Мшаҧы 23, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Иаамҭамкәа зыҧсадгьыл иаҧхаз

Ҳажәлар рҭоурых аҿы аҵакы ду змоу арыцхә – Аиааира Амш аламҭалазы аибашьра аветеранцәа Аҧсадгьыл ахьчараан иҭахаз  рҩызцәа анышә иахьамадоу рҳаҭгәынқәа ирҭаауеит, абаталионқәа ирылахәыз еиқәшәоит.

Аибашьраан ироуз ахәра ҕәҕәақәа згәабзиара ҵыршәааз аветеранцәа аӡәырҩы сынтәатәи Аиааира амшныҳәа азгәаҭара изаҧымлаӡеит. Урҭ дреиуоуп ҵыҧх, аныҳәамш азгәаҭара мышқәак шагыз зыҧсҭазара иалҵыз, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Даур Лаврент- иҧа Латариа.

Даур Латариа диит Аҟәа ақалақь аҟны. Аибашьра ҟалаанӡа иара аус иуан  Бабышьратәи аҳаиртә баҕәазаҿы. Иҿцәажәарақәа руак аҟны Даур иҳәахьан, аибашьра иалагаанӡагьы ишидыруаз аҧсуааи ақырҭқәеи еиҿагылара ҕәҕәак ҟамлакәа ишзеилымгоз.

"Аҳаиртә баҕәазаҿы аус анызуаз изныкымкәа избахьан, адырга ҷыдақәа рықәгылаӡамкәа иҧыруаз аҳаирплан маҷқәеи  авертолиотқәеи. Усҟан ацәажәарақәа ыҟан, ақырҭцәа ақыҭақәа ирылаланы абџьар ашара иаҿуп ҳәа. Аҽазыҟаҵара шцоз убаратәы иҟан. Еилумкаар ауамызт ҳабашьра ргәы ишҭаз. Аха абас еиҧш иаалырҟьаны иҳақәлоит ҳәа хаҭала сара сгәы иаанагомызт", абас иҳәахьан Даур Латариа.

Аибашьра ианалага раҧхьатәи амшқәа инадыркны абџьар шьҭыхны зашьцәа ирывагылаз Даур Латариа аибашьра адәаҿы ахамеигӡара ааирҧшуан.  Иара дрылахәын Мрагыларатәи афронт аҟны имҩаҧысуаз ажәыларақәа зегьы.  Мрагыларатәи афронт аҩбатәи аполк актәи абаталион агәыҧ "Удав" далан. Агәыҧ иалаз реиҳараҩык Аҭараа рыҷкәынцәа ракәын. Даур Латариа изныкымкәа игәалаиршәахьан аибашьра актәи амшқәа рзы еиҿкааз агәыҧ аилазаараҿы иҟалаз Аҧсадгьыл ахьчаҩцәа абџьар азы шаҟа имаџьаназ,  аха дара уи ишааннамкылоз.

"Абџьар змаз ҩыџьа заҵәык ракәын. Урҭгьы шәарыцага  шәақьқәан. Ҳқыҭа иаакәаршаны инхоз ақырҭцәеи ашәанцәеи ҭаацәарақәак рыда реиҳараҩӡак  аҧсуаа ирҿагылеит, дара зегьы бџьарла еиқәных еибыҭан. Ҳгәыҧ аибашьцәа аҧшыхәратә ус ду мҩаҧаҳгон. Ҳқыҭахь аҕа дзымааиртә амҩақәа ҳахьчон", – игәалаиршәон  аибашьҩы.

Даур Латариа аибашьраҿы ааха ҕәҕәа иоуит. Аҭараа имҩаҧыргоз ажәыларақәа руак аан иара ибла ҕәҕәала ихәын. Ахәышәтәра дахысуан  Москва. Усҟан Даур Латариа иблақәа руак аиқәырхара алыршан. Ахәра шимазгьы, аибашьҩы ихы аҧхьакра дашьҭамлакәан, Аҧсныҟа дшаагьежьыз еиҧш иҩызцәа деиҭанарывагылеит. Аибашьра иҧсы ҭаны далҵит, аха уи изыннажьит анаҩстәи иҧсҭазаара зегьы анырра азҭоз ахәра иацыз ахьаа. Аҳақьымцәа еиқәдырхаз ибла аибашьра ашьҭахь абара ацәыӡуа иалагеит. Уи иахҟьаны аветеран длашәхеит.

Даур Латариа дреиуан иагьа уадаҩра иҧыларгьы зҽаҵазмырхоз, згәы казмыжьуаз ауаа. Ҳаамҭазтәи атехнологиақәа дрызҿлымҳан, ибла ишамбозгьы асоциалтә ҳақәа ихы иаирхәон. "Иутуб" аҟны адырраҭарақәа еиҿикаауан.  Дрызҿлымҳан аҧсуаа рқьабзқәа,  рынцәахаҵарақәа ҭиҵаауан. "Аҧшьаҭыҧ" зыхьӡу ауаажәларратә еиҿкаара напхгара азиуан. Аҵарауаа адыҧхьаланы, аиҿкаара инанагӡоз аусура аҳәаақәа ирҭагӡаны аҭҵаарадырратә ҟазшьа змаз аиҧыларақәа мҩаҧигон.

Аиааира аныҳәамш аламҭалаз аибашьра аветеран иҧсҭазаара иалҵра хьаала ирыдыркылеит, игәакьацәеи иуеи-иҭахи реиҧш, иҩызцәа,  дыздыруаз зегьы.

Даур Лаврент-иҧа Латариа  Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан  иааирҧшыз агәымшәаразы Леон иорден ианашьан. Аҧсадгьыл ахьчаҩ дыздыруаз зегьы ргәаҿы наунагӡа даанхоит хьаҵра ззымдыруаз, аиаша бзиа избоз,  уи иашьҭаз аҧсыуа хаҵа ҕьеҩны.


Елана Лашәриа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me