ззырхоу аҭыԥантәи аџьармыкьа ауп. Убри аан, аарыхра амҽхакқәа шьҭыҵыр, Урыстәылатәи аџьармыкьахьгьы икылсыр ауеит.
Ахш змырхәҳауа аҭыԥантәи афермерцәа роуп. Анаплак аҟны иҭрыжьуеит ахҷаҭ, ахш, акефир, аиогуртқәа, ашә.
Баҭал Ӡаԥшьба иҳәеит ахш зауад ахархәарахь рыҭара шазгәаҭоу ҳазну ашықәс ииул азы. Анаплакы аҟны аус руа иҟалоит 70-ҩык раҟара.