Мшаҧы 26, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аиааира агәра ргон…

Аҭаацәара аҧҵара, ажәла реизырҳара, ахәышҭаара аиқәырхара, аҧсҭазаара ацҵара, ахарҭәаара уасхыр хадас иамоу аҧҳәызба лоуп. Аха, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага зқәыҧшра аамҭа иҭагылаз аҧсуа ҭыҧҳацәа зыҧшрак ҟамҵакәан, ахаҵамҧҳәысра аарҧшны, рашьцәа инарывагылеит. Урҭ зны аибашьцәа рыхәрақәа ҿарҳәон, ихәрабҕьыцны, иҧсеиқәырхаҩны ирыцын, даҽазныхгьы, аҕьараҳәа абџьар шьҭыхны инагылон.

Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалагаз аамҭазы 22 шықәса ирҭагылаз, зашьа Асҭамыр ицәыбналаны афронт ацәаҳәахьы инеиуаз, иахьа Леон иорден занашьоу, Б.Шьынқәба ихьӡ зху абжьаратә школ №1 алагарҭатә классқәа рырҵаҩыс аус зуа аибашьра аветеран Асида Заабеи-иҧҳа Хасан-оглы, лҩызцәа-аибашьра аветеранцәа аӡәырҩы реиҧш, азныказы, аибашьра атема алацәажәара шылцәыуадаҩу, уи агәаларшәара шылцәыхьанҭоу наҵшьны иазгәаҭо "сара сабашәҭаху?" ҳәа мап ҳцәылкырц далагеит. Аха ахьааи агәырҩеи зцу ахҭысқәа, ҳәарада, ргәаларшәара уи зхызгаз иага ирцәыуадаҩзаргьы, ҳҭоурых иахәҭакны ишаанхо, ахашҭра шҳаҭәам дазаагеит лассы. Уи акәхеит.

"Аамҭа рацәа ахыҵхьеит аҟнытә цқьа исгәаламшәо хҭыск ҟаларгьы саҭашәымҵан", – лҳәан лажәа дналагеит:

– Аибашьра ианалага, сентиабр мзазы Ҷлоу сқыҭан иаадыртит арратә хәшәтәырҭа, хаҭала, сара занааҭла сшырҵаҩызгьы, санстудентыз "раҧхьатәи ацхыраара аҟаҵашьа ахьаҳдырҵоз иабзоураны ахәра аҿаҳәара, агәырлаҵашьа уҳәа маҷ-саҷқәак здыруан аҟнытә, уа аусура салагеит медиаҳәшьас".

Аха еилҟьа-еилҕәыцә иҟаз аҭыҧҳа илызҭаз агәаҕь лыхон ажәыларахь, афронт ацәаҳәахьы. Ҩышықәса рыла илеиҵбыз лашьа Асҭамыр, иаҳәшьа длыхӡыӡаауан, ажәыларақәа рахь лцара иҭахымызт. Аха Асида, лашьа иамҳәакәан, лыҽицәӡаны лҩызцәа еибашьцәа лҽырхьылгӡон.

"Сеибашьратә мҩа хацсыркит Цагера ахақәиҭтәразы ицоз ажәылараан. Жанна Шьалашьаа-ҧҳеи сареи Мерон Џьынџьал игәыҧ ҳрыцны ҳцеит. Исгәалашәоит ажәыларахь амҩа ҳақәлаанӡа "агәалаҟазаареи агәышьҭыхреи ҳцәымӡырц азы, алиумини иалхыз ачаижәыгақәа еинҟьаны ашәа ҳәо ҳшыкәашаз. Аха ажәылара аҧхьа иҳамаз агәалаҟазаара аҵыхәтәанынӡа еиқәханы изыҟамлеит. Адә ҟьаҟьа зегь минала ихҟьан аҟнытә, аҷкәынцәа рацәаҩны иҭахеит, ахәра заузгьы рхыҧхьаӡара маҷҩымызт. Мераб Аҳәба усҟан амина дахаҧжәеит, изшьапык ицәыӡит. Егьырҭ хьыӡҳәала исгәалашәом… Ҳаибашьцәа усҟан ихьамҵыр ада ҧсыхәа рмоуит. Наҟ-ааҟ, Ҕәадаа ргәыҧ хазы ижәылеит, иҵегь агәыҧқәа ыҟан, аха аминақәа "рыҧхны" иахьыҵаз аҟнытә , ҧхьаҟа – ацара залымшеит", – лҳәеит уи ахҭыс лгәаларшәо, лылахь еиқәны.

Анаҩс, еиҭах, лашьа дицәыбналаны, лымаҳә Алик Џьопуа лыҽимаданы, Зураб Кәарҷиа игәыҧ дацны Ануаа рхәы ахақәиҭтәразы ицоз ажәылара дшалахәыз ҳзеиҭаҳәо, Асида даақәыҧсычҳан, "уи ажәыларагьы лыҵшәадахеит", – лҳәан лажәа инацылҵеит:

– "Агәымшәаразы" амедал занашьоу Жанна Шьалашьааи сареи ҳаицын ари ажәылара аҟынгьы, 30-ҩык инарзынаҧшуа ахәцәа алаҳгеит, хазы, амшын аҟнытә иҳаихсуан ҳаҕацәа. Аснариадқәа ракәзар, ҵыхәаҧҵәарада иҭҟәацуан зегьынџьара. Ус, руак сывара ианыҭҟәац, анышә исықәнаҧсаз саҵәахит, уи збаз, "Ҧац" ҳәа заҳҳәоз Ҭемыр Инаҧшьба саҵихит анышә сықәганы. Ахәцәа ралгара ҳалшагәышьеит, аха ҳаибашьцәа хьамҵыр амуит.

Ахалдаба ахақәиҭтәразы ицоз ажәылараан аибашьра аветеран Асида Хасан-оглы аснаипер дкылкааны дышимаз гәазҭаз усҟан 17 шықәса зхыцуаз арҧыс Камыгә Џьопуа асида "цәҟьарас" дызмаз аснаипер дицәигеит, деиқәирхеит.

Асида "дҭахеит" ҳәагьы лҭаацәа ажәабжь бааҧс раҳахьан. Илаҕырӡашо иштәаз, лара лыҧсы ҭаны, ахәцәа лыманы даарыдгылахьан. Усҟан, лҭаацәа ирбаз ҧхыӡу лабҿабоу рзымдыруа, ируа-ирҳәо иақәымшәо иаанхеит. Ус шаҟа хҭыс?!..

Асида аҭаацәараҿы ахшара дреиҳабын, аибашьра ашьҭахь ахәрақәа изынрыжьыз ирыхҟьаны зыҧсҭазаара зымала изгәаҕьыз, "Агәымшәаразы" амедал занашьоу уи лашьа еиҵба Асҭамыр аибашьраҿы илиршаз рацәоуп. Зықәрахь инеихьаз лаб Заабеи иакәзар, аҭабиақәа рыҟаҵара, рыжра уҳәа илшоз ала дыцхыраауан. Лан Диана Ахсалба, лгәыла Нуца Сангәлиеи лареи аибашьцәа ахьҭеи-амлеи иамкыртә еиҧш, рыфатә-рыжәтә уҳәа реиқәыршәараҿы ирылшоз ҟарҵон. Егьырҭ лаҳәшьцәа акыр еиҵбацәан, аха урҭгьы ирылшоз рхы авыргомызт.

Асида лҩызцәа еибашьцәа ргәымшәареи рфырхаҵареи дазгәдуны дҳацәажәон: "17-18 шықәса зхыҵуаз ақәыҧшцәагьы ҳацын, урҭ ҧшыхәра ицаны, аҕа иабџьар ихыхны иааргон, ргәы ҭрысуамызт, аибашьра аҧышәа шрымамызгьы рхымҩаҧгашьа уаҩы иџьаишьартә иҟан".

Ҳаиҿцәажәара хыркәшо, Аиааира агәра шәгозма? – ҳәа азҵаара илаҳҭаз, Асида даҵамхакәа "Ҳәарада, Аиааира аханатәгьы агәра ҳгон, абџьарла ҳшеиқәшәамызгьы. Хыҧхьаӡарала акырӡа иҳаиҳаз ажәлар ҳашрабашьуазгьы, сгәы иаанагом еибашьҩык Аиааира ҳара ишаҳтәхоз агәра зымгоз дыҟоуп ҳәа. Еиҳаракгьы, Аиааира агәра ҳзыргоз ҳҧыза ду, ҳаҧхьагыла Владислав Григори-иҧа Арӡынба иакәын. Владислав Арӡынба ихьӡ ҳәаны акәын ажәыларахь ҳашцоз, аҵыхәтәанынӡа, Аиааира амш аҟынӡа ҳназгозгьы ҳҵеи ду В.Г. Арӡынба ихыҧшеи, идырреи, ихшыҩи роуп" – лҳәеит Асида.

Аибашьраҿы, ҳажәлар иргаз Аиааира ашьҭахь, Асидагьы, лҩызцәа зегьы реиҧш, аҭынч ҧсҭазаара аан дхынҳәит лзанааҭ ахь. 30 шықәса ҵуеит алагарҭатә классқәа рырҵаҩыс аус луеижьҭеи. Дҭаацәароуп, илызҳауеит лыҧҳа заҵә, абыжьбатәи акласс аҟны аҵара зҵо Арифа Киут-ҧҳа.

Асида лҩызцәа аибашьра аветеранцәа, зегь реиҧш, дазхьаауеит ирыхьчаз, рҩызцәа рхы-рыҧсы зыхҭнырҵаз ҳаҧсадгьыл ҕьацарц, иҧшӡахарц, зегь раҧхьаӡагьы, ҳадгьыл ҳаиҷаҳаларц.


Алиса Гәажә-Ҧҳа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me