Аԥсны иахьаҵанакуа Урыстәылатәи аиуристтә хаҿқәа рганахьала аинвестициатә проектқәа рынагӡаразы Аԥсни Урыстәылеи реиҳабырақәа рыбжьара Аиқәшаҳаҭра аратификациа иазкыз Жәлар Реизара изаамҭанытәым аилатәара мҩаԥысит декабр 3 азы.
Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба иазгәеиҭеит, изаамҭанытәым аилатәара шаԥшьыргаз адепутатцәа, иара ихьӡала инарышьҭыз ашәҟәы ашьаҭала.
«Жәлар Реизара адепутатцәа гәыԥҩык аҳәара ҟарҵеит Аԥсни Урыстәылеи реиҳабырақәа рбжьара аинвестициатә Еиқәышаҳаҭра аратификациа азҵаара иазкны Жәлар Реизара изаамҭанытәым аилатәара ааԥхьараз. Арегламент инақәыршәаны, Жәлар Реизара хыџьара ишаны хәҭак алшара рымоуп Жәлар Реизара Аиҳабы иахь иарбанзаалак азҵаара иазкны изаамҭанытәым аилатәара аԥшьгаразы. Абри ааԥхьара рнапы аҵаҩуп 19-ҩык, иазхон 12-ҩыкгьы. Убас иҟалеит, адепутатцәа реиҳараҩык абри ааԥхьара рнапы аҵарҩит», – ахҳәаа ҟаиҵеит Ашәба.
Адепутат Дауҭ Хәытаба иаҵишьит аԥхьанатә абри Аиқәышаҳаҭра дшаҿагылаз.
«Иахьагьы саҿагыланы сыбжьы асҭоит. Аха исҳәарц сҭахуп, араҟа узеигәырӷьаша акгьы шыҟам. Даара иугәаԥхартә иҟам Аԥсны ахаҭарнакцәа реиԥш, Урыстәылатәи Афедерациа ахаҭарнакцәагьы рнапы зҵарҩыз Аиқәышаҳаҭра абас ҳазымнеир ада ԥсыхәа ахьҳамам. Урыстәыла – статегиала ҳҩыза ауп, ҳара ҳзы даара акырӡа зҵазкуа тәылоуп. Агәра ганы сыҟоуп, еснагь абас ишыҟалауа, избанзар ҳаигәылацәоуп, ҭоурыхла ҳаиларсуп. Агәра згоит ҳшеилыркаауа, избанзар иахьа аӡбамҭа ҳадкылауа, раԥхьаӡа иргыланы ҳзызхәыцуа ҳтәылауаа роуп. Урыстәылангьы иара убасҵәҟьа дара ртәылауаа ирызхәыцуеит, абри аҭагылазаашьагьы еилыркаауеит», – иҳәеит Хәытаба.
Уи гәаанагараны иҳәеит, Ахада инапынҵақәа назыгӡо абри апроект шьҭахьҟа архынҳәра шихәҭаз. Ипозициа деилыркаауа, Хәытаба иҳәеит:
«Аиҿкаарақәа 14 Жәлар Реизарахь ааԥхьара рнапы аҵарҩит… Аилатәарахь абри азҵаара анцәыраагауа еснагь ҳтәылауаа рыҩнуҵҟа агәамҵ-хамҵра ахылҿиаауеит. Аӡәырҩы аҭел исзасуан, интересс ирыман: «иаарылҟьан уи рыдыркылар» иҟаларызеи ҳәа, – иациҵеит адепутат.
Адепутат Демур Гогиа иазгәеиҭеит, Аиқәышаҳаҭра анапы шаҵаҩыз адепутатцәа ргәаанагара ҳасаб азымуӡакәа.
«Иахьа аӡбамҭа ҳадаҳкылоит, ауаа еилыркаароуп абри аҩыза Аиқәышаҳаҭра ҳзаҿагылауа, ҳара ахақәгәыӷшьа, ҳхала анхашьа-анҵышьа ҳҵароуп», – иҳәеит иара.
Жәлар Реизара Аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Аршба иазгәеиҭеит, зегьы алшара шрымаз Аиқәышаҳаҭра ахцәажәаразы, аха Жәлар Реизара аӡбамҭа зегьы рыла ишәаны-изаны ишазнеитәу.
«Зегьы ҳрацәажәеит. Аӡәгьы изҳәашам аивестициақәа – цәгьоуп, мамзаргьы иаҭахым ҳәа. Сгәаанагарала, абыржәы абри азҵаара абасала ҳазнеишьа зынӡаск иалыршатәымызт ҳәа, насгьы абри азҵаара аганахь ашьҭаҵара, мамзаргьы ахырԥара алшоит ҳәа зеиԥш ӡбамҭак ҳазкылсаанӡа», – иҳәеит Аршба.
Лаша Ашәба абжьыҭара азҵаара ықәиргылеит, иҳәеит, ганкахьала, атәыла имариам аамҭақәа шазыԥшу, даҽа ганкахьала акәзар – ҳхатәы лшарақәа рыԥшаара шҳақәшәо.
«Ҳмаҟақәа ҳарӷәӷәароуп, уи моу ашықәс анҵәамҭазгьы. Сара, ҿырԥшыс, сганахьалагьы, аҩызцәа рганахьалагьы ажәалагала ҟасҵоит Жәлар Реизара абиуџьет хәҭакахьала еиҵаҳтәырц, дара убарҭ амалқәа ҟалар. Сгәы иаанагоит, Жәлар Реизарагьы, амчра егьырҭ аусбарҭақәагьы даҽа аамҭанык еиԥшымкәа аус шыруа, избанзар абиуџьетқәа аиҭарыхәаԥшра ҳақәшәоит», – иаҵишьит иара.
Анаҩсан Жәлар Реизара адепутатцәа аинвестициатә усуразы Аԥсни Урыстәылеи Реиқәшаҳаҭра аратификациазы рыбжьы арҭеит. Иаҿагылеит 21-ҩык, ҩыџьа рҽааныркылеит.
Аԥсны иахьаҵанакуа Урыстәылатәи аиуристтә хаҿқәа рганахьала аинвестициатә проектқәа рынагӡаразы Аԥсни Урыстәылеи реиҳабырақәа рыбжьара Аиқәышаҳаҭра азкын Урыстәылатәи аиуристтә хаҿқәа рыла Аԥсны аинвестициатә проектқәа рынагӡара азҵаарақәа рҭышәныртәалара, иазгәанаҭон аганқәа рзинқәа, рхыдҵақәа.
Аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩын Москва, 2024 шықәса октиабр 30 азы.