Британиатәи Академиа алахәыла, Британиа Ду аҟны Аԥсны ҳаҭыр зқәу ахаҭарнак (1993 ш. раахыс), Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа ҳаҭыр зқәу алахәыла (1997), Жәларбжьаратәи Асерқестә Ассоциациа аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа ҳаҭыр зқәу алахәыла (1997) ианашьоуп Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳамҭа «Ахьӡ-Аԥша» аорден аҩбатәи аҩаӡара. 2003 ш. раахыс Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла далоуп.
Арԥарцәа Донкастертәи рграмматикатә школ далгеит. 1969-1972 шш. раан аҵара иҵон Кембриџь Аԥшьа Иоанн иколлеџь аҟны (агуманитартә классикатә ҭҵаарадыррақәа русхк аҟны Артур Генри Томас истипендиа иоуан). 1971 ш. дрыԥсахеит Ренох иуниверситет аҟны Џьон Стиуарт, иара убас Греивз Коллеџь рстипендиақәа. 1972 ш. абакалавр дахысуан. 1972-1973 шш. рзы аклассикатә ҭҵаарадыррақәа русхк аганахьала Уорр истипендиа иоуан. 1973 ш. алингвист идиплом иоуит, 1976 ш. – магистрын, 1982 ш. – аҭҵаарадыррақәа дркандидатхеит.
1975-1976 шш., насгьы 1979-1980 шш. раан Британиатәи Асовет аспирантцәа реимдара апрограммала аҵара иҵон Қарҭ (усҟантәи Қырҭтәылатәи ССР). Убасҟан ауп кавказҭҵаара даназҿлымҳахаз. Аԥсны дазхьаԥшит аԥсуа бызшәа аҭҵаара аԥшьгарала. Иҵара аныхиркәша иԥсадгьыл ахь дхынҳәит.
1978-1981 шш. рзы – Ауниверситет Хала аҟны алингвистика арҵаҩыс дыҟан, 1983 ш. инаркны – Оксфорд, Марџьори Уордроп Ифонд аусбарҭа, 1985 ш. нахыс – Revue des Etudes Georgiennes et Caucasiennes аҭыжьратә коллегиа рлахәыла. 1985-1990 шш. раан – афилологиатә еилазаара Асовет алахәыла. 1986-1990 шш. рзы – Societas Caucasologica Europaea (SCE) раԥхьатәи ахада. 1988-1992 шш. – кавказтәи абызшәақәа рбызшәадырра арҵаҩы. 1992-1996 шш. – Лондонтәи ауниверситет Мрагыларатәи Африкатәи аҭҵаарақәа Ршкол кавказтәи абызшәақәа рпрофессор. 1993 ш. раахыс – ажурнал «Central Asia Survey» аҭыжьратә коллегиа далоуп.
Кавказ ажәларқәа рҭоурыхи, ркультуреи, рбызшәақәеи ирызкны аҭҵаамҭақәа жәпакы дравторуп. Уаанӡеишш, аҭҵаарадырра инапы алакуп, илшамҭақәагьы рацәоуп.
«Зны сара снанагеит Ҳаџьы Осман қеҩ (ақыҭа), уаҟа ԥыҭҩык ыҟан аубых бызшәа здыруаз. Иара уа иҭел аномер сырҭеит еиҳа еиӷьны, шьахәла аубых бызшәала ицәажәоз. Сҭампыл дынхон зҟнытә убых бызшәала ажәабжьқәа маҷымкәа ианысҵаз Ҭофықь Есенч. Урҭ зегьы иахьагьы схатә саит аҟны иҟоуп»,– игәалаиршәоит Џьорџь Хьиуитт.
Аубыхқәеи ачерқьесқәеи дахьырԥылаз иабзоураны ачерқьеси аубыхи бызшәақәа дрызҿлымҳахеит. Аха аԥсуа бызшәа аҵара гәҭакыс имамызт. Ишыҟалазаалакгьы, 1975– 1976 шықәсқәа рзы шықәсык ҿҳәарас иаҭаны аҵара хықәкыс иманы Қарҭ днанагеит. Дахьнеиз дрыҳәеит даӷьсҭантәи Кавказтәи аҩада-мраҭашәаратәи абызшәақәеи рҵаразы ацхырааҩ дирҭарц англыз бызшәахь аиҭагаразы. Егьырҭ абызшәақәа рганахьала ацхырааҩ дрыԥшаазаргьы, англыз бызшәахь аиагарала ачерқьес бызшәа аграмматика изеиҭазҳәашаз димоуит. Убри нахыс идыргалеит аԥсуа бызшәа аҵара, дагьақәшаҳаҭхеит. Аԥсуаа рахьтә аԥхьа иибаз иреиуоуп Аза Инал-иԥеи Заира Хьибеи. Заиреи иареи аусеицура бзиа рыбжьан. Хара имгакәа 1976 ш. ииун мзазы рыԥсҭазаара еиларҵеит. Аҵара ашьҭахь Џьорџь иԥсадгьыл ахь дхынҳәит, хара имгакәа Заирагьы Англиаҟа дцеит. Убри аахыс ари атәылаҿы еицынхоит, аҭаацәара бзиа аԥырҵеит. 1976 ш. раахыс Џьорџь Аԥсныҟа даалоит, ара аҭынхацәа маҷҩымкәа имоуп, иара убас – аҩызцәа. Аԥс убрахь иналаҵаны, Кавказҭҵаара инапы алакуп, аусумҭақәа маҷымкәа инапы иҵиххьеит, хазы шәҟәқәангьы иҭыҵхьеит.
В. Ацанба