Мшаҧы 25, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҧсуа ҧсыс ихоу…

Аҧсуа жәлар ҳгәаҳҽанӡамкәан аҕа данҳақәла, Аибашьра хлымӡаах ҳанҭагыла, ҳџьынџь аиқәырхараз "заҧсуа шәақь" шьҭыхны зҩызцәа инарылагылаз дыруаӡәкуп, аибашьра адәаҿы иааирҧшыз агәымшәареи агәаҕьреи рзы "Агәымшәаразы" амедал занашьоу, иахьа, Афон ақалақь Ахада ихаҭыҧуаҩ Беслан Арзамеҭ-иҧа Харабуа.

Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан ҳажәлар иргаз Аиааира ду амшныҳәа аламҭалазы, уи инамаданы, хаҭала, иара дызлахәыз аибашьратә хҭысқәа ҳзеиҭеиҳәарц  ҳаҽимаҳдеит зыӡбахә ҳамоу аибашьра аветеран Беслан Харабуа.

"Сара сеиҳа зылшаз, аџьабаа збаз сҩызцәа еибашьцәа ыҟоуп, урҭ шәрыҿцәажәа" ҳәа ҳабжьгара далагеит, ахӡыргара шицәаҩам ицәажәашьеи ихымҩаҧгашьеи ирныҧшуа. Аха аҵыхәтәаны дазааҳгеит, дақәшаҳаҭхеит ҳаиҿцәажәара.

Аибашьра раҧхьатәи амшқәа игәаларшәо иажәа дналагеит уи ҳаиҿцәажәара хацыркуа:

– Аибашьра ҟалоит ҳәа ҳгәы иаанагомызт, ҳазыҧшымызт, ҭынч досу ҳусқәа ҳарҿын. Ус аибашьра шыҟалаз ажәабжь бааҧс анҳаҳагьы, иахьа, уаҵәы еилгоит ҳәа ҳгәыҕуан. Аха ҳгәыҕра ҳшеижьаз анаабагьы, лабҿаба иааҧшит аибашьра ҳшазыҟаҵамыз, абџьарла ҳаиқәшәамызт, аџьаҧҳаны ҳазхаӡомызт, аибашьра аҧышәа ҳамамызт. Аиашазы, иҳагыз рацәан… Аха агәаҕьреи, агәымшәареи, ахаҵареи рганахьала аҧсуа жәлар аӡәгьы ишьҭахь игыло ишыҟам аҭоурых иадыруеит. Аиааира ҳзыргазгьы ҳҵеицәа рхамеигӡареи раҧхьагылареи роуп. Ҳәарада, аибашьра ианалагоз авзводқәа, аротақәа, абаталионқәа еиҿырымкаацызт, агәыҧқәа ракәын иҟаз. Афонаа рыҷкәынцәа еидызкылоз агәыҧ аҟны иҟан "Аҧсуа гвардиа" иалаз, аибашьра аҧышәа змаз Игори Ҭамази Мқанбақәа. Агәыҧ деиҳабын Ҭамаз (Мазик) Мқанба.

Аибашьра аветеран Беслан Харабуа иажәақәа рыла, иара дызлаз агәыҧ ишнеи-шнеиуазАфон-Ешыратәи абаталион ҳәа еиҿкаахеит. Раҧхьа ари абаталион акомандаҟаҵаҩыс дыҟан Аҧсны Афырхаҵа Рафаель Цкәуа, уи ишьҭахь Аҧсны Афырхаҵа Фазылбеи (Қамс) – Ҭарба. Хаҭала, афонтәи арота командаҟаҵаҩыс даман Аҧсны Афырхаҵа Рауль Смыр.

Аибашьра аҧышәа змамыз ҳҵеицәа, аамҭа кьаҿк иалагӡаны, – аибашьра "иарӡрыжәит", аҧышәагьы роуит, иалашьцылеит. "Аҧсуа шәақьи", автомати рыда абџьар хкы ныҟәзымгацыз, аибашьраан 26 шықәса ирҭагылаз Беслан Харабуа абџьар хкыс иҟаз зегь рыхкы: апульимиот, Агаес, Еспг, агранатамиот уҳәа рыла дхысуан.

"Аибашьраан исҵеит абџьар хкқәа рыла ахысшьа", – иҳәеит уи ҳаиҿцәажәараан , нас, дыччо "еиҳа ихьанҭаз абџьар хкқәа зегьы сара срыҵан, усҟан "исылан", амчгьы сыманы сыҟан аҟнытә", – ҳәа нациҵеит.

Беслан Харабуа, шамахамзар ажәыларақәа зегьы дрылахәын, изныкымкәан ахәрақәа иоухьан, Аиааира зырааигәаз, Аҟәа ахақәиҭтәразы имҩаҧгаз сентиабртәи, аҵыхәтәантәи ажәылараан, Аиааира Амш ҧшьымш шагыз ахәра ҕәҕәа иоуит, аҧсуа жәлар ҳзы иҧшьоу Амш ахәшәтәырҭаҿы аҧылара илахьынҵахеит, иҩызцәа рахь игәы шихозгьы.

Ҳҵеицәа рацәаҩны, Гәымсҭа ианҭахаз, урҭ рахьтә иахьа уажәраанӡагьы зҭаацәа зыҧсыбаҩ рмоуцкәан, хабарда ибжьаӡыз аибашьцәа ахьмаҷым, илыҵшәадахаз, аха, Аиааира ааигәазтәыз Аҟәа ахақәиҭтәразы имҩаҧгаз Март 15-16-тәи ажәылара далахәын Беслан Харабуа. Ҳаиҿцәажәараан ари ажәылара атәы инарҭбааны дазааҭгыларц ҳиҳәеит, аха иҿыҧшыларала иаҳбон хаҭала, уи ажәылара атәы алацәажәара шицәыуадаҩыз, илахьгьы акыр иааиқәылеит, нас иажәа ааркьаҿны:  "Март 14 ауха шаанӡа ҳаҧшны ҳтәан, ажәыларазы адҵа анҳауз март 15 ауха ауп. Ҳҩызцәа еибашьцәа рацәаҩны иҳацәҭахеит усҟан, Гәымсҭа ирны Аҟәа аганахь ижәылоз, насгьы уа инхаз ирлахьынҵахаз ижәдыруа ауп" – иҳәан иажәа ааҿахиҵәеит.

Ахбиук ахәы ҳарак ахақәиҭтәра даара иуадаҩыз ажәыларақәа ируакын. Беслан Харабуа дызлаз Афон-Ешыратәи абаталион уи ахақәиҭтәразы ирыдыз адҵа нарыгӡеит, аибашьцәа, акырынтә рҽыззыршәахьаз ахәы ҳарак рнапахьы аагара рылшеит, аха аибашьра аветеран излеиҳәаз ала, 32-ҩык аибашьцәа аснариад иҭанархеит. Уи аҭыҧаҿы иҭахаз иҩызцәа еибашьцәа рахьтә хьыӡҳәала игәалашәоз ҳзеиқәиҧхьаӡеит, игәаламшәаз рзы аҭамзаара шьҭаҵо.

"Вадим Аҩӡба, Раиса Кәыркь-ҧҳа, Ҭамаз Шавдутошвили, Гена - (профессор) Кәакәасқьыр, Иура (студент) – Аргәын, Барцыц ҷкәынак дҭахеит, ихьӡ сгәалашәом" – иҳәан, анаҩс, агха сыхьыр сҭахым ҳәа иажәа аахиркәшеит.

Аибашьраҿы згәымшәареи зхаҵареи еицамкуаз, зхы-зыҧсы иамеигӡоз аҧхьагылаҩцәа шмаҷҩымыз азгәаҭо, иҩызцәа еибашьцәа: Аҧсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳарак иаҧсахаз: Мирон Чалмаз, Рауль Қриа, Алик Смыр, Радион Џьынџьал, Афганистан аибашьра зхызгахьаз, аҧышәа змаз аибашьҩы Едуард Џьынџьал, Заур Аҩӡба, Валера Гәымба, Аршак Узуниан, Леон иорден занашьоу Валера Џьынџьал, Иура Џьынџьали Виачеслав Аргәыни шеицҭахаз азгәаҭо, иахьа зыҧсы ҭаны аибашьра иалҵыз,зыҧсадгьыл аиқәырхара зхы ақәызҵази рыӡбахә дазааҭгыло дрызгәыдуны дҳацәажәон Беслан Харабуа.

Ҳаицәажәараан, Беслан Харабуа аибашьраҿы хаҭала, иара ихигаз, дзыниаз хҭыск иага ҳҽазаҳшәазаргьы ирҳәара алҵуамызт, аха ус иҩызцәа рыӡбахә шиҳәоз, иаргьы уи ахҭыс далахәын аҟнытә иҿыҵҟьеит, "Саргьы исхысит уи атанк" – ҳәа. Ҳәарада, ҳаргьы иҟаз шыҟаз шәҳәароуп ҳәа ҳаниҟәамҵ, "уи сҳәарц сҭахымызт" шиҳәоз, ишиҭахымыз ахҭыс аиҭаҳәара дналагеит:

"Ҳшыҧшуаз, ахаха, иҳамариашаны, "гусенечный" ҳәа изышьҭоу атанк сҩызцәеи сареи ҳахь аҿаанахеит. Џьамал Смыр атанк деихсит, аха уи иннамкылеит, царҭа ҳамамызт аҟнытә, адгьыл аҟны ҳашьҭалар акәхеит, аӡы ахьҭатәаз ҭыжаак ҳҭаҳаит Даур (Лиака) Зарандиеи сареи. Али-ҧси рыбжьара иҟалеит ари ахҭыс, атанк наҳхысны ицеит. Сыла ишабоз сҩыза Даур ишьапы иаҕрысит. Атанк шаҳхыҵыз еиҧш иаразнак "уҧсы ҭоу ҳәа" иқәҿысҭит сҩыза. Анцәа иџьашьаны иҧсы еиқәхеит, аха атанк зыҕрысыз ишьапы ҟәаҟәеит. Сара савтомат заҵәык хәеит акәымзар, акгьы смыхьӡеит" – иҳәан иажәабжь ааҿахыиҵәеит.

Ҳаиҿцәажәара хыркәшо аибашьра аветеран ицәажәараҿы инаҵшьны иазгәеиҭеит, аибашьра ахатә ҧҟарақәа шамоу, уи ҧсҭбарада ишзыҟамло. Аха, ишҭахоз шырдыруазгьы, аҧсрагьы хаҵарыла ишаҧылоз, хьаҵрак ҟамҵакәан, аҕа ҳаҧсадгьыл иқәцаразы ҧхьаҟа ишжәылоз.

"Аҧсуа жәлар иҳахьчон ҳаҧсадгьыл, жәытә-натә аахыс ҳабацәа, ҳабдуцәа рхы-рыҧсы ахҭынҵаны, еиқәырханы иаҳзааргаз. Аҧсуа жәлар ҧсыс иаҳхоу ҳаҧсадгьыл ауп – ҳадгьыл, ҳажәлар, зегь раҧхьаӡагьы, ҳаҩнаҭақәа, ҳҭаацәарақәа ҳмыхьчар ада даҽа мҩак ҳамамызт. Аиашазы, ахаҵа иуалҧшьоуп аҧсадгьыл ахьчара, хаҭала, сара, иаҳхаагаз аибашьра аҩыза уаҳа Анцәа иаҳзааимгааит. Аха Аҧсны ашәарҭара ианҭагыла даҽазныкгьы абџьар шьҭыхны игыло сыруаӡәкхоит…

Иахьа аибашьра ашьҭахьтәи ауадаҩрақәа макьанагьы иахьҳақәыҕәҕәо ыҟоуп. Ҳанхашьеи, ҳанҵышьеи, ҳхымҩаҧгашьеи еиҳагьы еиҕьындаз ҳгәахәуазаргьы, инагӡаны еилаҳкаауазароуп Аҳәынҭқарра ҿыц аиҭашьақәыргылара шымариам. Аибашьраан - бираҟҵас дҳаман, ажәлар ҳаидикылеит, Аиааирагьы ҳиргеит ҳҧыза Ду Владислав Арӡынба. Иахьагьы аилибакаареи аҳәоуеиқәшәареи, ҳажәлар раӡәкреи анҳалҳарша ҧеиҧш бзиа ҳзыҧшуп аҧсуа жәлар", – иҳәеит иахьа, ахацәарҧар: Арзамеҭи Лашеи раб, аҩбатәи агәыҧ иаҵанакуа аибашьра аинвалид Беслан Харабуа.

Беслан Харабуа дназлоу аибашьра аветеранцәеи ҳҧеиҧш лаша аиқәырхара зхы-зыҧсы ахҭнызҵаз ҳҵеицәа гәымшәақәеи рҿаҧхьа ҳхырхәо иахьа хаҭала, зыҧсы ҭаны аибашьра амца иалҵыз, зҩызцәа звыршьааз аветеранцәа ирзеиҕьаҳшьап агәабзиареи, аҧсуа иқәранҵыра дуи! Аиааира амш иахьымӡакәан, зыҧсадгьыл зхы ақәызҵаз ҳҵеицәа рыхьыӡ хашҭра ақәымзааит!


Алиса Гәажә-Ҧҳа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me