Мшаҧы 19, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Урҭ зегь фырхацәоуп

Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага, аҧсадгьыл ахьчаҩцәа рылагылара сшазхәыцуазгьы, раҧхьатәи амш азы сзымцаӡеит. Сашьа деибашьуан, саҳәшьа Очамчыра далаханы дыҟан, зықәрахь инеихьаз сани саби сзынмыжьит азныказ. Уи инаҷыдангьы, «исылымшо аус салагаӡом». Ус схәыҷаахыс ҟазшьас исымоуп аҟнытә, акыр сыҽҧысшәон, аибашьра акыр ауадаҩрақәа шацу еилыскаауан. Сыхгьы сазҵаауан исылшару ҳәа. Схы агәра зго саныҟала ҩба-хҧа мзы ааҵхьаны еиҧш «еибашьра сцоит» ҳәа Тҟәарчал аштаб ахь снеит.

Абас, ҳаиҿцәажәара хацыркуа лажәа дналагеит занааҭла ифилологу, иахьа Аҟәа ақалақь Ахадара аҵара аусбарҭа аиҳабы ихаҭыҧуаҩ, «Агәымшәараз» амедал занашьоу, аибашьра аветеран Марина Калодиа-иҧҳа Арыш-ҧҳа.

Аибашьра аветеран лажәақәа рыла, усҟан уи 28 шықәса дырҭагылан, аха «дыцәхрыцӡа» дахьыҟаз аҟнытә, «дхәыҷыршьон», 28 шықәса шылхыҵуаз аӡәгьы агәра игомызт. «Бара аибашьра былшаӡом», – ҳәа ларҳәеит, аха Марина лықәразгьы амц шылымҳәо, еибашьра ацара дшазыхиоу агәра длыргарц данырҟәамҵӡа, «ахәцәа анаагатәу бцалап» ҳәа аштаб аҟны дынрыжьит. Марина лаҧхьа аштаб аҿы инеихьан, ахырҕәҕәарҭақәа рахьгьы ицон Ирина Кәакәасқьыр-ҧҳаи Изольда Маршьан-ҧҳаи.

Ус декабр 14 аҽны – агәыҧ «Катран» ҳаҕацәа амацәаз ианҭаркыз акәын. Командирс иамаз Џыџ Чагәаа аштаб аҿы днеины дыҟан, аха медиаҳәшьас иҟаз Тома Кәакәасқьыр-ҧҳа уи дицны Кәтолҟа ацара лылмшазар акәхап, «сызцом анылҳәа, уи аамҭазы, Марина, «Тома лҭыҧан сара сыжәга» ҳәа рыҳәара далагеит.

«Џыџ Чагәаа сицны машьынала ҳашцоз, Ҕәада ҳнеихьаны еиҧш рациала иҳаҳаит «ажәабжь бааҧс» ахәыҷқәеи аҳәсеи зҭаз авертолиот ҳаҕацәа Лаҭа ишҭадырхаз ала. Даара ҳгәы ҳахьит, аха ҳамҩа иацаҳҵар акәын. Ауха ҳнаӡеит Кәтол, амҩақәа кны ҳаибашьцәа ахьтәаз ангәаҳҭа ашьҭахь, ҳаҧхьеит Џыџ иҭаацәа рҿы. Ашьыжь схеигалеит Тамшьаа рыҷкәынцәа рыла еиҿкааз агәыҧ «Катран» ахь.

Агәыҧ «Катран» командаҟаҵаҩыс даман Заза Занҭариа, аха уи агәыҧ аҩнуҵаҟа даҽа ҧшьба-хәба гәыҧ рыла ишан. «Катран агәыҧқәа руак деиҳабын 18 шықәса зхыҵуаз, аха даара еилҟьаз, игәымшәаз Демур Цыцыбаа. Еиҳа иахьыуадаҩыз, иахьшәарҭаз аҭыҧқәа рахь инеиуаз агәыҧ «Катран» аибашьцәа зегь фырхацәоуп хаҭала, сара сзы: Заза Занҭариа, Аслан Камкиа, Вова Бараҭелиа, Гәырами Макеи Бжьаниаа, Тариел Габелиа, Робик Ҷанба, Игор Ҭарба уҳәа хьыӡҳәала исгәаламшәогьы зегь уахь иналаҵаны» – лҳәеит аибашьра аветеран.

Агәыҧ «Катран» аибашьратә мҩа, уи агәыҧ афырхацәа иаадырҧшыз агәымшәареи ахаҵареи ҵҩа рымам. Урҭ лассы-лассы Тамшь амҩа хадахь ицәырҵуан, ацҳақәа ҧыржәон, ҧшыхәра ицаны аҕа итәарҭа-игыларҭа, имаз-ихӡыз гәарҭон, ианицәыргозгьы маҷмызт. Аха ишнеиуаз ари агәыҧ адиверсиатә гәыҧ акәны иҟалеит. Урҭ ахьыҟаз ахырҕәҕәарҭаҿы ирыҧсахит Кәтолаа рыҷкәынцәа рыла еиҿкааз Борис (Баро) Тапаҕәуа командаҟаҵаҩыс дызмаз агәыҧ «Стрелец». Уи акәхеит, Марина диасуеит ахырҕәҕәарҭаҿ иаанхаз агәыҧ «Стрелец» ахь. Уи хазы, Ҕәадаа ргәыҧ «Аҧсны» ажәыларақәа рахь ианцозгьы акырынтә дрыцны дцахьан.

 Марина Арыш-ҧҳа, декабр 14 инаркны имҩаҧгаз ажәыларақәа шамахамзар, зегьы дрылахәын: Аҭара, Лабра, Цагера, Кәачара уҳәа рхақәиҭтәразы имҩаҧгаз. «Лабра ахақәиҭтәразы акырынтә ҳаибашьцәа жәылахьан, ахы изныкымкәангьы ихьамҵыр ада ҧсыхәа рмоуа иҟалахьан. Зны ҳара иаагон, зны – дара. Иҟан аминақәеи меигӡарахда иҭдырҟьоз аснариадқәеи рыла ҳаибашьцәа ааха ҕәҕәа анрырҭоз. Ҳара ҳзы зегь реиҳа ихьааз, иуадаҩыз, ахәцәеи аҧсҭбарақәеи анырацәахоз акәын»… – дҳацәажәон Марина.

Жәыларак аҟны 19-ҩык ахәцәа шыҟаз ҳзеиҭаҳәо, аибашьра аветеран, акымкәан-ҩбамкәан аибашьратә хҭысқәа лгәаларшәо ҳзеиҭаҳәара даҿын, даара ишылцәыуадаҩызгьы, лҩызцәа еибашьцәа рыхьӡ аҭоурых аҿы инхарц лҭахны.

«Ӡынран, шьамхахьы асы шьҭан, аҵых ишырҳәо еиҧш, «ашьа аҿыҵуан» убриаҟара ихьҭан» – дналагеит лажәабжь. Апост аҟны игылан, «Шило» ҳәа заҳҳәоз Шьакаиеи Алик Лашәриеи, аха ахьҭа анырзымычҳа, раамҭа ааиаанӡа рҩызцәа еибашьцәа ирыҧсахит. Сара уи аамҭазы аҧечка амца ҭаҵаны ҳахьтәаз аҩнаҟны, наҟтәирахьшәа игылаз каруаҭк сықәиан смагәқәа сышьхны. Ахьҭа иакны иааҩнашылаз Шилои Алики амца инадтәалоны еиҧш, аҕацәа иаарышьҭыз аснариад аҧечка иақәҳаит. Алик Лашәриа дҭахеит, 7-ҩык ахәрақәа роуит, ахәцәа еиҳа иахьшәарҭамыз аҭыҧқәа рахь ирҳәазаны ишьҭаҳҵеит. Еиҳа ахәра уадаҩ змаз аҧхьа ацхыраара рысҭон. Ус, Шило дгәасҭазар имгәа «кылжәаны» иҟан, иара «уи акгьы ҟамлеит, иуадаҩым» иҳәон. Агәыр изыҟасҵеит иаразнак «новокаин» ҳәа изышьҭоу. Сара убриаҟара сшьара сықәӡамызт, амагә сышьаӡамкәан ахәцәа злааго амашьына аҧшаараз амҩаду ахь скылсит, нас сшьапқәа ахьҭа анрылс схынҳәит, аха смагәқәа абаҟахыз? Ҧшаашьа рымамызт, Алик Лашәриа рыцҳа деиқәкны дахьышьҭаз имагәқәа ишьхны исышьаҵаны сцеит», – лҳәан акыр илцәыхьанҭаны даақәыҧсычҳаит. Нас хрыжь-хрыжь лажәа инацылҵеит. «Аҷкәынцәа машьынак рыҧшаан, ахәцәа ҳаманы амҩа ҳақәлеит. Шило снапы шикыз, «Марина сныбмыжьын» – шиҳәоз агоспиталь аҟны ихәра ҕәҕәа изхымгакәан иҧсҭазаара далҵит» – лҳәан лажәабжь аахлыркәшеит, лылабжышқәагьы лызнымкылакәан лӡамҩа инаҿыкьасеит.

Аиашазы, Марина даара илцәыуадаҩын, лҩызцәа аибашьцәа ирыдҳәалаз ахҭысқәа реиҭаҳәара. Ҳаргьы даараӡа иаҳцәыуадаҩын, ҩаҧхьа аибашьра атемахь лазырхынҳәра, уи ацҵара…

Марина еиҭалҳәаз аибашьратә хҭыс ашьҭахь, ҧыҭрак ҿымҭ ҳтәан. Нас аҿымҭра ааилалган, даҽа хҭыскгьы аиҭаҳәара дналагеит. – Ҳаҕацәеи ҳареи 50-100 метрак рыда анҳабжьамызгьы ыҟан, еиқәҿаҳҭуан зны-зынлагьы. Ҳаҷкәынцәа, ус еиҧш аҭагылазаашьақәа раан, рынкылара уадаҩын, урҭ ргәы рыхон «ашьаурахьы», «ажәыларахьы», «ҧхьаҟа». Ҽнак, ҳгәыҧ аҟны иҟаз аибашьҩы гәымшәа Бено Ҟалҕьы «Ҳаҕацәа ҵаҟа иҟоуп, шәаала ҳнархагыланы ишьны ҳаауеит» ҳәа даақәгылеит. Аҷкәынцәа «ус, ишуҳәо имариам, уаангыл, умыццакын» ҳәа иабжьаргеит. Аха, ианимуӡа «Марина бара баала» ҳәа саныхҭеик, сицны сдәықәлеит, ихала даанымхарц азы. Мҩабжа ҳнеиуаны еиҧш, ҳгәазҭаз ҳаҕацәа ахысра иалагеит. Бено ахы иқәшәеит, дахьышьҭаз ахьаа зыртәоз агәыр изыҟасҵеит, аха «дхьанҭан» ишьҭыхра ма ирҳәазара сылшаӡомызт аҟнытә, «шәсыцхраа» ҳәа сыҳәҳәон. 3-ҩык аҷкәынцәа аҩны ашә дықәҵаны далыргеит, аха Кәтол днаргаанӡа ихәра изхымгакәа иҧсҭазаара ҿахҵәеит. Дырҩегьх лылабжышқәа ҩхаддылеит. Саргьы убасҟан исоуит ахәра, исҧырагылаз аихатә «лист» акыр сшахьчазгьы.

Аибашьра аветеран лажәақәа рыла, уи аҽны, Бено Ҟалҕьы данҭаха ашьҭахь, агәыҧ «Стрелец» акомандаҟаҵаҩ Борис (Баро) Тапаҕәуа «дышҧасзымыхьчеи» ҳәа игәы ҧжәаны «ишьа иурц» ҳаҕацәа реихсра даналага дҭахоит.

Аибашьра аветеран Марина Арыш-ҧҳа лхатә ҩыза, зхатәгәаҧхарала ҳаҧсадгьыл аиқәырхара азы еибашьуаз «Агәымшәаразы» амедал занашьоу Казбек Макаов Нхыҵ-Кавказтәи ҳашьцәа дреиуоуп. Уи иҧсҭазаара далҵит 7 шықәса раҧхьа. Марина иахьа лҧацәа Мураҭи Русҭами реиҧш лгәы рыладууп, лхатә ҩызеи лареи назлаз ҳҵеицәа зҧеиҧш лаша рыхьчоз абиҧара ҿа. Уи ҳаиҿцәажәара хыркәшо иазгәалҭеит: «Сара ҳҿар рыгәра згоит, иахьа аҿар бзиа ҳамоуп, анаҩс ҳҧеиҧш ҳнапы иакуп, сҩызцәа аибашьцәа еиқәдырхоз, реиҳараҩык рхы-рыҧсы зыхҭнырҵаз лыҵшәадамхеит, амала, иахьа иҳамоу Ахақәиҭреи, Аиааиреи, Ахьҧшымреи аҭынч ҧсҭазаараҿгьы ирзықәҧатәуп, еиқәырхатәуп».

Аиашазы, уи лажәақәа рыхшыҩҵак иацҵауа иаҳҳәо акы заҵәык ауп – Анцәа иҳаҭәеишьааит аҧсуа жәлар еснагь Ҳаҧсадгьыл аҟны аҧшәмара.


Алиса Гәажә-ҧҳа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me