Мшаҧы 19, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аибашьра амҩа ианысыз

Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра  еилгеижьҭеи сынтәа 29 шықәса ҵит. Изныкымкәа-иҩынтәымкәа аибашьра атема иадҳәалоу астатиақәа акьыҧхь ианылахьеит. Аиааира 29 шықәса ахыҵра ианамаданы сиҿцәажәеит Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан акырӡа аџьабаа збаз, Леон иорден занашьоу, аинрал-маиор, Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡеи, аџьеи, Арбџьар мчқәеи рветеранцәа рреспубликатә Хеилак аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Закан Нанба.

Аҧсны аибашьра ианалагоз аамҭазы З. Нанба аус иуан Гәдоуҭа амилициаҿы. Анаҩс, Аҧсны аибашьра иалагеит ҳәа ианиаҳа мышкгьы даанымгылакәа иҩызцәа Мышәба Ромеи, Вова Начачи-оҕли, иареи еицны иааит Ацҳа ҟаҧшь ахь, ауха уа иаанхеит. Адырҩаҽны, Аҧсны Аиҳабыра ахьтәаз ахыбраҿы  еизганы Аҧсны  Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩы Владислав Григори-иҧа Арӡынба адҵа риҭеит ақалақь ааныжьны Гәымсҭаҟа аиасразы. Усҟантәи аамҭазы аҧсуа гвардиа ахьтәаз аҭыҧ аҟны аҷкәынцәа зегьы рҽеиҿкааны убри аҭыҧ аҿы рҽеидыркыларц реиҳәеит. Уахык уаҟа иҧхьеит, адырҩаҽны Владислав Арӡынба иҟнытә адҵа иоуит Закан Нанба, еизаны иҟаз Гумысҭа ацҳаҟны игыларц. Иара иазгәеиҭеит усҟантәи аамҭазы аҳәоуеиқәшәареи аизыӡырҩреи шыҟаз, уи адагьы аибашьраҿы ҧсыхәа шамамыз.

Иара адҵа шимаз еиҧш, аҷкәынцәа 100- ҩык инареиҳаны еизигеит, уаҟа иалан Мгәыӡырхәааи Дәрыҧшьааи егьырҭ ақыҭақәа  рхаҭарнакцәа. Урҭ ацҳа ахьчара еиҿыркааит. Закан иазгәеиҭеит абџьар шрымамыз аҷкәынцәа, измазгьы рхыҧхьаӡара 35-40-ҩык раҟара инаӡон. Хысгас иркызгьы ашәарыцагатә шәақьқәеи ажәытә карабинқәеи ракәын. Игәалаиршәон  аҳақьым Валера Аҩӡба  хысгас ажәытә карабин инапы ишакыз. Нас уи адагьы иҟан  Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аан излахысуаз абџьарқәакгьы. Иазгәеиҭеит уахынла  аҷаҧшьаҩцәа   шықәдыргылоз еиҳараӡак Гәымсҭа ашәарҭара ахьыҟаз.

Ешыра аштаб еиҿкаан, акомандаҟаҵаҩыс  дыҟан Виктор Какалиа.

 Анаҩс аамҭа цацҧхьаӡа аҧсахрақәа ҟалон. Закан идырҵоит Гәдоуҭа ақалақь аҟны акомендатура аиҿкаара. Уи  командирс дарҭоит Витали Дармаа, иара аштаб аиҳабыс дҟарҵеит.

Гагра анҭадырцәы анаҩс, марттәи ажәылара аҽазыҟаҵара иалагоит. Убри аамҭазы Закан диаргоит Гәдоуҭантәи "Ажәыларатә гәыҧ" ахь. Уи 300-ҩык аибашьцәа еиднакылон. Иара уа аштаб аиҳабыс дарҭоит, командирс дҟарҵоит Фридон Аҩӡба (Қамс). Закан иажәақәа рыла, арҭ агәыҧқәа Замостианскаа ррота еиҳабыс даман Игор Дармаа, "Эвкалипт" захьӡыз арота аиҳабыс – Авҭандил Гарцкиа, Баграмиан ихьӡ зхыз абаталион аҟынтә ротак ажәылара иалахәын. Абарҭ х-ротак рыла еибыҭан "Ажәыларатә гәыҧ". Гәымсҭа аӡы ирыз реишьҭагылашьа абас ишьақәгылан: актәи арота – Замостианскаа, нас "Эвкалипт", анаҩс Баграмиан ихьӡ зхыз арота.

 Иазгәаҭатәуп, ишицәыцәгьаз марттәи ажәылара ахцәажәара. Уи игәыҭшьаагоу хҭысны ишыҟалазгьы, иара акык-ҩбак дазааҭгылеит. Усҟантәи аамҭазы зегь рыла еиқәшәаны иҟазшәа ргәы иднарбон, аиашазы, еилаҳәан- еилацан, аха аимадага заҵәык акәын ирымаз, уигьы 300-ҩык аҷкәынцәа ахьыҟаз  аӡы ианҭала, аимадага аӡы ахыҵәан иҧхасҭахеит. Еиқәҿыҭуа, бжьыла акоманда ҟаҵо мацара акәын ишаҳгоз жәылара… Аҵыхәтәанӡа инагамыз ажәылара оумакала игәныргон. Аамҭақәак анҵы, еилыркааит аилибакаара шрыцәмаҷыз, дазааҭгылеит аибашьраҿы аизыӡырҩра даара акыр шаҵанакуа. Аибашьраҿы ҧҟара дуны иҟоуп еиҧымҟьаӡакәа ажәылара, атанкистцәеи, артиллериеи, ашьаҟауааи реимадара. Раҧхьатәи марттәи ажәылараҿы иҭахеит 222-ҩык аҷкәынцәа Гәымсҭатәи ахырхарҭаҿы.

Усҟантәи аамҭазы атәылахьчара аминистрс иҟаз Владимир Аршбеи, аштаб аиҳабы Сулҭан Сосналиеви, Владислав  Арӡынбеи еилацәажәаны ирыӡбоит имаҷу агәыҧқәа еидҵаны еиҳау архәҭақәа рыҟаҵара,  аҧхьаҟа ажәыларақәа алҵшәа роурц азы. Владислав Арӡынба ириҭаз адҵа напы адыркит. Даара аҭакҧхықәра ду аҭаны, иалагоит уаала, маҭәала, бџьарла, џьаҧҳаныла рҽеиқәыршәара. Излауаз ала иаарласны Афон Ҿыц асанаториақәа руак аҟны аштаб аадыртит. Актәи абригада командирс дарҭоит Муҳаммед Кьылба, аштаб аиҳабыс – Закан Нанба. Иазгәаҭатәуп апрель мзазы ишалагаз абригадақәа реиҿкаара, иара убри амза аҩныҵҟала ишынарыгӡаз рыдҵа. Аршьаҟауаа рахь иаҵанакуан 5-баталионк, 321-ҩык зхыҧхьаӡара наӡоз. Архәҭа (актәи абригада) еиқәыршәо, имҩаҧыргон аибашьцәа разыҟаҵара, аимадара ахархәара, ахсаала аилкаара, ахыхьчара убас аибашьра зыда ҧсыхәа амам ахымҩаҧгашьақәа. Иара иажәақәа рыла, Гәымсҭатәи афронт раҧхьаӡа аиҿкаара напы азыркыз дара роуп. Гәымсҭатәи акомандаҟаҵаҩыс дагьыҟарҵоит Муҳаммед Кьылба, аштаб еиҳабыс Закан Нанба.

 Иазгәаҭатәуп, ибригада ишаҵанакуаз Ешыратәи актәи абаталион, командирс дҟаҵан Рафик Цкәуа, аштаб аиҳабыс – Фазылбеи Аҩӡба. Аҩбатәи абаталион шьақәгылан Аҟәа иалҵыз аибашьцәа рыла, командирс даман Сергеи Матосиан. Ахҧатәи абаталион командирс даман Зураб Қәҭелиа, аҧшьбатәи,  Пицундатәи –  командирс даман Нугзар Долбаиа, ахәбатәи абаталион – Баграмиан ихьӡ зхыз, командирс даман  Вагаршак Косиан.

Анаҩс агәыҧ маҷқәа еидҵаны иалырхит аҩбатәи абригада, командирс даман Гена Ҷанба, аштаб аиҳабыс – Апполон Шьынқәба.

Ажәыларақәа раан актәи абригада иалахәыз 5 баталионк зегьы џьарак иузышьҭуамызт, убри азы ҩба-хҧа баталион  актәи абригадантә шьхала ижәылоз ирзырышьҭуан. Аамҭа цацҧхьаӡа аибашьцәа аҧышәа ду рнаҭон, реибашьышьа ҳаракхон, рхыхьчара еиҕьхон.

Рҩызцәа шрывыршьаауазгьы гәкаҳара ҟарҵомызт, рыдҵа анагӡара гәҭакыс ирыман, иагьынарыгӡон. Закан Нанба излаҳаиҳәаз ала, ииунтәи ажәылараан аинышәара ҳәа иҟарҵаз,  Владислав Григори-иҧа Арӡынба ишиҭахымызгьы, дақәшаҳаҭхоит. Убри рхы иархәаны ахырҕәҕәарҭақәа еиҕьыртәит… Уахынла мацара амҩа ҿыц алганы ашьха шьапыла атехника нагарҭа аршьаҟауаа – ажәылаҩцәа ирыцхырааразы.

 Зымҽхак ҭбааз ажәыларахь иҧхьаӡан ииунтәи – Аҟәа иахагылоу ашьхақәа рҭарцәра, сентиабртәи – Аҟәа ақалақь аҭарцәра. Уи аџьабаа ду зцыз жәыларан…

Аибашьра амҩаҿы  З. Нанба дызнысыз зегьы аҳәара даара иуадаҩуп. Иара иакәзар, ҳаицәажәараан  игәоумҭарц залшомызт иҩызцәа рыхьӡ аҳәара игәы шаздууз, аӡәы  дихашҭыр ҳәа дшәон.

Аҧсны Аиааира 29 шықәса ахыҵра инамаданы ари афырхаҵа  изеиҕьаҳшьоит  агәабзиара, агәамч, аҭынчра!

Стелла Сақаниа

 

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me