Иаҳҳәап аҭаацәа рацәа ахьыҟоу, ҿыц зыԥсҭазаара еилазҵаз ауадақәа рыхә зшәо, аҭаацәарақәа рацәоуп, убас ҵыхәаԥҵәара амамкәа еиқәуԥхьаӡалар ауеит.
Ауааԥсыра рсоциалтә ҭагылазаашьа аиӷьтәразы, Аԥсны аҳәынҭқарра Ахада идҵала 2021 шықәса ноиабр 17 иаԥҵан аҳәынҭқарратә хықәкылатәи апрограмма «Анхарҭа» захьӡу.
Ҳредакциа ахьӡала, иахьазы апрограмма аус ахьынӡаухьо еилаҳкаарц ҳиҿцәажәеит Аԥсны аџьеи аусурҭа амазаареи асоциалтә еиқәыршәареи рминистр Руслан Аџьба. Иара дазааҭгылеит, аҳәынҭқарратә хықәкылатәи апрограмма «Анхарҭа-2022» аншьақәырӷәӷәаха инаркны аусура ишалагаз. Зынӡаск апрограмма анагӡаразы 2021-2022 шықәсазы иазоужьын 80 000 000 миллион мааҭ. Урҭ рахьтә 40 000 000 миллион – 2021 шықәсазы, иаанхаз 40 000 000 миллион – 2022 шықәсазы. Апрограмма инақәыршәаны анхарҭа аахәаразы аԥҟарақәа изларҳәо ала, арзаҳал алазҵаз ихьӡала иахырыԥхьаӡалахоит 500-нызқь мааҭ, иҭаацәа рахь иаҵанакуа аӡәаӡәа 100-нызқь мааҭ рзыршәон. Убри аан афинанстә цхыраара ирҭо 1 000 000 миллион мааҭ иҭагӡазар оуп.
Аминистр иазгәеиҭеит, арзаҳал алазҵоз анхарҭазы рхыԥхьаӡара даараӡа ишырацәахаз, ҳәарада, урҭ зегьы ирыхәаԥшуан, аха еиҳараӡак ацхырааразы аԥыжәара рырҭон Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра (1992-1993) аинвалидцәа, иҭахаз иҭаацәа, ҭынха дызмам, аҭаацәарацәа, зымаха- зышьаха ԥку ахәыҷы иныҟәгара зҭакԥхықәу. Убри инамаданы аҳәынҭқарратә хықәкылатәи апрограмма иацҵан «Анхарҭа-2023-2025». Ари апрограмма – хы-шықәса ирыҵанакуа иазоужьуп 180 миллион мааҭ, шықәсык аҩныҵҟа иазоужьуп 60 миллион мааҭ.
Аминистр Руслан Аџьба иҳәеит, иахьазы ауаҩы иҭахрақәа рыхә даара ишҳаракхаз, уи идыру усуп. Аха убри аан рыхәқәа ҳаракхеит анхарҭатә ҭыԥқәагьы. Арзаҳал алазҵо анхарҭатә ҭыԥқәа раахәаразы, маҷк акәзаргьы ирзацҵан. Усҟан арзаҳал алазҵоз ихьӡала 500-нызқь мааҭ ахырыԥхьаӡалозҭгьы, уажәы – 700-нызқь мааҭ. Иҭаацәа рахь иаҵанакуа 100 - нызқь мааҭ. Убри аан афинанстә цхыраара ирҭо 1 200 миллион мааҭ иҭагӡазароуп.
Ишазгәеиҭаз ала, «Анхарҭа-2022» ,«Анхарҭа-2023-2025» апрограммала анхарҭатә ҭыԥқәа роуразы арзаҳалқәа аларҵеит 367-ҩык. Урҭ рахьтә афинанстә цхыраара рыҭан 230-ҩык. Урҭ рахьтә Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра (1992-1993) аинвалидцәа –54-ҩык; зымаха-зышьаха ԥку ахәыҷы иныҟәгара зҭакԥхықәу – 98-ҩык; аҭаацәа рацәа (хә-ҩык, ма инареиҳаны) –51-ҩык; иҭахаз рҭаацәа – 4-ҩык; ҭынха дызмам 23-ҩык. Ари аҳәынҭқарратә хықәкылатәи апрограмма ахарџьқәа аагоуп Ареспубликатә биуџьет аҟынтә.
Стелла Сақаниа