Аиқәшаҳаҭра аус адулан, анапы аҵаҩын 2024 шықәса маи 7 азы Аҟәа, «азакәанԥҵарақәа реишьаршәаларазы» Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсни ирзеиԥшу асоциалтә, аекономикатә қәыԥшылара ашьақәыргылара апрограмма инақәыршәаны.
«Аиқәшаҳаҭра хықәкыс иамоуп еиқәышаҳаҭхауа аҳәынҭқаррақәа (Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи) рахьтә иарбанзаалак аиуристтә хаҿқәеи ауааԥсыреи дара рҳәынҭқарреи аҳәынҭқарра-партниори рҟны ахашәала ахкык азы ашәахтәқәа ҩынтә дмыршәара. Абри азҵаара аҭыԥ ақәҵара наҟ-ааҟ аинвестициақәа радыԥхьалара иацхраауеит, иагьалнаршоит аиуристтә хаҿқәеи ауааԥсыреи ҩынтәны ашәахтә дмыршәаразы аҭагылазаашьақәа раԥҵара», –иазгәаҭоуп уи иацу аматериалқәа рҟны.
Аиқәшаҳаҭрала ишьақәыргылахоит адивиденқәа раҳасабала ахашәалақәа рганахьала аҳәынҭқарра-ахыҵхырҭа аҟнытә ашәахтә еиԥшу ашәага-загақәа 10 процент, аилыркаарақәа ҟарҵахьан уаанӡа Урыстәылатәи Афедерациа афинансқәа Рминистрраҿы. Процентла ахашәалақәа рзы ашәахтә ашәага-зага 0 процент ыҟоуп. Ари иалнаршоит аҳәынҭқарра-ахыҵхырҭа аҟны ашәахтәқәа аԥараԥсахра аганахьала иршәауа апроцентқәа рамырбара. Ус анакәха, абас еиԥш иҟоу апроцентқәа рзы ашәахтәқәа ршәоит аԥара дзырԥсахыз аҳәынҭқарра абиуџьет ахь.
Абри инаваргыланы, аиқәшаҳаҭра иазыԥхьагәанаҭоит аргылара ахьымҩаԥысуа атәылаҿы ахашәалазы ашәахтә ашәара аҟнытә аргылаҩцәа рхы рақәиҭтәра 18 мзы. Убри аҩнуҵҟала егьи аҳәынҭқарра аҟны ҳәынҭқаррак аилахәыра аусура икылнагаӡом еснагьтәи ахаҭарнакра аиҿкаарахь.
Аиқәшаҳаҭра иазыԥхьагәанаҭаӡом иарбанзаалак административтә ԥкрақәа ралагалара, анападкыларатә уҳәа иҟоу ахыхь анапынҵақәа рыҭара.