"Аибашьра акраҭахума – амагә ҳамазар"

Аҧсуаа ҳҟны аиашьа изкны аҩра маҷк иҧшӡамзаргьы, саҭашәҵап ҳәа сгәы иаанагом. Абар уажәшьҭа жәаҩа шықәса инареиҳауп, изаамҭанымкәа зыҧсҭазаара иалҵыз аибашьра аветеран Адгәыр (Ҷуки) Қарбеи-иҧа Торчуа изкны цәаҳәақәак рыҩра сгәы иҭаскуеижьҭеи. Аха, аиаша шәасҳәап, сазхиамызт. Адгәыри сареи аишьцәа гәакьақәа ирхылҵыз ҳауп.

Аиашьараҿы убас еиҧш аӡәы далиаауеит еиҳа аҭакҧхықәра идны, зегьы иажәа иазыӡырҩуа, иазҵаауа, иара данрывагылоу еиҳа ргәы ҭынчны, абаагәареиҧш иқәгәыҕуа. Абас еиҧш иҟаз аӡәы иакәын Адгәыр. Идунеи иҧсахижьҭеи акыр шықәса шҵхьоугьы, уи ииашьара иҟамзаара рныруеит, есымша ианааилагыло иӡбахә мҳәакәа ахан еиҧырҵхьеит ҳәа сгәы иаанагом.

Агәыла, азла, аҭынха рдунеихаан Адгәыр ҳәа аӡәгьы иаимҳәацызт. Зегьы дшырдыруаз, иара иахьагьы дшыргәаладыршәо Ҷуки ҳәа ауп.

Игәаҕьны иара изкны ажәақәак анысҵап ҳәа санҽазыск, ҳаблак аҿы еибааӡахьаз, аиашьа еиҧш бзиа иибоз, аибашьраҿы ивагылаз иҩыза Нугзар Думаа аҭел сизасит. "Сгәы бырҧшааит, иҧсы ҭынчхааит, абыржәы иӡбахә шаҳҳәоз ауп аҭел бшасыз", – иҳәеит уи. Нугзар изы даара ихьанҭахеит иҩыза дыҟамкәа ихцәажәара. Азныказ иҳәоз дақәшәомызт, игәы ҧшаауан. "Уи сара дсашьан, аиашьа изкны ас ацәажәара иашамзаргьы, иара еиҧш иҟаз ауаҩы иахьа иҧшаара уадаҩуп. Уи аиашьара рымацара ракәӡам дзыгхаз, зегьы дҳагхеит", – иҳәеит Нугзар. Аибашьра раҧхьатәи амшқәа игәаларшәо, Нугзар иазгәеиҭеит Адгәыри иареи Ҭхьынатәи ашкол аҟны аиҭашьақәыргылартә усқәак ишырҿыз шакәу аибашьра ишалагаз шраҳаз. "Уи ҳаҳаанӡа, сара аусура сгәы амыҳәо, искуа, исышьҭуа сақәымшәо сыҟан аҽны, Ҷуки иакәзар, сирццакуан, ирласны ҳалгап, маҷк ауп иаҳзынхаз ҳәа. Ус аума аусҳәарҭаҿы ажәлар еизеит, аибашьра иалагеит рҳәеит. Иҟаҳҵагәышьоз, ҳус нышьҭаҵаны, ҳҽааибыҭаны ҳандәықәлеит",– иҳәоит Нугзар.

Анаҩс аибашьратә мҩаҿы аиҩызцәа ргәыҧқәа хазхоит. Излаз баталионк акәын – "Каскад". Аха уи шан гәыҧ-гәыҧла.  Нугзар Лаҭатәи ахырхарҭахь дагоит.  Ҷуки иакәзар, даанхоит агәыҧ "Барс" аҟны. Убраҟа дагьеибашьуан Аиааира амш аҽнынӡа. Нугзар игәалаиршәоит урҭ реиқәшәараан Ҷуки иаиҳәаз хҭыск. "Ҷуки усгьы Аҧсынразы иҧсы ҭихуан. Убриаҟараҵәҟьагьы иҧсы ихҭниҵон Владислав Арӡынба. Уи изы ауаҩы дышьтәызар дишьуан. Ҽнак ус сеиҳәеит. Аибашьра еилганы, ҳаҧсы ҭаны ҳҟалар, Владислав Арӡынба ихьчара сцоит ҳәа" – иазгәеиҭон Адгәыр иҩыза.

Иара убасгьы уи игәалаиршәоит абџьар аҟамзаара иахҟьаны бџьарда, напышьашәала аҕа иҿалоз ҳаҷкәынцәа шмаҷҩымз. "Ахалдаба анаҳгоз Ҷуки абџьар имаӡамызт, усҟан уиаҟара абџьарқәа абаҟаз. Абџьар скым ҳәа иаангылоз дыруаӡәкымызт. Аграната иманы дҳаццеит жәылара. Ус еиҧш зегьы ирылшаӡом", – иҳәоит Нугзар. Анаҩсан Адгәыр аибашьра амҩа зегьы данысит  апулемиот кны.  

Аибашьра ишалагаз заҳаз Ҭхьынаа рыҷкәынцәа рыҽхьарымкит. Рыҽхьарымкит Ҷуки дызлиааз аҳабла арҧарцәагьы. Аибашьра аҧышәа змамыз ҳаҷкәынцәа раҧхьаӡа Абаажә ахәаны рҽеидыркылеит. Напы шьашәалаҵәҟьа аҕа иҿагылт. Аӡәык-ҩыџьак ракәын абџьар зкыз. Иара урҭгьы ҧилҭа шәақьқәан. Уи акәын иикыз Адгәыргьы аибашьра ианалагаз.

Ҷуки ҳаблак ицалҵыз, ешьак еиҧш ивагылаз аибашьра аветеран Руслан (Тутка) Салаҟаиа иҩыза дигәаларшәо, иҳәоит иара иеиҧш аҩызара, ақәлара, аиашьара ныҟәызгоз даара дышмаҷу. "Аибашьра раҧхьатәи амш инаркны Ҷуки аҕа диҿагылт. Мышкгьы иҩны дааины иҧсы имшьеит. Ҳарҭ, ижәдыруа ауп, абџьар анаҩсангьы ар ирықәнаго амаҭәа- аҩыҭәа абаҳамаз, иҳамаз ахәыҷы ҳшәын. Аибашьраҿы ихаҵаз, аха убри инаваргыланы алафҳәара ҟазшьас измаз Ҷуки аибашьра анцоз ииҳәаз иажәақәа иахьа ижәаҧҟаны иаанханы иҟоуп. Ахьҭақәа ҟалахьан. Ақәа, асы зҳәаз еиҧш. Аҭабиаҿы дааин, имагәқәа ааишьихит. Ишьапы асалафан акәыршан иҟан, избанзар имагәқәа кылҵәан, аӡы рҭалон. "Шәанаџьалбеит, аибашьра акраҭахума - амагәқәа ҳамазар"  иҳәеит. Абри ииҳәаз иажәақәа ҳаҷкәынцәа зегьы ирылсит усҟан", – иҳәоит Тутка. Лафшақә Ҷуки ииҳәаз ажәақәа рҵакы еилыркаауан магәда еибашьуаз ҳарҧарцәа.

Тутка Салаҟаиа иара убасгьы Ҷуки илафҳәара атәы дазааҭгыло игәалаиршәоит Араду ажәылара анцоз аамҭазы Лаҭатәи ахырхарҭахь иҟаз Тутка дызлаз агәыҧ уахь ишылбааз. "Ааигәаны ҳаибамбеит иареи сареи, аиҿахысра ҕәҕәа цон, аха исықәҿиҭит, уажәыгьы уҧсы ҭоума, урымшьӡаци ҳәа. Иара ииҳәоз зегьы инаалон, заҵа ҳаицәымгәаарыз, илафҳәара ҳгәалаҟазаара шьҭнахуан",– иҳәоит Тутка Салаҟаиа.

Иара убасгьы уи игәалашәоит Мрагыларатәи Мраҭашәаратәи афронтқәа Кәыдры ацҳаҿы  реиҧылара атәы. Аҕа еиликаауан дшаҵахоз. Амаҭ аҧсымҭаз ишыцҳауа еиҧш ҳаҕацәа рымчқәа зегьы еизыркәкәаны ижәылон. Аха ҳаҷкәынцәа шьҭахьҟа ихьаҵуаз ракәмызт. "Аиҿахысра ҕәҕәа цон. Ҳаҧшызар, абар аӡәы ацҳа дықәланы даауеит. Ҳиеихсырц акы ааҳагымхеит. Усҟан иҳаздыруамызт урҭ ҳаҷкәынцәа шракәыз. Ҳаиҧылара атәы еиҭаҳәашьа амам. Абраҟагьы дҳацын Ҷуки. Ахаан исхашҭуам иблақәа ирхыз агәырҕьара.  Абас аибашьра раҧхьатәи амш инаркны аҵыхәтәанынӡа аҕа диҿагылан", – иҳәоит уи.

Ҷуки дызлаз абаталион "Каскад" агәыҧ "Барс" аҟны дицеибашьуан ҳаб иашьа иҧа Омар Торчуа. Уи усҟан зынӡаск дқәыҧшӡан. Ҷуки уи есымша дихӡыӡаауан. Акы ихьыр ҳәа дшәон.

Ахырҕәҕәарҭақәа зкыз ҳаибашьцәа гәыҧ-гәыҧла рҽеиҭнырыҧсахлон. Аибашьра аҵыхәтәантәи амшқәа рзы ицон ажәылара афронт ахырхарҭақәа зегьы рҿы. Мрагыларатәи афронт Мықәтәи ахырхарҭала сентиабр 16 рзы аиҿахысра ҕәҕәаҵәҟьа ыҟан. Абраҟа дырхәуеит Ҷуки дзыхӡыӡаауаз иашьа еиҵбы Омар. Урҭ ажәылара еицны ишдәықәымлазгьы еицәыхарамызт, рыбжьқәа еигәныҩуан. "Ахәра ансоу, сыбжьы иаҳаит Ҷуки. Раҧхьа иааиз дысгәалашәом, сахьырхәыз ақырҭқәа рблиндаж аҟны ауп. Умшәан, сашьа акгьы ухьӡом ҳәа аӡәы ишсаиҳәаз сгәалашәоит, уаҳа акагьы. Сшьарахь сааит ахәышәтәырҭахь срыманы амҩа ишықәыз. Схы ишьамхы иқәын Ҷуки. Умшәан, акагьы ухьуам ҳәа сқьышәқәа аӡы нрықәишьуан. Ахәышәтәырҭаҟны снаганы, иара иаразнак ишьҭахьҟа дхынҳәит", – иҳәоит Омар.

Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анеилга ашьҭахь, Адгәыр аҭынч ҧсҭазаара дазыхынҳәуеит. Иааӡоит хҩык ахшара. Аха иеибашьратә мҩа уаҟа инымҵәеит. 2008 шықәсазы Аҧсны ашәарҭара ианҭагыла аамҭазы, уи ихы ҧхьаимкит. Ҩаҧхьа иҧсадгьыл ахьчара дазгылт. Ҩажәижәабаҩык инарзынаҧшуа арҧарцәа иманы, ҧызара рызуа, Лаҭа дхалоит.  Аџьынџьтәылатә еибашьраан иаухьаз аҧышәа ихы иархәаны, ицыз аҷкәынцәа дрыхӡыӡаауа, имҩақәҵо, еилшәарак рымамкәа ишеиццаз еиҧш еицылбаауеит.

Адгәыр (Ҷуки) Қарбеи-иҧа Торчуа ианашьоуп "Агәымшәаразы" амедал". Иара убасгьы Лаҭа ахақәиҭтәразы, Аинрал-леитенант Ҳаразиа имедалгьы даҧсахеит.

Ҷуки иахьа иҧсы ҭаны дҳалагыламзаргьы, уи иҩызцәа, иқәлацәа ргәалашәараҿы наунагӡа даанхоит. Ихьӡ кашәара ақәым Аҧсынреи аҧсуареи ыҟанаҵ. Иахьа ирызҳауеит имаҭацәа ҧшьҩык. Ихьӡ дмырҧхашьо Анцәа иҟаиҵааит.

Уҧсы ҭынчзааит, сашьа лаша Адгәыр.


Шарида Торчуа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me