Аибашьра "аҽыҵга"
Ақырҭуа архәҭақәа ралаларазы официалтә ҽыҵганы Аҳәынҭсовет ишьақәнарҕәҕәеит Қырҭтәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роман Гвенцаӡеи звиадистцәа иааныркылаз жәаҩаҩык ашасцәа Аҧсны иҟоуп ҳәа. Қарҭтәи амчрақәа ирҳәон "аихамҩа ахьчара аҭахуп" ҳәа, аха аус аҿы ари иаанагоз Аҧсны бџьаршьҭыхла ақәылара акәын.
1992 ш. август 14 аҽны иазгәаҭан Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет аҟны аиуристтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Тарас Шамба аус здиулаз "Аҧсни Ареспублика Қырҭтәылеи реизыҟазаашьақәа рышьаҭақәа рзы Аиқәшаҳаҭра" апроект ахәаҧшра, аха уи зыҟамлеит.
Шеварднаӡе дызхагылаз Қырҭтәыла анапхгара Аҧсни дареи реизыҟазаашьақәа еибашьра мҩала рҭыҧ рықәҵара азырыӡбеит. Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет ари ахәшьара анаҭеит "Исуверену Аҧсны адгьылҵакыра ампыҵахалара" акәны. Аҧсны ампыҵахалара иалахәын ҩнызқьҩык раҟара ақырҭуа "гвардиауаа", 58 цыра акәалӡтехника , хыҧхьаӡара рацәала артиллериа (убрахь иналаҵаны ареактивтә шьақәгылақәа "Град", "Ураган"). Аҧсны ампыҵахалара аплан, "Аҳәа" ҳәа хьӡыс измаз, нап аркын ООН ахь Қырҭтәыла анрыдыркылаз аахыс ҩымчыбжьа ааҵуаны.
Ажәлар рахь ааҧхьара
Аҧсны аҟазаареи аҟамзаареи рхықә иаахықәгылеит. Бџьарла, хыҧхьаӡарала акырӡа дшеиҳазгьы, ҳажәлар хьамҵит, аҕа иҿагылеит. Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩы Владислав Григори-иҧа Арӡынба ҳажәлар рахь ааҧхьара ҟаиҵеит: "Иуадаҩӡоу абри асааҭ азы шәара шәахь схы сырхоит. Ҳадгьыл иақәлеит Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет архәҭақәа, убарҭ рхыҧхьаӡараҿы ацәгьоуцәа. Шьаҭак, ҵаҵҕәык ыҟамызт Аҧсны маҷ иахьаҵанакуа абри аҩыза агыгшәыгра аҧшьгаразы. Ҳаҩнаҿы ашьшьыҳәа, ҭынч ҳанхон-ҳанҵуан, еимакык, проблемақәак ҳамазаргьы. Ҳҽазаҳшәон урҭ ҭынч, цивилизациатә мҩала рыӡбара. Иџьоушьаша акымзарак ыҟам, Аҧсни Қырҭтәылеи реизыҟазаашьақәа абас рышьақәыргылара ахьрыдаагалаз… Абри аҭакс иаҳзаарышьҭит атанкқәа, аибашьыга ҳаирпланқәа, ахыршәгақәа, ауаҩшьрақәа, арҳәрақәа. Ари иаҳнарбоит Қырҭтәыла анапхгара рыгәҭакқәаҵәҟьа… Рсабрада ҿаасҭаҵәҟьа рҿырхит… Сара исҳәароуп, адунеи иадыруеит Аҧсны аҭагылазаашьа, ҕәҕәалаҵәҟьа иақәыӡбоит ари агыгшәыгра… Абыржәы санцәажәо аминуҭқәа рзы, иҟалап шәара шәыҩны дырҳәуазар, ауаа рцәа иҭырхуазар, ауаҩы иҧсҭазаара хьчамзар. Сеилышәкаа, даара ишысзымариам, даара ишысцәыуадаҩу, аха агәра гаҵәҟьаны сыҟоуп адгылара шҳауа…".
Арыцҳара иақәшәаз аҧсуа жәлар инарывагылеит ҳашьцәа Нхыҵ-Кавказаа, Алада Урыстәыла аказакцәа, ҳадиаспорақәа рхаҭарнакцәа. Ари ҳажәлар ргәы арҕәҕәеит.
Иҟаз – шыҟаз
Абраҟа иаагоит аҭоурыхҩцәа Аҩӡба Р.Ф., Аџьынџьал Р.Е. "1992-1993 шықәсқәа рзы Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иаазыркьаҿу ахроника" аҟнытә цыҧҵәахақәак. "1992 ш. азы Аҧсны Апарламент ақәҵара аднакылеит Аҧсны асуверенитет аиҭашьақәыргыларазы, – ирыҩуеит дара. – Иара убриала, 1918 ш. азы излагаз ақырҭуа аннеқсиа аанкылахеит, избанзар Аҧсны Аиҳабыра рхала, аӡәгьы ихьыҧшымкәа, анапхгара ҟарҵо иалагеит. Ҳәарас иаҭахузеи, урҭ еилыркаауан Қырҭтәыла ампыҵыҵра аибашьра ахылҿиаар шалшоз.
Ашьа камҭәарц азы Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет Аҧсни Қырҭтәылеи рыбжьара Аидгылатә еиқәышаҳаҭра анапаҵаҩра рыдыргалеит, уаҟа иҳәаақәҵан ареспубликақәа рзинмчқәа, еицырзеиҧшу аусбарҭақәа рылшарамч аҳәаақәа.
Аха ақырҭцәа рхы-ргәы иҭамызт аиқәышаҳаҭра анапаҵаҩра. Политикала акәымкәа, атеррористтә хықәкқәа рыла "аҧсуа зҵаара" аӡбаразы Қырҭтәыла анапхгара рылшарамчқәа зегьы рхы иадырхәеит, аҧхьа инаргыланы СССР адәныҟатәи аусқәа ҧасатәи рминистр, Аҳәынҭсовет ахантәаҩы Шеварднаӡе имаз "аҳаҭыри аимадарақәеи". Асовет Ар Аахыҵ-Кавказтәи Арратә округ акомандаҟаҵаҩ ихаҭыҧуаҩ, аинрал Суфиан Беппаев инапхгарала Аҧсны ампыҵахалара аплан аус адулан.
Уи инақәыршәаны, еихамҩала архәҭақәа аларгалар акәын. Уахык ала Аҧсны ақалақьқәеи ихадоу аҭыҧқәеи рҟны аршьаҟауаа зцу акәалӡтехника ақәырхуан. Абриала аруаа рус хада нарыгӡеит ҳәа иҧхьаӡан. Анаҩсан, террорла Қарҭтәи амчрақәа ргәы иҭан Аҧсны "аиқәкра". Убри азы ирхианы ирыман иҭадырхашаз аҧсуаа рсиа. Ҳәарас иаҭахузеи, аҧсуа жәлар рҧыза Владислав Арӡынба аҧхьа днаргыланы. Зеиҧш ҟамло егьыҟам, Аҧсны анапхгаҩы Владислав Арӡынба изырҳаз ацәҟьа дацәцар ауеит ҳәа 1992 ш. август 13 азы Бабышьратәи (Аҟәатәи), Шәачатәи (Адлертәи) аҳаиртә баҕәазақәа рҟны ақырҭуа милиционерцәа зҭаз аҳаирпланқәа ртәаны ирыман аҧсуа жәлар рхада даанкыланы Қарҭҟа дыргарц".
Апланқәа еиҧҟьеит
"Август 12 ауха Аҧсуа Гвардиа аҧшыхәратә усбарҭақәа рымчқәеи рхархәагақәеи рыла Жәыргьыҭ араион, астанциа Ингири азааигәара аихамҩақәа ҧжәан"– ҳаҧхьоит зыӡбахә ҳамоу ашәҟәаҿы. – Убри ашьҭахь, дара ргәы ишҭаз ала, мацәысеимҟьараҵас Аҧсны ампыҵахалара еиҧҟьеит, аха рыгәҭакы - аибашьра иацәхьамҵӡеит. Ирыӡбеит автомашьына мҩала ар ралагалара, иара убас Ҧуҭ ақалақь аҟны амшынтә десант аиқәыршәара (уи август 15 азы Гагра иӡхыҵит).
1992 август 14, ашьыжь асааҭ 8 рзы Егры иху ацҳа иқәсны Аҧсны иақәлеит ақырҭуа архәҭақәа. Жәҩанла урҭ рыхьчон аибашьыга вертолиотқәа МИ-24 . Амш иалагӡаны Гал араион зегьы рымпыҵархалеит, Тҟәарчалҟа ибжьгоу амҩа ркит, Очамчыра ақалақь зегьи амшын иаҧну ахәҭеи ааныркылеит. Иалагеит Очамчыра араион ашьха иаҧну ақыҭақәеи Тҟәарчал ақалақьи амацәаз рҭакра.
Аҧсны ақырҭуа ар раҧхьатәи рцәыӡқәа. Охәреи ақыҭан игылаз Аҧсуа гвардиа архәҭа ианрыжәла, дҭархан раҧхьатәи ампыҵахалаҩ, амчқәа еиҟарамызт, архәҭа хьамҵыр ада ҧсыхәа амоуит.
Асааҭ 12 рзы 27-ҩык рыла ишьақәгылаз Тҟәарчал ақалақь арезервистцәа аидарашьҭыхга машьына дуқәа рыла Тҟәарчалҟа амҩабжьаларҭа ркит, хҩык ақырҭуа ҧшыхәҩцәа рытҟәеит, ақырҭуа танк ааха арҭеит. Аҧсуа резервистцәагьы раҧхьатәи ацәыӡ роуит – дҭахеит Тҟәарчал ииз-иааӡаз Валери Нарсиа. Ахәылҧаз, аҧшыхәра анымҩаҧыргоз, ироуз ахәра ҕәҕәақәа ирыхҟьаны, рыҧсҭазаара иалҵит аҧшыхәцәа ргәыҧ анапхгаҩы Резо Гогиеи Валери Кәыҵниеи". Абас иҟан раҧхьатәи амш.
Ақырҭқәа рыри ртехникеи Аҟәаҟа амҩа иқәын, ҭыҧқәак рҿы ҿагыларақәак роузаргьы. Аҟәа, Ацҳа Ҟаҧшь аҟны урҭ раанкылара, аҧсҭбарақәа, ақырҭцәа ртанк анапахьы аагара, даҽа ҩ-танкк рыбылра, нас ар реидыгаразы аицәажәарақәа, урҭ еилаганы Аҟәа ралалара, ҳар Гәымсҭа ахықәахь риасра, ахырҕәҕәарҭақәа рыҟаҵара, гәыҧ-гәыҧла еибашьуаз хык рыҭаны ар реиҿкаара…
Аҕа дахьзымнаӡаз "адгьыл ду" – Гәдоуҭаҟа Аҧсны анапхгара риасра, уахь Аҧсны ахы-аҵыхәа аҟнытә ахҵәацәа рнеира, рныҟәгара, аибашьра аусқәа реиҿкаара – абарҭқәа зегьы мҩақәиҵон напхгара риҭон Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩы Владислав Арӡынба. Уи аамҭа шаҟа ицәгьаз иахьа ахаҿы аагара уадаҩуп.
Аҟәа ҭарцәны – Егры аҳәаахь
Аҧсадгьыл ахақәиҭтәразы ажәыларақәа шцац ицон. 1993 ш. сентиабр 16 азы ҽынла иалагеит Аҟәа ахырхарҭала ажәылара - абас иҩуан аҭоурыхҩҩы Валико Ҧачлиа ишәҟәы "Ақырҭуа-аҧсуа еибашьра" аҟны. Аҧсны аҳҭны-қалақь ахақәиҭтәра 11 мшы ицон. Ахҭысқәа абас иҿион: актәи амотохысратә бригада (акомандир В.Смыр, аштаб аиҳабы З.Нанба) ҩ-хырхарҭак рыла ижәылон, ладеи-ҩадеи Гәымсҭатәи ацҳақәа рыла. Гәымсҭа аҩадатәи ацҳа аҭарцәра дҵас иаман амотохысратә баталионқәа иреиҕьыз – 1-тәи абригада 1-тәи абаталион, ажәлар рҿы Афон-Ешыратәи абаталион ҳәа изышьҭаз (акомандир Ф.Ҭарба, аштаб аиҳабы – Г.Қьецба). Ари абаталион иашьҭаланы инеиуан Баграмиан ихьӡ зхыз аерман баталион (акомандир В.Косиан).
Мрагыларатәи афронт аҿы ажәыларақәа ирылагеит сентиабр 16 ауха, аполковник М.Қьышьмариа инапхгарала. Ашьыжь Мрагыларатәи афронт аполкқәа рыхҧагьы (акомандирцәа: амаиор Владимир Ануа, Заур Ҳаџьымба, Маврик Амқәаб) еицдәықәлеит.
Аҧсҭбарақәа зцым еибашьра ҟамлаӡац. Сентиабр 27 рзы Аҟәа, Аиҳабыра рыҩны иахашәыршәырит Аиааира Абираҟ. Ари гәырҕьара дуӡӡан. Мраҭашәаратәи Мрагыларатәи афронтқәа еиҧылеит Кәыдры ацҳаҿы. Шьҭа ҳар рымҩа хан Егры аҳәаахь. Сентиабр 30 рзы Аҧсны ахы-аҵыхәа ҭарцәны, Егры аҳәааҿы иарсын зхы иақәиҭыртәыз Ҳаҧсадгьыл абираҟ.
Акьыҧхь иазирхиеит Борис ҚАЏЬИА