Саҭбеи Гагәылиа Лыхны диит, дааӡеит. Иџьынџь аҿы дынхоит-дынҵуеит. Аҭаацәара далалахьеит, иԥшәма ԥҳәыс Рамза Мықәбеи иареи арԥыс драаӡоит. Рҩыџьегьы аҟазара иадҳәалоуп – Саҭбеи дуасҭоит, Рамза дӡахуеит, дԥоит.
Саҭбеи амҿ аус адуларахьы имоу абзиабара изыркыз, иаб иашьа, аԥсуа сахьаҭыхҩы, Афонтәи аҳаԥы аартыҩ Гиви Смыр иоуп. Дшыхәыҷыз иҟазарҭаҿы иусушьа дахәаԥшуан, иҭиҵаауан. «Ма асахьа ҭихон, ма амҿы иалхны ак ҟиҵон, бзиа избон идтәалара. Иара адацқәа иреиԥшыз, ирхәаз, иџьашьахәыз аформа змаз амҿы изышьҭан. Урҭ дрыхәаԥшны ахаҿсахьақәа ибон. Саргьы уи иҿысҵааит», - иҳәоит Саҭбеи.
Жәохә шықәса шихыҵуаз Саҭбеи аӷәхырҭаҿы аусура далагеит. Уи иан лашьа Руслан Ӡиӡариа дахагылан. Амҿы агәҭа анԥырҟалак иибоз асахьақәа, афактурақәа дхырхуан. Ари збаз Руслан арԥыс уаҟа аусурҭа идигалеит. Иахьа уажәраанӡагьы уа ацех аҿы дыҟоуп. Руслан иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь Саҭбеи уи иус иациҵоит.
«Уск саналагалак иснарбоит, ара иаҭаху амаруга шсымам. Унеины иунаало ахьааухо аҭыԥ ыҟаӡам. Китаинтәи иааугарцаз аамҭа ду аҭахуп. Иҟалалоит ианаҿасҵогьы, аха усҟан аусумҭа аансыжьуеит, иаҿасҵаз аанӡа. Иҟоуп схала ишысҭаху аформеи ашәага-загеи аҭаны амашьына иаҿасҵо ахаҵақәа аныҟасҵо. Зны-зынла ажьирҭаҿы санцогьы ҟалалоит», - еиҭеиҳәоит ауасҭа. Саҭбеи иусура хациркуеит инапаҿы иику ақды аҭҵаара ала, еиҩсаны агәҭа зеиԥшроу еиликаауеит, аҩазақәа ирну ала аформа аиҭоит. Уи абжаҟаҵароуп. Ԥыҭк ус иаанижьуеит, нас даназааилак, иалихыша ихаҿы ианиилак, еиҭа дазыхынҳәуеит.
«Аҵлақәа рахьынтә акакан даара исгәаԥхоит. Аԥшшәы бзиоуп, алеишәагьы ус. Аҭыфаара уаналагалак, имарианы ицоит. Аха, егьырҭ аҵла хкқәагьы аус рыдызулоит. Ашәырҵлақәа абаҳчаҿы еизҳауа зегьы аусурахь изгоит. Дара зегьы рсахьақәа еиԥшым. Амушмула аарылукаартә иҟоуп, убла хнакуеит. Ашәырҵлақәа аус рыдулара бзиа избоит, аха еиҳа ихьанҭоуп. Аамҭа рацәа ргоит», - иҳәоит Саҭбеи.
Аусуразы амҿы ҩазароуп. Шаҟа иҩоу, шаҟа ахыҵуа аҟара иаҳагьы игәаԥхоит аҟаза. Иҟоуп ақды ишаӡоугьы ианԥиҟо, аха нас иаанижьуеит, иҩаанӡа. Џьара амҿы ҷҷаргьы, иҭырҭәааны иҟаиҵоит, уи уадаҩрам иара изы. Саҭбеи иҩны ашҭаҿы, иара аус ахьиуа ауадаҿы изышьҭоуп ихыҵәҵәоу ақдеихсақәа, урҭ зегьы раамҭа иазыԥшуп. Саҭбеи идыруеит доусы ирылихраны иҟоу, иахьирхо, аха макьана инапы мнаӡацт. Иара убас ашҭаҿгьы шәагаалагьы қәралагьы имаҷым аҵлақәа изышьҭоуп. Урҭ карыжьыр рҭахын, иҳәоит Саҭбеи. Аха, иара аҩныҟа иааигеит, аус рыдуларазы.
Дахьыҟазаалакгьы амҿы еизигоит. Ҵлак каҳама ақыҭаҿы, ақалақь аҿы, иааигоит. Длафны иҳәоит, аҩназы ҳәа амҿы иаазго абжеиҳарак аус адуларазы иаансыжьуеит, иԥшӡоуп, амцахь исзышьҭӡом, ҳәа.
«Қдык амшын аҟәараҿынтә иаазган исымоуп, аҷандарҵла. Ҩышықәса раҟара аӡы ихын, Иӡыфан иҟоуп, ацәаакыра иалалаз убас сахьақәак аннаҵеит, аӡәы дадтәаланы иҭихуазшәа. Аҵла шаҟа иажәу аҟара, иԥшӡоуп, ухахьы иузаамго аԥшшәқәа аанахәоит. Ус иҟоу роуп еиҳарак аус зыдулара бзиа избо», - еиҭеиҳәоит иара.
Саҭбеи Аҳәынҭқарратә университет аҟазаратә факультет даушьҭымҭоуп. Амаҭәарқәа рахьынтә аграфикеи аҿыханҵеи аликаауан. Иахьагьы агәаԥхара анимоу ашәыгақәа аашьҭыхны аҭыхра далагоит, аха нас иаанижьуеит. «Ус жәашықәса раҟара сызҿу асахьа сымоуп, уажәыгьы ихыркәшам», - дԥышәарччоит Саҭбеи.
Иара акыцлыхқәагьы ҟаиҵоит. Ашкол данҭаз аԥсшьарамшқәа раан Сергеи Арҷелиеи Роман Аҩӡбеи рҟазарҭаҿы аус рыциулон. Асувенирқәа ҟарҵон, аирыӡқәа, аҵәцақәа. Быжьба-ааба шықәса уа аус иуит. Нас, Аԥсны-парк анаадырт аҟазацәа ирышьҭан, Саҭбеи уахь усура днеит акыцӡра. Хышықәса раҟара уа дыҟан, аха игәы изақәымкит, амҿы дазыхынҳәит.
Инеиԥынкыланы амҿы иалху аусумҭақәа ҟаиҵоижьҭеи шьҭа хәышықәса ҵит. Амҳаҵәқәа, асаанқәа, агәыблаақәа, аӷәқәа афатә рықәԥҟаразы уҳәа, инапы иазыҟамҵо арбану, аҩнымаҭәа уахь иналаҵаны. Аҳәынҭқарра аҟынтә аҿаҵақәа анимоугьы ыҟоуп. Ус иусумҭақәа Урыстәыланӡагьы инаӡахьеит.
«Ус баша иҟаҵаны ирысҭандаз ҳәа уск сазнеиуам. Смыццакӡакәа сгәы ақәкны саҿуп. Аҿаҵа ансымоу аусумҭа ианаало амҿы сара схала иалысхуеит. Аӷәхырҭаҿы еидыскылаз аҟынтә иашьашәалоу сахәаԥшуеит. Абжьааԥны ацех аҿы ацәынхақәа рбылуеит, сара еидыскылоит», - дыччоит Саҭбеи.
Иусумҭақәа иашаӡа, грак рымамкәа, ицырцыруа ицәны ианыҟоу бзиа ибоит. Аԥхьанатә аҵла анҭифаалак, ақьаадтә мақьала ацәра далагоит, еиҳа иџьаџьоу инаркны игәӡоу аҟынӡа. Аҵыхәтәаны ицырцыруа иҟаларцаз ақәны иалху ахәша ахьишьуеит. Нас еиҭеирыцқьоит ауапцәала.
Ааигәа иҟаиҵаз аусумҭақәа рахьынтә ихаҿы иаанхеит шәышықәса еиҳаны изхыҵуаз аџь иалихыз ашәыр знырҵо агәблаа. Уи аус адулара шымариамызгьы алҵшәа бзиахеит, иҳәоит аҟаза. Саҭбеи иусумҭақәа иреиуоуп, хаҭала Адунеизегьтәи аԥсуа-база жәлар рконгресс аиҳабы Мусса Егьзакь изы иаҿарҵаз аҳамҭа. Уи аԥсуа лабашьа шыҟаҵәҟьоу еиԥш, аха ирхәыҷны иҟаиҵеит. Уи азы амузеи аҿы аҭҵааратә усурақәагьы мҩаԥигон. Саҭбеи Гагәылиа уажәы даҽа занааҭк инапы алеикит, иҩызеи иареи афымцачы аганахьала аус руеит, идыргыло ахыбрақәа, аҩнқәа рҿы афымцатә цәаҳәақәа рыԥсахуеит, аха амҿы иԥсы шазцо еиԥш иагьаанхоит.
«Амҿы аанкыланы аус адулара саналагалак, зегьы схашҭуеит, схы ахьыҟоу уахьоуп. Сшьамхы инықәкны, схала, аӡәгьы дысԥырхагамхо, амузыка сазырӡырҩуа аус зуеит. Абри знык салганы изеиԥшрахо збандаз, ҳәа» – еиҭеиҳәоит аҟаза
Саҭбеи иԥшәма ԥҳәыс Рамза лакәзар, аӡахышьа, ақәҵашьа, аԥашьа дшыхәыҷыз иллырҵеит лан, Манана Ацыхәԥҳа. Саҳәшьцәеи сареи еснагь напыла ак ҟаҳҵон, анапкымҭақәа рахь абзиабара иахьа уажәраанӡа иаазгоит, лҳәоит лара.
«Ахәыҷы дани ашьҭахь аҩны санаанха, схы ззыскра ҳәа сазхәыцит. Аӡахыга амашьына сыман, саҳәшьа лҟынтә иаазгахьан, аханатә аус адулашьа сыздырӡомызт, аха уажәы џьара ак ахьыргьы са соуп иҟазҵо. Убри схы иархәаны акаҵкәырқәа рыӡахра салагеит. Урҭ шыҟарҵоз авидеоқәа рыла исҵеит. Раԥхьа иаасхәаз ашахақәа рхаҭабзиара бзиан аҟынтә, иаразнак исықәҿиеит. Аамҭа рацәагьы ақәурӡӡом. Аха, ашаха ахә ахьыҳараку аҟнытә еснагь аус сзалауӡом. Бзиа избоит «аџьут» иалху амаҭәарқәа. Усумҭақәак ҟасҵахьеит, еиҭа сазыхәынҳәырц сгәы иҭоуп», - лҳәеит Рамза.
Лара аҳәынқарратә музеи аҿы аекскурсиақәа мҩаԥылгоит 2013 шықәса раахыс. Занааҭла дгеографуп. Аҟәатәи алицеи-интернат аҿы жәа-шықәса аус луан. Аҭаацәара даналала, дхәыҷы аахыс илылааӡаз анапкымҭақәа рахь диасит. Дӡахуеит уахынла, ахәыҷы данышьҭалҵалак. Аҟзацәа русумҭақәа ӡырыргоит асоциалтә ҳаҿы ирымоу адаҟьаҿы, иара убас ацәыргақәҵақәа рҿы. Саҭбеи агәра изгомызт, иусумҭақәа аазхәо дҟалап ҳәа, еиҳарак ишон. Рамза илулак аџьармыкьахь иналгеит урҭ.
«Аҟәа еиҿкааз раԥхьатәи ҳцәыргақәҵаҿы, аӡәгьы акгьы ааимхәеит. Ҳҩызцәа неит ҳгәы шьҭырхырц, аха нас, Афон ианӡыраҳга, цыракгьы аанымхакәа иара иусумҭақәеи сара стәқәеи ргеит. Хымш, аџьырмыкьа аус ахьынӡауаз, иаазхәарц зҭаххаз зегьы ирызхашаз ҳамаӡамызт, уахынла ҳанааилак ҳтәаны иҟаҳҵон адырҩаҽны иаҳгаша ҳаурцаз. Аԥсшьаҩцәеи аҭыԥантәи ауааԥсыреи, зегь адҵаалон. Ҳгәы ҟанаҵон, лассы иуԥымло, зхатә гьама змоу, ауаа ахьаднаԥхьалоз», - еиҭалҳәоит Рамза. Аҟазацәа рсоциалтә даҟьа ҩышықәса инацны иахыҵуеит. Уи ныҟәызгогьы Рамза лоуп. Даара иамариам усуп, лҳәоит лара.
«Алшара сымазҭгьы, аӡәы инапы ианысҵон. Ароликқәа рмонтаж аҟаҵара бзианы исҵеит, аха ишҭысхуа сгәы иақәшәом. Акыраамҭа сазхәыцуеит иҭазгалаша, ианысзымгәыӷьуагьы ыҟоуп, аха ишаҭаху еилыскаауеит. Аусумҭақәа аархәоит адаҟьа иабзоураны. Ахәгьы иахәаԥшӡом. Ацәыргақәҵақәа рышьҭахь ирацәаҩны рҽаҵарыҩуеит. Ауаа дара-дара еибырҳәоит аусумҭа зтәу, нас иашьҭалан иаауеит», - лҳәеит лара. Рдаҟьа ахьӡгьы ус баша иарымҭеит. Акыраамҭа иазхәыцуан. Еицырнаалаша аԥшаара уадаҩхеит. Зны машәыршәа Рамза ажәа «ақәацә» англыз бызшәала дақәшәеит. Ианеиҭалга, илгәаԥхеит, уи дазыразхеит Саҭбеигьы.
Абасала аҭаацәара қәыԥш рҳәоу еиқәшәаны доусы рус аҿы рхы аадырԥшуеит, убри аан дара еиҳагьы инарҵауланы еидызҳәало акәны иҟоуп аҟазарахь ирымоу абзиабара, уи гәыкала иахьазнеиуа.
Альбина Жьиба