Мшаҧы 19, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Зхаҭареи зхаҿреи еицакра ақәым

Сынтәа ҩажәи жәаба шықәса ҵуеит, зхаҭара иахьагьы аҵыхәтәанынӡа иҭҵаам, аибашьҩы гәымшәа, аҵарауаҩ-аҭоурыхҭҵааҩ, ауаҩы-легенда ҳәа изышьҭоу Мушьни Хәымса-иҧа Хәарҵкьиа дҭахеижьҭеи.

Аҧсны аҭоурых, уаанӡа, иахьа, уаҵәтәи аҧеиҧш зеиҧшрахо арҭ азҵаарақәа еснагь игәы иҵхон Мушьни Хәарҵкьиа. Дшыхәыҷӡаз иара Аҧсни аҧсуааи знысхьоу амҩа аҭҵаара напы алаикуеит, агәыбылра икуеит ижәлар рҭоурых.

 Мушьни диит унеишь-уааишь ҳәа зырҳәоз Хәымса Хәарҵкьиа иҩнаҭаҿы. Аҭаацәара рыхшара аҧсадгьыл ахь абзиабара рыларааӡон. Акыр пату рықәын аҧсуа ҵарауаа русумҭақәа, аҭаацәараҿы ашәҟәыҧхьара зегьы бзиа ирбон. Нас, иџьашьатәума даныҩадас Мушьни археологиахь иоуз абзиабара. Иара дыздыруаз ирҳәоит, еиҧш-зеиҧшыз, аинтерес зҵаз аҿцәажәаҩ иҧшаара шыуадаҩыз. Инҭырҳәцааны Аҧсны аҭоурых здыруаз аҵарауаҩ қәыҧш, гәыҵхас иман ақырҭқәа аҧсуаа рҭоурых рымркырц иахьаҿыз. Уи аҵыхәала изныкымкәа дықәгылахьан, иҽрылаирхәхьан аҵарауаа реизарақәа. Иҳәон ас хара цашьа шамам, аибашьра шыҟало, аҧсуаа рхақәиҭра иазықәҧар ада ҧсыхәа шрымам. Аха убри аан гәыҩбара имаӡамызт, Аиааира Аҧсны ишаго азы.

 "Ари ҳара ҳадгьыл ауп, ҭоурыхла, жәытә-натә аахыс иара иқәынхо аҧсуаа роуп. Уи ҳара ҳазықәҧоит, ҳахгьы ҳаигӡом, аиааирагьы ҳгоит. Даҽакалагьы ҟалашьа амаӡам. Аҧсны ихьыҧшым ҳәынҭқарраны иҟалоит. Уи ус шакәу азы гәыҩбара сымаӡам" – абас иҳәалон иара иҩызцәа дынрацәажәоз. Ииашаҵәҟьаны, Мушьни Хәарҵкьиа ицәа иалашәахьан ақырҭуа-аҧсуа еиҿагыларақәа рылҵшәа закәхоз. Ус иагьыҟалеит, август жәиҧшь, зқьи жәшәи ҧшьынҩажәи жәаҩа шықәса рзы. Аибашьра актәи амшқәа инадыркны Мушьни абџьар шьҭихуеит. Аибашьра адәаҿы ихы ааирҧшуеит арратә леишәа здыруа солдатк иаҳасаб ала. Мушьни Хәымса-иҧа  ицеибашьуаз иҩызцәа ражәақа рыла, иара еснагь ауаа дрылукаауан.  Инубаалон агәаҕь шимаз, агәаҕьра шилаз. Усҟан, аибашьра раҧхьатәи амшқәа рзы зегьы ирхадаран абџьар аҧшаара. Еиҧхәыцрада Мушьни Хәарцкьиа Агәыӡера аҳаблаҿы иҟаз арратә бџьарҵәахырҭақәа рааигәара мшынла дыӡхыҵуеит. Гәыҧҩык иеибашьцәеи иареи Аҟәаҟа игьежьуеит абџьар рыманы. Иуҳәар ауеит, ари операциа ақырҭуа-аҧсуа еибашьраҿы раҧхьатәиӡан ҳәа, насгьы иара ҧсҭбарада лҵшәабзиала инагӡан. Аибашьцәа ирҳәоит, Аҧсны Раҧхьатәи Ахада Владислав Арӡынба Мушьни игәаанагара ҳасаб азиуан ҳәа. Уи аамҭазы аибашьра адәаҿы аҧышәа змоу, узықәгәыҕша еибашьҩык иаҳасаб ала ихы ааирҧшхьан. Иара Гәымсҭатәи ахырҕәҕәарҭақәа командаҟаҵаҩыс дрырҭоит. Инапхгарала ауп ишалаго  раҧхьаӡатәи   Ешыратәи архәҭақәа реиҿкаара. Ихаҭагьы, шамахамзар, аҧшыхәратә ныҟәарақәа зегьы дрылахәын, аибашьцәа рхала ишьҭӡомызт, дрыхӡыӡаауан.

Ирацәоуп Афырхаҵа гәымшәа изкәу ахҭысқәа. Урҭ зегьы иаадырҧшуеит иара ихаҭара аҳаракыреи игәыҭбаареи. Уахык зны, Гәымсҭатәи ацҳа азааигәара аҧсуа еибашьцәа ирбоит ақырҭқәа ркәылӡтәы техника. Усҟан Мушьни аҵх иҽалакны, аӡы дырсны атанкқәа руак ҧижәоит. Ари аоперациаҿы Мушьни Хәарҵкьиа иоуеит ахәра, аха уи иҧсҭазааразы ашәарҭара ацмызт. "Снапы рхәит ҳәа сышҧақәио" – иҳәон иара. Ркомандаҟаҵаҩ ифырхаҵара аибашьцәа ргәы шьҭнахуан. Уи дара рзы дҿырҧшыган. "Уҧсадгьыл ишахәҭоу иухьчарц азы аибашьра амцацәаҳәаҿы уҟазар ауп",– иҳәон иара. Ус иагьыҟаиҵон, издырамызт ахшаҭара, арҭ ажәақәа Мушьни дзықәныҟәоз девизк иаҩызан. 

Декабр мза алагамҭазы зқьи жәшәи ҧшьынҩажәи жәаҩа шықәса рзы Очамчыра араион Лашькьындар ақыҭан аиҿагылара ҕәҕәа ҟалоит. Амацәаз иҭашәаз хатәгәаҧхарала еибашьуаз ргәыҧ дацхраарц, ирхәҭа иманы аҭыҧ ахь днеиуеит Мушьни Хәарҵкьиа. Усҟан иҭахаз рхыҧхьаӡара даара ирацәоуп. Зҩызцәа звыршьааз аҧсуа еибашьцәа ргәы ҵкапуан, ирҭахын ирурц ршьа. Аха, Мушьни иҳәынҷоуи ихәуи рганахь ашьаура амҩаҧгара азин ҟаиҵаӡом. Декабр фба 1992 шықәсазы, ақырҭцәа мҽхакы ҭбаала ажәылара мҩаҧыргеит. Лашькьындар ақыҭа ахәы ҳаракырақәа руак аҭарцәраан фырхаҵарыла дҭахеит Аҧсны аҵеи лаша Мушьни Хәарцкьиа. Усҟан иара ихыҵуаз ҩажәи жәибжь шықәса ракәын.

Ҩажәи  ҧшьба шықәса рышьҭахь, ҩнызқьи жәаф шықәса рзы Мушьни Хәарҵкьиа данҭахаз амш аҽны, Очамчыра араион Лашькьындар ақыҭан иаадыртит иара ибаҟа. Иҳәатәуп, Аҟәа амҩадуқәа руак иара ихьӡ шахҵоугьы. Мушьни Хәымсаи-иҧа данҭаха ашьҭахь, ианар мза ҩажәи жәеиза зқьи жәшәи ҧшьынҩажәи жәаха шықәса рзы Аҧсны Раҧхьатәи Ахада Владислав Арӡынба иусҧҟала иара Аҧсны Афырхаҵа ҳәа Аҳәынҭқарратә ахьӡ ҳаракы ихҵан.


Елана Лашәриа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me